Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Малахиа 3
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Малахиа. Ахҳәаа

      • Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ аныҳәарҭа ирыцқьарц даауеит (1—5)

        • Аиқәшаҳаҭра ацҳаражәҳәаҩ (1)

      • Иегова ижәлар иара иахь ихынҳәырц реиҳәоит (6—12)

        • Иегова иҽиԥсахӡом (6)

        • «Шәхынҳәы сара сахь, саргьы шәара шәахь схынҳәуеит» (7)

        • Ажәабатәи ахәҭақәа рҟынтә ак аанмыжькәа зегь нажәг, Иегова меигӡарахда дышәзылԥхоит (10)

      • Ауаа иашақәеи ауаа цәгьақәеи (13—18)

        • Анцәа иҿаԥхьа агәаларшәаратә шәҟәы рыҩуеит (16)

        • Ауаҩ иаша ауаҩы цәгьа дызлаиеиԥшым (18)

Малахиа 3:1

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    5/2020, ад. 4

Малахиа 3:2

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «арҵәыҵәҵаа».

Малахиа 3:3

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    Аусуратә тетрад «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи»,

    12/2019, ад. 3

Малахиа 3:5

Албаагақәа

  • *

    Ма «атәымтәылауаа рзинқәа еилазго».

Малахиа 3:6

Албаагақәа

  • *

    Ма «сҽысымԥсахӡеит».

Малахиа 3:9

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «шәшәиуп».

Малахиа 3:10

Албаагақәа

  • *

    Ма «азылԥхарақәа шшәықәсыԥсо».

Малахиа 3:11

Албаагақәа

  • *

    Зыӡбахә цо ахәаҷа-маҷа ианыркуа акәзар ҟалап.

Малахиа 3:12

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «шәара».

Малахиа 3:16

Албаагақәа

  • *

    Ма «ҳаҭыр ду иқәызҵоз». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анцәа ицәшәара».

  • *

    Мамзаргьы иҟалап «ахә зшьо».

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    9/2022, ад. 14

    4/2022, ад. 5—6

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 36

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    7/2018, ад. 22—23, 25—26

Малахиа 3:17

Албаагақәа

  • *

    Ма «зыхә ҳараку мазараны».

Малахиа 3:18

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    7/2018, ад. 23—24

    1/2018, ад. 27—28

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Малахиа 3:1–18

Малахиа

3 «Сара сажәабжьҳәаҩ дсышьҭуеит, иара саԥхьа амҩа ирхиоит, икаххаа иҟаиҵоит. Шәзышьҭоу, Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ иаалырҟьаны иныҳәарҭахь даауеит. Даауеит шәыззыԥшу аиқәшаҳаҭра ацҳаражәҳәаҩгьы. Иара хымԥада даауеит!» — иҳәоит ар Рынцәа Иегова.

2 «Аха уи иаара амш зхызгода, данаауа зшьапы иқәымҟьакәа иаанхода? Избанзар иара арҭәаҩы имца деиԥшхоит, аӡәӡәаҩцәа рсапын* даҩызахоит. 3 Иара араӡны зрыцқьо арҭәаҩ иеиԥш дтәоит, нас Ле́ви иԥацәа ирыцқьоит. Иара урҭ ахьи араӡни реиԥш ирыцқьоит, даргьы Иегова изы гәыцқьала акәырбан назго жәлархоит. 4 Убасҟан Иудеиеи Иерусалими инарго акәырбан Иегова игәы иахәалоит, ажәытә аамҭақәа раан еиԥш, акыршықәса раԥхьа еиԥш.

5 Сара саауеит шәус сыӡбарц азы, амагиа знапы алаку, зхатә ҩыза дзыԥсахуа, амц ҳәаны иқәуа, аԥара ззыршәо аусуцәеи, аҳәсеибацәеи, аиаҭымцәеи зжьо, атәымтәылауаа* рыцхраара мап ацәызкуа аамҭа мгакәа срықәыӡбоит. Дара сыцәшәаӡом», — иҳәоит ар Рынцәа Иегова.

6 «Сара Иегова соуп, сара сҽысыԥсахӡом*. Шәара Иаков иԥацәа шәоуп, убри азоуп шәызҭамхазгьы. 7 Шәабацәа рабацәа рхаан аахижьҭеи шәара сзакәанқәа шәрыцәхьаҵуеит, шәрықәныҟәаӡом. Шәхынҳәы сара сахь, саргьы шәара шәахь схынҳәуеит», — иҳәоит ар Рынцәа Иегова.

Аха шәара ишәҳәоит: «Ҳхынҳәыр аума?»

8 «Ауаҩы Анцәа диҵаӷьычыр илшома? Аха шәара шәсыҵаӷьычуеит».

Шәара шәҵаауеит: «Иуцәаҳӷьычи?»

«Ажәабатәи ахәҭақәеи хатәгәаԥхарала иҟарҵо аҳамҭақәеи. 9 Шәара шәсыҵаӷьычуеит азы шәықәнага шәақәшәоит*. Ажәлар зегь убас ҟарҵоит. 10 Ажәабатәи ахәҭақәа рҟынтә ак аанмыжькәа зегь аҵәахырҭахь инажәг, сыҩны афатә ыҟазарц азы, сшәыҳәоит, убасала сԥышәшәа, — иҳәоит ар Рынцәа Иегова. — Убасҟан ижәбоит ажәҩан агәашәқәа аартны, меигӡарахда сшышәзылԥхо*».

11 «Сара зегь ықәрыцқьааны изфо* шәҽаҩра ԥхасҭанатәыр суӡом, шәӡахәагьы ажь ҿамло иҟасҵаӡом», — иҳәоит ар Рынцәа Иегова.

12 «Ажәларқәа зегь насыԥ змоу ҳәа шәзырҳәоит, избанзар шәыдгьыл* угәы иахәо дгьылхоит», — иҳәоит ар Рынцәа Иегова.

13 «Шәара иакәым сзышәҳәоит», — иҳәоит Иегова.

«Иузаҳҳәои?» — ҳәа шәҵаауеит шәара.

14 «Шәара ишәҳәоит: „Анцәа имаҵ аура акгьы иаԥсам усуп. Иаҳнаҭеи иҿаԥхьа иҳадыз адҵақәа ахьынаҳагӡоз, ар Рынцәа Иегова иҿаԥхьа ҳалахь еиқәышьшьы ҳахьныҟәоз? 15 Уажәшьҭа ҳара ахамаԥагьақәа насыԥ змоу ҳәа рзаҳҳәоит. Ацәгьа ҟазҵо ақәҿиара рымоуп. Дара мшәаӡакәа Анцәа дԥыршәоит, уи азгьы акгьы рыхьӡом“».

16 Убри аамҭазы Иегова ицәшәоз* еицәажәон, дасу иҩызеи иареи, Иеговагьы урҭ илымҳа кыдҵаны дырзыӡырҩуан. Иҿаԥхьа ирыҩуан Иегова ицәшәо, ихьӡ иазхәыцуа* ирызкыз агәаларшәаратә шәҟәы.

17 «Урҭ лымкаала сыззыҟоу мазараны* ианыҟасҵо аҽны сара истәхоит, — иҳәоит ар Рынцәа Иегова. — Сара урҭ рыцҳасшьоит, аб иҳәатәы хазҵо иԥа дышрыцҳаишьо еиԥш. 18 Усҟан шәара еиҭах ижәбоит ауаҩ иаша ауаҩы цәгьа дызлаиеиԥшым, Анцәа имаҵ зуеи изымуеи злеиԥшым».

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра