Иоиль
2 Сион аҿы абыкь абжьы шәырга!
Иԥшьоу сышьхаҿы аибашьра шалагаз шәҳәа.
Адгьыл иқәынхо ауаа зегь шәаӡыӡалааит,
Избанзар Иегова имш ааира иаҿуп! Уи амш ааигәоуп!
2 Уи амш алашьцара еиқәаҵәа иамшуп,
Аԥҭа еиқәаҵәақәа ирымшуп.
Уи амш ашьхақәа ирықәло ашьыжьтәи ашәаԥшь иаҩызоуп.
Иҟоуп амч змоу ажәлар ду,
Уи аҩыза уаанӡа иҟамызт,
Уаҳа ахаан иагьыҟалом.
3 Урҭ рҿаԥхьа иҟоу — амца иабылуеит,
Рышьҭахь иҟоу — амцаԥшь иқәнахуеит.
Урҭ раԥхьа адгьыл Еде́мтәи абаҳча иеиԥшуп,
Рышьҭахь — уи аԥсҭазаара ахьыҟам ацәҳәыра иеиԥшуп,
Акгьы еиқәхаӡом.
4 Дара аҽқәа иреиԥшуп,
Аҽыҩқәа реиԥш иҩуеит.
5 Урҭ ирхылҵуа абжьы — ашьхақәа рықәцәан иаҿаланы инеиуа аҽыуардынқәа рышьҭыбжь иеиԥшуп,
Аҭәа аҿҿаҳәа избылуа амца абжьы иеиԥшуп.
Урҭ аибашьра иазхиоу, амч ду змоу ажәлар иреиԥшуп.
6 Урҭ рҿаԥхьа ажәларқәа ақыџьқыџьра иалагоит,
Зегьы рыԥсы рхыгга ицәышхоит.
8 Аӡәи-аӡәи еигәҭасӡом,
Зегьы ԥхьаҟа ицоит.
Аӡәы ахы дканажьыргьы,
Егьырҭ ацәаҳәа ианыҵӡом.
9 Дара ақалақь иалалоит, аҭӡамц икыдлоит,
Аҩнқәа рахь ихалоит, аӷьыч иеиԥш аԥенџьырқәа иркылсуеит.
10 Урҭ рҿаԥхьа адгьыл ҵысуеит, ажәҩан хыџхыџуеит.
Амреи амзеи еиқәаҵәахоит,
Аеҵәақәа рышеишеира рцәыӡуеит.
11 Иегова ибжьы рдуны ир мҩақәиҵоит, избанзар ир ԥхьаӡашьак амам.
Иацәынхар зылшода уи?»
12 «Аха макьана шәхынҳәыр шәылшоит, — иҳәоит Иегова. — Убри аҟынтә гәыкала шәхынҳәы сара сахь,
Шәычгала, шәҵәыуала, шәқьызқьызуа шәҵәыуала.
13 Шәымаҭәа акәымкәа, шәыгәқәа еиҟәыжәжәала!
Анцәа Иегова иахь шәхынҳәы,
Избанзар иара игәы ҳалалуп*, арыцҳашьареи ачҳареи илоуп, гәыбылрала иҭәу абзиабара ааирԥшуеит,
Иара иӡбара иԥсахуеит*, убри аҟынтә арыцҳара шәақәиршәаӡом.
14 Издыруада дахьхәны иӡбара иԥсахыр?
Издыруада дышәзылԥхар*,
Ачеи аҩи кәырбанс Шәынцәа Иегова ишәызизнагар?
15 Сион аҿы абыкь шәас!
Ауаа чгаларц рылашәҳәа. Аизара еизыжәга.
16 Ажәлар еизыжәга. Еизаз шәыԥшьа.
Абыргцәеи*, ахәыҷқәеи, агәыԥҳәы иаҵоу асабицәеи еизыжәга.
Аԥҳәыс даазго аҷкәын ауада ддәылҵааит, аҭацагьы амҳара дыҩныҵааит.
17 Аныҳәарҭа аҩналарҭеи акәырбаннагарҭеи рыбжьара
Аԥшьаҩцәа, Иегова имаҵзуҩцәа, ҵәыуо, абас рҳәалааит:
„Ужәлар рыцҳашьа, Иегова,
Ччархәс ишьҭырхыртә иҟаумҵан,
Егьырҭ ажәларқәа рхагылар умун,
‚Дабаҟоу Рынцәа‘ ҳәа рымҳәаларц азы“.
18 Усҟан Иегова идгьыл игәы шазыбылуа ааирԥшуеит,
Ижәлар рыцҳаишьоит.
19 Иегова ижәлар ус реиҳәоит:
„Сара ачарыци, аҩи, ахәшеи шәзынасышьҭуеит,
Еснагь шәгәы ҭәызаалоит.
Уаҳа ажәларқәа рҿаԥхьа шәсырԥхашьаӡом.
20 Сара аҩадантәи иааз дыԥхасҵоит,
Дықәцаны, уаҩ дахьнымхо, иҩоу адгьыл ахь дсышьҭуеит,
Аԥхьа игылоу ир мрагыларатәи амшын* ахь икасцоит,
Ашьҭахь игылоу ир ықәцаны, мраҭашәаратәи амшын* ахь исышьҭуеит.
Иара абаафҩы ихылҵуеит,
Ифҩы ҵысуеит.
Анцәа аус дуқәа ҟаиҵоит“.
21 Умшәан адгьыл!
Угәырӷьала, Иегова аус дуқәа ахьыҟаиҵо уеигәырӷьала!
22 Шәымшәан агыгшәыгқәа!
Ацәҳәыраҿы аҳәырҭақәа иаҵәахоит,
Аҵлақәа ашәыр рҿалоит,
Алаҳаи ажьи бзианы иҟалоит.
23 Сион аԥацәа, шәгәырӷьала, Шәынцәа Иегова иҟаиҵо шәеигәырӷьала!
Уи ҭагалан ақәақәа шәзылаишьҭуеит,
Ақәаршҩы шәзаируеит,
Уаанӡа еиԥш ҭагалани ааԥыни ақәа шәзылаишьҭуеит.
24 Ачарыц ахьырҭәаҭәо аҭыԥ аҿы ачарыц рацәахоит,
Ажьхәарҭа аҩы азымкуа, амаслинахәарҭа ахәша азымкуа, ипеипеиуа иҭәуеит.
25 Шәара шәахь инасышьҭуаз сыр ду —
Зыԥсы қымқымуа асаранчеи, асаранча дуи, асаранча ҿеи, зегь ықәрыцқьааны изфо асаранчеи —
Зегь анырфоз ашықәсқәа раан ишәцәыӡыз шәызсырхынҳәуеит.
26 Шәара шәызхара шәфалоит,
Шәынцәа Иегова ихьӡ шәырҽхәалоит,
Аџьашьахәқәа шәзыҟазҵаз Шәынцәа.
Сыжәлар уаҳа ахаан ахьымӡӷ ргаӡом.
27 Усҟан ижәдыруеит израильаа сышрыцу,
Насгьы сара Шәынцәа Иегова шсакәу, уаҳа даҽа нцәак дыҟаӡам!
Сыжәлар уаҳа ахаан ахьымӡӷ ргаӡом.
28 Уи ашьҭахь сара ауаа зегь сдоуҳа рысҭоит*.
Шәыҷкәынцәеи шәыӡӷабцәеи ԥааимбарлоит,
Шәыҭаҳмадацәа аԥхыӡқәа рбалоит,
Шәырԥарцәа абарақәа роулоит.
30 Сара ажәҩан аҿи адгьыл аҿи аџьашьахәқәа* ҟасҵоит:
Ашьа, амца, алҩаҵә.
31 Узыршәаӡыӡо* Иегова имш ду анааиуа аламҭалазы
Амра еиқәаҵәахоит, амзагьы ашьа еиԥш иҟаԥшьхоит.
32 Иегова ихьӡ ҳәаны иҳәо деиқәхоит,
Избанзар Сион ашьхаҿи Иерусалими, Иегова ишиҳәаз еиԥш, еиқәхаз ҟалоит —
Зыԥсы ҭаны иаанхаз, Иегова иааиԥхьо.