Иоиль
1 Иегова Петуи́л иԥа Иои́ль* ила ииҳәаз:
2 «Шәӡырҩла, ажәлар реиҳабацәа,
Шәлымҳа кыдҵаны шәӡырҩла, адгьыл иқәынхо зегьы,
Шәара шәхаан ма шәабацәа рхаан
Абри аҩыза ҟалахьазма?
3 Шәхәыҷқәа уи атәы рзеиҭашәҳәа,
Даргьы рхәыҷқәа ирзеиҭарҳәааит,
Урҭгьы иааиуа абиԥарақәа ирзеиҭарҳәарц азы.
4 Зыԥсы қымқымуа асаранча иацәынхаз асаранча ду иафеит,
Асаранча ду иацәынхаз асаранча ҿа иафеит,
Асаранча ҿа иацәынхаз зегь ықәрыцқьааны изфо асаранча иафеит.
5 Шәҿыха, аҩыжәцәа, шәҵәыуала!
Шәқьызқьызуа шәҵәыуала, ажәра бзиа избо,
Избанзар ишәжәыша аҩы уаҳа ыҟаӡам.
6 Избанзар сыдгьыл амч ду змоу, хыԥхьаӡара змам ажәлар ду ақәлеит.
Урҭ рхаԥыцқәа алым ахаԥыцқәа иреиԥшуп, рыцламҳәа алым ацламҳәа иеиԥшуп.
7 Дара сӡахәа ықәырхит, слаҳаҵла ашьапы заҵәык аанрыжьит,
Дара урҭ цәдырҳәын, икарыжьит,
Амахәҭақәа ацәа рымамкәа иаанхеит.
9 Иегова иҩнаҿы кәырбанс инарго ачеи аҩи ыҟаӡам.
Аԥшьаҩцәа, Иегова имаҵзуҩцәа, гәырҩоит.
11 Адгьыл иқәаарыхуа иҟарҵара рыздыруам, аӡахәааӡаҩцәа ҵәыуоит,
Избанзар ачарыци ачаԥшьи ыҟаӡам,
Амхаҿы аҽаҩра ықәӡааит.
12 Аӡахәа ҩеит,
Алаҳа канӡеит.
Амыҵмыџь, апальма, аҵәа —
Ҵлас иҟаз зегь ҩеит.
Ажәлар агәырӷьара рцәыӡит.
Аныҳәарҭахь шәнеи, аҵх аџьабарамаҭәа шышәшәу ишәхыжәга, Сынцәа имаҵзуҩцәа,
Избанзар Сынцәа иҩнаҿы кәырбанс инарго ачеи аҩи ыҟаӡам.
14 Ауаа чгаларц рылашәҳәа, аизара еизыжәга.
Ажәлар реиҳабацәеи ари адгьыл иқәынхо ауаа зегьи Шәынцәа Иегова иҩнаҿы еизыжәга,
Иегова ацхырааразы шәиҳәала.
15 Закә мшы ҿаасҭахозеи уи!
Иегова имш ааигәоуп,
Уи аҽны Зегьзымчу ақәӡаара ааигоит!
16 Ҳала ишабоз ҳафатә ықәырхит,
Ҳала ишабоз Ҳанцәа иҩны агәырӷьареи аччареи ҩныӡааит.
Аҵәахырҭақәа ҭацәуп.
Ацақәа рбгоуп, избанзар ачарыц ыҟаӡам.
18 Арахә ӷызуеит!
Ажәқәа еиԥхьытта аҳәырҭақәа ирышьҭоуп.
Ауасақәа гәаҟуеит.
19 Уара уахь ауп Иегова схы ахьсырхало,
Избанзар амца акаршәрақәа рҿы аҳәырҭақәа аблит,
Аҵлақәа зегь ықәнахит.
20 Агыгшәыгқәаҵәҟьагьы уцхыраара иазыԥшуп,
Избанзар аӡқәа ҭабеит,
Акаршәрақәа рҿы амца аҳәырҭақәа аблит.