Иоиль
3 Урҭ амшқәа раан, уи аамҭазы,
Иудеиеи Иерусалими рҟынтә итҟәаны иргаз ансырхынҳәуа аамҭазы,
2 Сара ажәларқәа зегь еизганы
Иосафа́т* ирхахь иназгоит.
Уа сара урҭ Израиль иазыруз азы срықәыӡбоит —
Сыжәлар, лымкаала сыззыҟоу смазара — иазыруз азы.
Избанзар дара сыжәлар ажәларқәа иԥсаҟьаны ирыларҵеит,
Сыдгьыл еиҩшаны иргеит.
3 Дара сыжәлар еиҩыршарц азы аҵәы ҭарыԥсон*,
Аҷкәын дырҭиуан, акаҳԥы даархәарц азы,
Аӡӷаб аҩы даҭнырыԥсахлон.
4 Абас шәышԥасызныҟәеи, ишԥажәгәаӷьи,
Тири Сидо́ни, шәаргьы, филистимтәи аҳаблақәа?
Ишәзызуи? Изакәазы шәшьа жәуеи?
Шәшьа жәуазар,
Сара иаразнак шәусқәа аарҳәны шәхы иҭасырԥоит.
5 Шәара сраӡни схьи жәгеит,
Схазынақәа шәныҳәарҭақәа рахь инажәгеит,
6 Иудеиеи Иерусалими инхоз абырзенцәа идшәыраахәеит,
Иахьиз-иахьааӡаз аҭыԥқәа рҟынтә иқәыжәгарц азы.
7 Сара урҭ иахьышәҭииз аҟынтә иаазгоит,
Шәусқәа аарҳәны шәхы иҭасырԥоит.
8 Сара шәыҷкәынцәеи шәыԥҳацәеи Иудеиа инхо идсыраахәоит,
Дара урҭ Ше́ва инхо, хара инхо ажәлар, иддыраахәоит,
Избанзар убас иҳәеит Иегова.
9 Ажәларқәа абас рылашәҳәа:
„Аибашьра шәҽазыҟашәҵа! Ахацәа ӷәӷәақәа еизыжәга!
Аибашьцәа рҽеизганы идәықәлааит!
10 Акәаҭанқәа аҳәақәа рылышәх, амаганақәа аԥсақәа рылышәх.
Амч змам сыӷәӷәоуп иҳәааит.
11 Ааигәа-сигәа инхо ажәларқәа шәеицхыраа, шәеиза“».
Иегова, уеибашьцәа уахь инаг.
12 «Урҭ ажәларқәа рҽеизганы, Иосафа́т ирхахь инеиааит,
Уа сара стәаны, ааигәа-сигәа инхо ажәларқәа рус сыӡбалоит.
13 Амаганақәа шьҭышәх, избанзар аҽаҩра ҟалеит.
Ажьхәара шәылбаа, избанзар ажьхәарҭа ҭәит.
Аҩы хыҽҽаны ицоит, избанзар ирацәоуп ажәларқәа рус цәгьақәа.
14 Жәларык ауаа, жәларык ауаа аӡбара архаҿы иҟоуп,
Иааигәахоит Иегова имш аӡбара архаҿы.
15 Амреи амзеи еиқәаҵәахоит,
Аеҵәақәа рышеишеира рцәыӡуеит.
16 Алым аӷыӷбжьы еиԥш Сионынтәи Иегова иӷыӷбжьы гоит,
Ибжьы Иерусалимынтәи иааҩуеит.
Ажәҩани адгьыли хыџхыџуеит,
Аха Иегова ижәлар рзы дхыҵакырҭахоит,
Израиль азы дбаагәарахоит.
17 Усҟан шәара еилышәкаауеит сара Шәынцәа Иегова шсакәу, Сион инхо, иԥшьоу сышьхаҿы инхо Шәынцәа.
Иерусалим иԥшьоу ҭыԥхоит,
Атәымтәылауаагьы уи уаҳа иалалаӡом.
18 Уи аҽны ашьхақәа рҟынтә аҩы хыҽҽо илеиуеит,
Ахәқәа рҟынтә ахш аауеит,
Иудеиатәи аӡқәа духоит.
Иегова иҩны аҟынтә аӡыхь леиуеит,
Уи Шитти́м* арха арԥсаҳәалоит.
19 Египет ҭацәуеит,
Едо́м уаҩ дахьнымхо цәҳәырахоит,
Урҭ Иудеиа акгьы зхарам ауаа ршьа ахькарҭәаз азы,
Уа инхоз рахь рыцҳашьарак ахьаадмырԥшуаз азы.
20 Аха Иудеиа еснагь инхо ҟалоит,
Иерусалимгьы еснагь ауаа нхалоит.
21 Сара урҭ ашьа ахькарҭәаз азы ирыду ахара рхысхуеит,
Сара, Иегова, Сион сынхалоит».