Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Малахиа 4
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Малахиа. Ахҳәаа

      • Иегова имш ааиаанӡа Ильиа даауеит (1—6)

        • «Аиашара амра шәықәыҷҷоит» (2)

Малахиа 4:2

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иацәшәо».

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амҵәыжәҩақәа».

Малахиа 4:5

Албаагақәа

  • *

    Ма «аҳаҭырқәҵара зныԥшуа ашәара узцәырызго».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Малахиа 4:1–6

Малахиа

4 «Амцаԥшь иаҩызоу амш ааира иаҿуп, усҟан ахамаԥагьақәеи ауаа цәгьақәеи аҳаскьын ҩа иаҩызахоит. Уи амш урҭ ықәыццышәаа иҷыҷны иқәнаҵоит, — иҳәоит ар Рынцәа Иегова, — дацкгьы аанхом, махәыкгьы аанхом. 2 Сыхьӡ ҳаҭыр ақәызҵо* шәакәзар, аиашара амра шәықәыҷҷоит, уи ашәахәақәа* шәырхәышәтәуеит, иԥсылоу аҳәарақәа реиԥш атрым-трымҳәа шәыԥалоит».

3 «Сус саналаго аҽны шәара ауаа цәгьақәа шьапыла ирҟьацны асаба рылышәхуеит», — иҳәоит ар Рынцәа Иегова.

4 «Смаҵзуҩы Моисеи исҭаз азакәан шәхашәмыршҭлан, Хори́в азааигәара Израиль зегь азы исҭаз аԥҟарақәеи ақәҵарақәеи.

5 Узыршәаӡыӡо* Иегова имш ду ааиаанӡа сара шәара шәахь аԥааимбар Ильиа днасышьҭуеит. 6 Иара абацәа ргәы ахәыҷқәа ргәы иеиԥшны иҟаиҵоит, ахәыҷқәа ргәы абацәа ргәы иеиԥшны иҟаиҵоит, санаалак адгьыл цҟьашәҟьа иқәҵаны иқәсымхырц азы».

(Ауриатә-арамеитә Ҩырақәа реиҭага ара инҵәоит. Анаҩс ицоит Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа реиҭага.)

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра