Малахиа
2 «Аԥшьаҩцәа, ари аԥҟара шәара шәзоуп. 2 Уи шәазымӡырҩыр, ақәныҟәара шәҭахымхар, сыхьӡгьы ҳарашәымкыр, — иҳәоит ар Рынцәа Иегова, — сара шәысшәиуеит, шәзылԥхарақәа ашәи акәны иҟасҵоит. Сара уи ҟасҵахьеит, избанзар шәара сыԥҟара ақәныҟәара шәҭахӡам».
3 «Шәусқәа рҵыхәала илашәҵаз ықәысхуеит, шәныҳәақәа рышьҭахь иаанхаз ауац* шәҿасыртатоит, нас шәнаганы уахь шәаларыжьуеит. 4 Убасҟан шәара еилышәкаауеит ари аԥҟара зшәысҭаз Ле́вии сареи иҳабжьоу аиқәшаҳаҭра анаҩсгьы аус ауларц азы шакәу», —иҳәоит ар Рынцәа Иегова.
5 «Сара иареи сареи аиқәшаҳаҭра ҳабжьасҵан, аԥсҭазаареи аҭынчреи исҭеит, аҳаҭырқәҵара зныԥшуа ашәара имазарц азы. Иара дсыцәшәон, сыхьӡгьы ҳаҭыр ақәиҵон. 6 Иара ибз аҵабырг азакәан ықәын, иажәақәа мцык рыламызт. Иареи сареи аҭынчра ҳабжьан, сижьаӡомызт; иара амҩа иашахь ирхынҳәыз рацәаҩуп. 7 Аԥшьаҩы ауаа адыррақәа риҭалароуп, ауаагьы иара иҿы азакәан* иашьҭазароуп, избанзар иара ар Рынцәа Иегова ицҳаражәҳәаҩ иоуп.
8 Аха шәара амҩа шәықәҟьеит. Шәара шәҵыхәала азакәан ақәныҟәара иаҟәыҵыз рацәаҩуп. Шәара Ле́вии сареи иҳабжьаз аиқәшаҳаҭра еилажәгеит, — иҳәоит ар Рынцәа Иегова. — 9 Убри аҟынтә сара ауаа шәырцәымыӷхартә иҟасҵоит, ажәлар рҿаԥхьа шәласырҟәуеит, избанзар сымҩақәа шәрықәныҟәаӡомызт, азакәангьы ииашаны шәхы иашәырхәаӡомызт».
10 «Абык иакәӡами зегь иҳамоу? Нцәак иакәӡами ҳазшаз? Нас аӡәи-аӡәи ҳзеибаҭиуеи, убасала Анцәа ҳабацәеи иареи ирыбжьеиҵаз аиқәшаҳаҭра зеилаҳгои*? 11 Иудеиатәи ажәлар Анцәа дырҭиуеит, ирҭаз ажәа еиларгоит, Израильи Иерусалими инхо аус хәымгақәа ҟарҵоит. Дара ацқьара бзиа избо Иегова ицқьара* хәымгартәит, атәым нцәа имҵахырхәо* аҳәса ааргеит. 12 Иегова Иаков иқьала аҟынтә убас ҟазҵо дарбанзаалак дықәигоит, уи дызусҭазаалакгьы, ар Рынцәа Иегова акәырбан изназго иакәзаргьы».
13 «Абар иҵегь: шәара шәымшала Иегова икәырбаннагарҭа лаӷырӡыла икәабоуп, уи ааигәара аҵәыуабжьи ақьызқьызбжьи гоит. Убри аҟынтә Анцәа шәкәырбанқәа уаҳа дрызхьаԥшӡом, инажәгогьы идикылаӡом. 14 „Избан?“ — ҳәа шәҵаауеит шәара. — Избанзар Иегова дшаҳаҭуп, иара ибон уанқәыԥшыз иугаз аԥҳәыс дшуҭииз, лара уҩыза шлакәугьы, закәанла иутәу аԥҳәыс шлакәугьы. 15 Аха иҟан ус ҟазымҵозгьы, избанзар макьана Анцәа идоуҳа* рыман. Ирҭахызи дара? Анцәа иҟынтә ахылҵ*. Убри аҟынтә шәгәазыҟашьа* шәацклаԥшла, шәанқәыԥшыз ижәгаз аԥҳәыс дшәымҭилан. 16 Сара аилыҵра сцәымӷуп, — иҳәоит Иегова, Израиль Анцәа, — исцәымӷуп ацәгьоурақәа рыла зҽызҟьашьуа*, — иҳәоит ар Рынцәа Иегова. — Шәгәазыҟашьа* шәацклаԥшла, шәеибамҭилан.
17 Шәажәақәа рыла Иегова дшәырааԥсеит. Шәара шәҵаауеит: „Избан, дызлаҳарааԥсеи?“ Избанзар шәара ишәҳәоит: „Ацәгьара ҟазҵо Иегова иҿаԥхьа дыбзиоуп, иара ус еиԥш иҟоу ауаа игәы иахәоит“, — насгьы шәҵаауеит: „Дабаҟоу аиашара Анцәа?“».