Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ахыԥхьаӡарақәа 13
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ахыԥхьаӡарақәа. Ахҳәаа

      • 12-ҩык аԥшыхәцәа Ханаанҟа ирышьҭуеит (1—24)

      • 10-ҩык аԥшыхәцәа Ханаан иҽеимкәа иахцәажәоит (25—33)

Ахыԥхьаӡарақәа 13:8

Албаагақәа

  • *

    Ма «Нави́н».

Ахыԥхьаӡарақәа 13:16

Албаагақәа

  • *

    Ма «Иешу́а». Иаанагоит «Иегова — Аиқәырхаҩ».

Ахыԥхьаӡарақәа 13:21

Албаагақәа

  • *

    Ма «Ха́мат аҭаларҭа».

Ахыԥхьаӡарақәа 13:24

Албаагақәа

  • *

    Иаанагоит «ажьымжәа».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
  • 33
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ахыԥхьаӡарақәа 13:1–33

Ахыԥхьаӡарақәа

13 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Израильаа ирысҭо адгьыл Ханаа́н иахәаԥшырц аԥшыхәцәа шьҭы. Абиԥарақәа зегь рҟынтә аиҳабацәа аӡәаӡәа алхны ишәышьҭы».

3 Моисеи Иегова ишиҳәаз еиԥш урҭ ацәҳәыра Пара́н аҟынтә ишьҭит. Дара израильтәи ажәлар аиҳабацәа ракәын. 4 Абар урҭ рыхьӡқәа: Руви́м иабиԥараҟынтә Закку́р иԥа Шамму́а, 5 Симеон иабиԥараҟынтә Хо́ри иԥа Шафа́т, 6 Иуда иабиԥараҟынтә Иефо́нниа иԥа Хале́в, 7 Иссаха́р иабиԥараҟынтә Иосиф иԥа Ига́л, 8 Ефрем иабиԥараҟынтә Нон* иԥа О́сиа, 9 Вениами́н иабиԥараҟынтә Ра́фу иԥа Па́лти, 10 Завуло́н иабиԥараҟынтә Со́ди иԥа Гаддии́л, 11 Иосиф иабиԥараҟынтә (Мана́ссиа иабиԥараҟынтә) Су́си иԥа Га́дди, 12 Дан иабиԥараҟынтә Гема́лли иԥа Аммие́л, 13 Аси́р иабиԥараҟынтә Михаил иԥа Сету́р, 14 Неффали́м иабиԥараҟынтә Во́фси иԥа На́хби, 15 Гад иабиԥараҟынтә Ма́хи иԥа Геуи́л. 16 Ари Моисеи иишьҭыз аԥшыхәцәа рыхьӡқәа роуп. Моисеи Нон иԥа О́сиа Иисус* ихьӡиҵеит.

17 Урҭ ханаантәи адгьыл ахь иандәықәиҵоз, Моисеи ус реиҳәеит: «Зны Неге́вҟа шәца, нас ашьха шәхал. 18 Шәахәаԥш уи закәытә дгьылу, насгьы зеиԥш уаау уа инхо: иӷәӷәоу иԥсыҽу, имаҷу ирацәоу, 19 рыдгьыл бзиоу-ибзиаму, рықалақьқәа ҭӡамцла ихьчоу-ихьчаму. 20 Иара убас еилышәкаа адгьыл чашәу-ичашәму, насгьы аҵлақәа ыҟоу-иҟаму. Уи адгьыл аҟынтә ашәыргьы аажәга. Шәымшәан, шәыӷәӷәаз!» (Уи раԥхьатәи ажь аныҟалоз иаамҭан.)

21 Аԥшыхәцәа цан, ацәҳәыра Цин инаркны Лево́-Ха́мат* азааигәара иҟаз Рехо́в аҟынӡа адгьыл гәарҭеит. 22 Урҭ Неге́в иалсны, анаки́мцәа — Ахима́ни, Шеша́ии, Талма́ии — ахьынхоз Хевро́н инеит. (Хевро́н Египет Цоа́н дыргылаанӡа бжьышықәса раԥхьа идыргылахьан.) 23 Дара арха Ешко́л инеин, ажьымжәа амахә шамаз ихырҵәеит. Уи убриаҟара идуун, ҩыџьа ахацәа алаба аҵхны агара рықәшәеит. Иара убас дара иааргеит амыҵмыџьи алаҳаи. 24 Уи аҭыԥ арха Ешко́л* ахьӡырҵеит, избанзар уа израильаа ажьымжәа ҿырхит.

25 Дара адгьыл гәаҭаны 40 мшы рышьҭахь ихынҳәит. 26 Урҭ хынҳәны Пара́н ацәҳәыраҿы иҟаз Каде́шҟа ианааи, ирбаз зегьы Моисеии, Ааро́ни, израильааи ирзеиҭарҳәеит, иара убас уи адгьыл аҟынтә иааргаз ашәыр ддырбеит. 27 Дара Моисеи ус иарҳәеит: «Ҳара ҳахьушьҭыз адгьыл аҿы ҳаҟан. Уа ииашаҵәҟьаны ахши ацхеи меигӡарахда иҟоуп, абар уи адгьыл аҿы иҿаҳхыз ашәыргьы. 28 Аха уа ауаа ӷәӷәақәа нхоит. Рықалақьқәа даараӡа идууп, иагьыхьчоуп. Уи адагьы, ҳара уа анаки́мцәа ҳбеит. 29 Неге́в амали́каа нхоит, ашьхақәа рҿы — хе́ттааи, иеву́сааи, аморе́иааи, амшын аҿықәан, иара убас Иордан иаваршәны ханаа́наа нхоит».

30 Хале́в Моисеи икәшаны игылаз ауаа еиқәикырц далагеит, абасгьы реиҳәеит: «Шәааи абыржәыҵәҟьа ҳцаны уи адгьыл ҳгап. Ҳара уа инхо хымԥада ҳариааиуеит!» 31 Аха уахь ицыз ус рҳәеит: «Ҳара урҭ ҳазрабашьӡом, избанзар урҭ ҳара ҳаасҭа иӷәӷәоуп». 32 Дара ирбаз адгьыл иҽеимкәа иахцәажәон, абасгьы рҳәон: «Иаҳбаз адгьыл уа иқәынхо ауаа ахәланагалоит, насгьы уа инхо ауаа дуӡӡақәоуп. 33 Ҳара уа анефили́мцәа ҳбеит, Ана́к иԥацәа, анефили́мцәа рышьҭра иатәу ауаа. Урҭ ҳахьрыхәаԥшуаз арҵуқәа реиԥш ҳхы ҳбон, даргьы убас акәын ишҳахәаԥшуаз».

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра