Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ахыԥхьаӡарақәа 11
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ахыԥхьаӡарақәа. Ахҳәаа

      • Анцәа агәынамӡара аазырԥшуаз амца рыжәиҵеит (1—3)

      • Ажәлар акәац иаҳәоит (4—9)

      • Моисеи иҟаиҵара изымдыруа дықәхеит (10—15)

      • Иегова 70-ҩык аиҳабацәа идоуҳа риҭоит (16—25)

      • Елдади Медади; Иисус Навин Моисеи изы игәы ҭынчӡам (26—30)

      • Ачақәа; ауаа рыԥсыцәгьаразы иахьырхәын (31—35)

Ахыԥхьаӡарақәа 11:3

Албаагақәа

  • *

    Иаанагоит «амцакра; амцабз».

Ахыԥхьаӡарақәа 11:5

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    11/2020, ад. 25

Ахыԥхьаӡарақәа 11:7

Албаагақәа

  • *

    Ма «акәландыр».

  • *

    Ма «асмола».

Ахыԥхьаӡарақәа 11:18

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «шәҽышәыԥшьа».

Ахыԥхьаӡарақәа 11:21

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «шьапыла ицоз ахацәа», даҽакала иуҳәозар, аибашьра зылшоз ахацәа.

Ахыԥхьаӡарақәа 11:23

Албаагақәа

  • *

    Ма «кьаҿума».

Ахыԥхьаӡарақәа 11:25

Албаагақәа

  • *

    Ма «аԥааимбарцәа реиԥш рхы амҩаԥгара».

Ахыԥхьаӡарақәа 11:28

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    1/2017, ад. 29

Ахыԥхьаӡарақәа 11:29

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «усхыбаауама».

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    1/2017, ад. 29

Ахыԥхьаӡарақәа 11:31

Албаагақәа

  • *

    90-ҟа см. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ахыԥхьаӡарақәа 11:32

Албаагақәа

  • *

    Хоме́рк 220 л иҟан.

Ахыԥхьаӡарақәа 11:34

Албаагақәа

  • *

    Иаанагоит «агәаҳәарақәа рнышәынҭра».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
  • 33
  • 34
  • 35
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ахыԥхьаӡарақәа 11:1–35

Ахыԥхьаӡарақәа

11 Ажәлар Иегова иҿаԥхьа агәынамӡара аарԥшра иалагеит. Иегова уи аниаҳа, игәы ԥжәеит, убри аҟынтә Иегова амца лаишьҭын, алагер аҿацә аҿы иҟаз ауаа аԥсра иалагеит. 2 Ауаа ӷьаҵәы-ӷьаҵәуа ацхырааразы Моисеи иҳәо ианалага, иара Иегова диҳәеит, амцагьы ыцәеит. 3 Уи аҭыԥ Таве́ра* ахьӡырҵеит, избанзар уа Иегова амца рыжәиҵеит.

4 Израильаа ирыцыз егьырҭ ажәларқәа рҟынтә ауаа рыԥсы дырцәгьан, даҽа фатәык ҳҭахуп ҳәа иаақәгылеит. Усҟан израильаагьы ҵәыуо, абас аҳәара иалагеит: «Уажәшьҭа акәац ҳҿазҵода? 5 Шаҟа игәхьааҳгои Египет амалаҳәа иаҳфоз аԥсыӡи, анашеи, акарпыжәи, апрасеи, аџьымшьи, аџыши! 6 Ҳара ара зынӡа ҳамчқәа ҳалӡааит, ари аманна ада акгьы ҳбом».

7 Аманна ахәысхәа* ажәла иеиԥшын, зыфҩы хааз аҷаб* аԥшрагьы аман. 8 Ажәлар цаны уи рыҟәшәон, нас напыла ирлагон, ма ирҟәаҟәон. Уи ачуанқәа рҿы иржәуан, ма амгьалқәа рӡуан. Аманна агьама амаслинахәша змоу амгьал хаа иеиԥшын. 9 Уахынла алагер аҿы аӡаӡа анлеиуаз, аманнагьы цәырҵуан.

10 Моисеи иаҳаит ажәлар зегь шҵәыуоз. Имҵәыуоз ҭаацәаракгьы ыҟамызт, дасу иқьала аҩналарҭаҿы дҵәыуон. Уи Иегова ӷәӷәала игәы ԥнажәеит, Моисеигьы уи игәамԥхаӡеит. 11 Иара Иегова ус иеиҳәеит: «Умаҵуҩы абас дызургәаҟуеи? Цәгьарас иҟасҵеи уара уҿаԥхьа, абри ажәлар еидараны сҟәаҟәа иқәуҵартә еиԥш? 12 Сара соума урҭ ран? Сара соума урҭ зыхшаз, ахәыҷы дызбо аԥҳәыс ахәыҷы лгәы дықәҵаны дышныҟәылго еиԥш иныҟәгала ҳәа соуҳәартә еиԥш, рабацәа уқәны изықәургәыӷыз адгьыл ахь иназгарц азы? 13 Иабаазго арҭ зегьы ирызхаша акәац? Дара саԥхьа итәаны „акәац ҳҿаҵа“ ҳәа иҵәыуоит. 14 Арҭ зегьы рныҟәгара схала сымч ақәхаӡом, уи сара сзы еидара хьанҭоуп. 15 Анаҩсгьы абас усызныҟәалозар, абыржәыҵәҟьа сшьы, усзыразызар, суҳәоит, уаҳа сумыргәаҟлан».

16 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Иалх израильаа реиҳабацәа рҟынтә аиҳаб бзиа ҳәа, анапхгаҩ бзиа ҳәа иудыруа 70-ҩык ахацәа. Нас аиқәшәара ақьалахь инаганы иргыл. Дареи уареи уа шәгыл. 17 Сара сылбааны суацәажәоит, насгьы иумоу сдоуҳа ахәҭак дара ирысҭоит, даргьы еидарак еиԥш узҵоу ажәлар ргара иуцхраалоит, ухала иумгаларц азы. 18 Ажәларгьы ус раҳә: „Уаҵәтәи амш шәҽазыҟашәҵа*, избанзар уаҵәы акәац шәфалоит. Шәара Иегова иҿаԥхьа шәҵәыуо, ‚Акәац ҳҿазҵода? Египет ҳаныҟаз еиҳа иаҳзеиӷьын!‘ ҳәа шәымҳәози? Иегова акәац шәиҭоит, 19 шәаргьы уи шәфалоит. Шәара уи мышкы акәым, ҩымш ракәым, хәымш ракәым, жәамш ракәым, ҩажәамшгьы ракәым, 20 мыз дуӡӡак ишәфалоит, шәԥынҵаҟынтә икылсаанӡа, иагьшәцәымыӷхаанӡа. Избанзар шәара шәыбжьара иҟоу Иегова мап ицәышәкит, насгьы ‚Египет ҳзалҵи‘ ҳәа иҿаԥхьа шәҵәыуон“».

21 Усҟан Моисеи ус иҳәеит: «Ари ажәлар аҿы 600 000-ҩык ахацәа* ыҟоуп. Уара „сара урҭ акәац рысҭоит, мыз дуӡӡакгьы ирфалоит“ ҳәа уҳәоит! 22 Арахә зегь ҳшьыргьы, урҭ рызхара ҟалару? Амшын иҭоу аԥсыӡ зегь ҳкыргьы ирызхару?»

23 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Иегова инапы акгьы алымшо иҟоума*? Уажәшьҭа исҳәо ҟалоу-иҟамлоу убап».

24 Уи ашьҭахь Моисеи ажәлар рахь дцәырҵын, Иегова ииҳәаз зегь рзеиҭеиҳәеит. Иара 70-ҩык аиҳабацәа еизиган, ақьала иакәыршаны иргылеит. 25 Анаҩс Иегова аԥҭа далаланы дылбаан, Моисеи иацәажәара далагеит. Иара Моисеи имаз адоуҳа ахәҭак иган, 70-ҩык аиҳабацәа ириҭеит. Адоуҳа анроу, дара аамҭак аҩныҵҟа аԥааимбарра* иалагеит, нас иаҟәыҵит.

26 Урҭ рҟынтә ҩыџьа ахацәа алагер аҿы иаангылеит. Аӡәы Елда́д ихьӡын, егьи — Меда́д. Дара ақьалахь имааиӡеит, аха уеизгьы адоуҳа роуит, избанзар рыхьӡ асиа ианын. Убри аҟынтә дара алагер аҿы аԥааимбарра иалагеит. 27 Ҷкәынак дыҩны дааин, Моисеи ус иеиҳәеит: «Елда́ди Меда́ди алагер аҿы иԥааимбаруеит!» 28 Усҟан зқәыԥшра шықәсқәа раахыс Моисеи имаҵ зуаз Иисус Нави́н ус иҳәеит: «Моисеи, ухаҵкы, шәаангыл ҳәа раҳә!» 29 Аха Моисеи уи ус иеиҳәеит: «Сара сзы ушәома*? Умшәан. Сара исҭаху Иегова идоуҳа Иегова ижәлар зегь ириҭарц, насгьы зегь ԥааимбарцәазарц ауп». 30 Ԥыҭрак ашьҭахь Моисеи Израиль аиҳабацәеи иареи алагер ахь ихынҳәит.

31 Иегова аԥша аирсын, амшын аҟынтә а́чақәа аанагеит. Аԥша ачақәа алагер иаакәыршаны иқәнаԥсеит. Урҭ адгьыл умбо ҩ-мышьхәылҵк* рҟынӡа еиқәыжьын. Ачақәа ахьықәжьыз аҭыԥ уахысырц азы алагер аганқәа зегь рҟынтә мышкы амҩа уқәзар акәын. 32 Ауаа ачақәа уи аҽнынтәарак, аухантәарак, адырҩаҽынгьы, шьыжьы инаркны хәлаанӡа, еизыргон. Дасу 10 хоме́рк* иреиҵамкәа еизигеит. Дара еизыргаз ачақәа аарган алагер зегь дырҭәит. 33 Ауаа акәац албаадара иахьӡаанӡа, Иегова игәы рзыԥжәеит, убри аҟынтә Иегова изго ачымазара дырхьны, рнырҵәара далагеит.

34 Уи аҭыԥ Кибро́т-Хаттаа́ва* ахьӡырҵеит, избанзар уа згәаҳәарақәа зыҽрызҭаз ауаа анышә иарҭеит. 35 Ажәлар Кибро́т-Хаттаа́вантәи идәықәлан, Хацеро́тҟа амҩа иқәлеит, уа иагьаангылеит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра