Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ахыԥхьаӡарақәа 12
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ахыԥхьаӡарақәа. Ахҳәаа

      • Мариами Аарони Моисеи иқәыӡбоит (1—3)

        • Моисеи зегь раасҭа иҟәымшәышәыз уаҩын (3)

      • Иегова Моисеи дидгылоит (4—8)

      • Мариам ацәеилаабара лыхьуеит (9—16)

Ахыԥхьаӡарақәа 12:3

Албаагақәа

  • *

    Ма «ахынраалара злаз; зҳәатәы иазмыргоз».

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    2/2019, ад. 8

Ахыԥхьаӡарақәа 12:7

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Сыҩны зегь аҿы уиқәгәыӷыртә дыҟоуп».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ахыԥхьаӡарақәа 12:1–16

Ахыԥхьаӡарақәа

12 Мариа́ми Ааро́ни Моисеи иқәыӡбо, иакәым изырҳәо иалагеит, Куш инхоз ԥҳәысс дахьигаз азы. 2 Дара ус рҳәон: «Моисеи ила заҵәык аума Иегова дышцәажәо? Ҳара ҳалагьы дымцәажәаӡои?» Иегова уи зегь иаҳауан. 3 Моисеи адгьыл иқәынхоз зегь раасҭа иҟәымшәышәыз* уаҩын.

4 Иегова иаалырҟьаны Моисеии, Ааро́ни, Мариа́ми ус реиҳәеит: «Шәыхҩык аиқәшәара ақьалахь шәца». Даргьы уахь ицеит. 5 Иегова аԥҭа шьаҟа далаланы дылбаан, ақьала аҩналарҭаҿы дгылеит, нас Ааро́ни Мариа́ми дрыԥхьеит. Даргьы уахь инаскьеит. 6 Иара ус реиҳәеит: «Шәысзыӡырҩы. Шәыбжьара Иегова иԥааимбар дыҟазҭгьы, сара уи абарақәа рҿы сизцәырҵлон, ԥхыӡлагьы сиацәажәалон. 7 Аха смаҵзуҩы Моисеи даҽакала сизыҟоуп. Сыҩны зегьы иара инапы иануп*. 8 Сара уи лабҿаба сиацәажәоит, маанала акәымкәа, иаартны сиацәажәоит. Сара, Иегова, уи иҿаԥхьа сцәырҵуеит. Шәышԥацәымшәеи, нас, смаҵзуҩы Моисеи иҟоу зегь изҳәара?»

9 Иегова урҭ игәы рзыԥжәан, наҟ дцеит. 10 Аԥҭа ақьала ишаадҵыз еиԥш, Мариа́м ацәеилабаара лыхьит, асеиԥш дышкәакәаӡагьы дҟалеит. Ааро́н Мариа́м лахь дхьаҳәны данԥшы, ацәеилаабара шлыхьыз ибеит. 11 Иара иаразнак Моисеи абас диҳәо далагеит: «Суҳәоит, ухаҵкы, ари агәнаҳазы ахара ҳадумҵан. Ҳара агаӡара ҟаҳҵеит. 12 Суҳәоит, зан лымгәарҭаҿы иԥсхьоу, зыбжакгьы баахьоу асаби диеиԥшны даанхар умун!» 13 Усҟан Моисеи дӷьаҵәыӷьаҵәуа Иегова иҳәара далагеит: «Суҳәоит, Сынцәа, дхәышәтәы! Суҳәоит!»

14 Иегова Моисеи ус иеиҳәит: «Лаб дылҿажьцәазҭгьы, бжьымш ахьымӡӷ дшаҵоу даанымхаӡози? Алагер далҵааит, бжьымшгьы уахь дыҟазааит, нас дхынҳәыр лылшоит». 15 Мариа́м бжьымш алагер анҭыҵ дыҟан, дхынҳәаанӡагьы ажәлар амҩа иқәымлаӡеит. 16 Уи ашьҭахь израильаа Хацеро́тынтәи иқәҵны ицеит. Дара рлагер Пара́н ацәҳәыраҿы идыргылеит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра