Ахыԥхьаӡарақәа
14 Ажәлар аҵәыуара иалагеит. Ауаа аухантәарак еибарҳәҳәо аҵәыуара иаҿын. 2 Израильаа зегьы Моисеии Ааро́ни рахь агәынамӡара аадырԥшуа иалагеит. Дара ус рҳәон: «Египет ҳаԥсыр еиҳа еиӷьын, ма ара, ацәҳәыраҿы! 3 Иегова аҳәала ҳахьыршьуа адгьыл ахь ҳзигои? Ҳаҳәсеи ҳхәыҷқәеи тҟәаны иргарцу? Египетҟа ҳхынҳәыр еиҳа еиӷьӡами?» 4 Дара абасгьы еибырҳәо иалагеит: «Шәааи, аԥхьагылаҩ далхны, Египетҟа ҳхынҳәып!»
5 Моисеии Ааро́ни ари анраҳа, ажәлар зегь ишырбоз ишьамхышгылеит. 6 Адгьыл гәазҭоз аԥшыхәцәа рыбжьара иҟаз Иисус Нави́ни Иефо́нниа иԥа Хале́ви рымаҭәа рышәхаԥыржәан, 7 израильаа зегь абас рарҳәеит: «Иаҳбаз адгьыл даараӡа ибзиоуп. 8 Иегова даҳзыразызар, иара, хымԥада, меигӡарахда ахши ацхеи ахьыҟоу уи адгьыл ахь ҳнеигоит, иагьҳаиҭоит. 9 Амала, Иегова шәиҿамгылан, уа инхо ауаагьы шәырцәымшәан. Ҳара урҭ ҳариааиуеит, избанзар урҭ зыхьчо дрымаӡам, ҳара ҳакәзар, Иегова дҳацуп. Шәырцәымшәан урҭ».
10 Аха израильаа урҭ ахаҳә иарганы иршьыр рҭахын. Убасҟан Иегова аиқәшәара ақьала аханы ажәлар зегь ихьӡ-иԥша дирбеит.
11 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Шаҟаамҭа сатәарымбалозеи арҭ ауаа, шаҟаамҭа сыгәра рымгалозеи, рыла ишабоз абриаҟара аџьашьахәқәа шыҟасҵазгьы? 12 Сара урҭ ачымазара ҿкы дсырхьуеит, иагьықәызгоит, уара уакәзар, дара раасҭа еиҳау, иагьыӷәӷәоу ажәлар ухылҵыртә еиԥш иҟасҵоит».
13 Аха Моисеи Иегова ус иеиҳәеит: «Усҟан умчала ари ажәлар змухыз египтаа иҟалаз раҳауеит, 14 ари адгьыл иқәынхогьы ирзеиҭарҳәоит. Даргьы ираҳахьеит уара, Иегова, ари ажәлар рыбжьара ушыҟоу, лабҿабагьы ушрызцәырҵуа. Уара, Иегова уоуп, ушьаҟа ари ажәлар ирхагылоуп, уара ҽынла аԥҭа шьаҟала раԥхьа угыланы уцоит, уахынла — амца шьаҟала. 15 Ари ажәлар зегь зныкала иқәухыр, ухьӡ-уԥша аӡбахә заҳахьоу ажәларқәа ус рҳәоит: 16 „Иегова ари ажәлар дықәны изықәиргәыӷыз адгьыл ахь изнамгаӡеит, убри аҟынтә ацәҳәыраҿы инирҵәеит“. 17 Суҳәоит, Иегова, ҳшақәургәыӷхьаз еиԥш умч ду ҳарба. Уара абас умҳәахьази: 18 „Иегова ачҳара илоуп, гәыбылрала иҭәу абзиабарала дҭәуп, иара ауаа рыгәнаҳаи рыцәгьоуреи ранаижьуеит, аха ахара зду ахьмырхәӡакәа иаанижьӡом. Абацәа рыгәнаҳазы аԥацәа ахԥатәии аԥшьбатәии абиԥарақәа рҟынӡа иахьирхәуеит“. 19 Ари ажәлар рахь иумоу гәыбылрала иҭәу убзиабара даараӡа иӷәӷәоуп. Убри аҟынтә, суҳәоит, иранажь рыгәнаҳа, Египет ианыҟаз аахыс иахьа уажәраанӡа ишранаужьуаз еиԥш».
20 Усҟан Иегова иҳәеит: «Уара уаҳаҭыр азы иранасыжьуеит. 21 Аха сара исымаҿоуп, адгьыл зегьы Иегова ихьӡ-иԥшала иҭәуеит. 22 Сыхьӡ-сыԥша збаз, иара убас Египети ацәҳәыраҿи иҟасҵаз аџьашьахәқәа збаз, аха уеизгьы жәантә сԥызшәоз, иагьысзымӡырҩуаз зегьы, 23 сықәны рабацәа зықәсыргәыӷыз адгьыл ахаангьы ирбаӡом. Сатәазымбаз рҟынтә аӡәымзар-аӡәгьы уи ибаӡом. 24 Смаҵзуҩы Хале́в иакәзар, дахьыҟаз уи адгьыл ахь дназгоит, ихылҵуагьы уи ртәхоит, избанзар иара даҽакала дыҟан, гәык-ԥсыкалагьы дысзыӡырҩуан. 25 Арха амали́кааи ханаа́нааи нхоит, убри аҟынтә уаҵәы шәгьежьны, Амшын ҟаԥшь ахь узго амҩала ацәҳәырахь шәца».
26 Анаҩс Иегова Моисеии Ааро́ни ус реиҳәеит: 27 «Ианбанӡасҿагылало ари ажәлар цәгьа? Сара исаҳаит дара шысзашшуа. 28 Урҭ абас сызраҳә: „Абас иҳәоит Иегова: ‚Сара исымаҿоуп, ишәҳәоз ауп ишәзызуа. 29 Шәыԥсыбаҩқәа ари ацәҳәыраҿы иаанхоит. Ашәҟәы ианҵаз, 20 шықәса инаркны изхыҵуа зегьы, исзашшуаз зегьы, рыԥсыбаҩқәа ара иаанхоит. 30 Иефо́нниа иԥа Хале́ви Иисус Нави́ни рыда шәзықәсыргәыӷыз адгьыл ахь шәара шәҟынтә аӡәымзар-аӡәгьы днеиӡом.
31 Ҳаӷацәа итҟәаны иргоит ҳәа ззышәҳәаз шәхәыҷқәа сара уахь иназгоит, дара мап зцәышәкыз уи адгьыл рбоит. 32 Шәара шәакәзар, шәыԥсыбаҩқәа ари ацәҳәыраҿы иаанхоит. 33 Шәԥацәа 40 шықәса ацәҳәыраҿы арахә-ашәахә ирыцзаауеит. Шәара шәҟынтә иаанхо ацәҳәыраҿы дыԥсаанӡа, дара сахьышәыԥсахыз азы аҭак ҟарҵалоит. 34 Шәара адгьыл 40 мшы игәашәҭон, урҭ амшқәа инарықәыршәангьы 40 шықәса шәыгәнаҳақәа рзы аҭак ҟашәҵалоит — мышказы шықәсык — сҿагылара иаанаго еилышәкаарц азы.
35 Ари зҳәаз сара, Иегова, соуп. Абас ауп сышрызныҟәо ари ажәлар цәгьа, абас ауп сышрызныҟәо исҿагылаз ауаа: урҭ рыԥсҭазаара ацәҳәыраҿы иҿахҵәоит, абра иԥсуеит дара. 36 Моисеи адгьыл иахәаԥшырц азы иишьҭыз, ихынҳәны уи адгьыл иҽеимкәа иахцәажәоз, зымшалагьы ажәлар зегь Моисеи иҿагылаз, 37 уи адгьыл иҽеимкәа иахцәажәоз зегьы, рықәнага иақәшәоит, Иегова иҿаԥхьагьы иԥсуеит. 38 Адгьыл ахәаԥшра иҟаз рҟынтә зыԥсы ҭаны иаанхо Иисус Нави́ни Иефо́нниа иԥа Хале́ви заҵәык роуп‘“».
39 Моисеи арҭ ажәақәа израильаа ианреиҳәа, даараӡа ргәы каҳаит. 40 Ауаа ашьыжь шаанӡа игылан, ашьха ихаларц рыӡбеит. Дара ус рҳәеит: «Ҳара агәнаҳа ҟаҳҵеит, аха уажәшьҭа Иегова зыӡбахә иҳәоз аҭыԥ ахь ацара ҳазхиоуп». 41 Аха Моисеи урҭ ус реиҳәеит: «Иегова иажәа шәзахыԥои? Баша шәцоит, акгьы шәзалҵӡом. 42 Шәымцан, избанзар Иегова дшәыцӡам. Шәаӷацәа шәԥыххааса шәықәырҵоит. 43 Уа амали́кааи ханаа́нааи шәԥылоит, аҳәалагьы шәыршьуеит. Шәара Иегова шәизымӡырҩӡеит азы, Иегова уаҳа дшәыцӡам».
44 Аха дара уеизгьы рхы иақәгәыӷны ашьхаҟа идәықәлеит. (Моисеии Иегова иеиқәшаҳаҭра аковчеги алагер аҿы иҟан.) 45 Убасҟан уа инхоз амали́кааи ханаа́нааи лбаан, израильаа ԥыххааса иқәырҵеит, Хо́рманӡагьы ирышьҭан.