Ажәамаанақәа
8 Аҟәыӷара ҿнамҭӡои?
Аилкаарагьы абыжь ду умаҳаӡои?
2 Уи абжьы амҩеихдақәа рҿы иуаҳауеит,
Амҩақәа рҿы иҟоу ахәқәа рҿы игоит,
3 Ақалақь агәашә аԥхьеи
Ашәқәа раԥхьеи абжьы рдуны ицәажәоит:
4 «Шәара шәахь ауп, ажәлар, схы ахьсырхо,
Дасу ишәасҳәоит.
5 Аԥышәа змам, ахәыцшьа шәҵа,
Шәаргьы, ахшыҩ змам, аилкаара* шәырҳа.
6 Шәысзыӡырҩы, избанзар исҳәо хадоуп,
Сызлацәажәо иашоуп.
7 Сҿы иаҳәо ҵабыргуп,
Сыбз амц ацәымӷуп.
8 Сажәақәа зегь иашоуп,
Мцык, гызмалрак рылам.
9 Аилкаара змоу урҭ еилыркаартә иҟоуп,
Адырра зырҳаз урҭ шиашоу рбоит.
10 Иалшәх араӡны аҭыԥан амҩақәҵара*,
Ахьы цқьа аҭыԥан адырра,
11 Избанзар аҟәыӷара акораллқәа* раасҭа еиӷьуп,
Ауаа ргәы ззыҳәо акы иузадкылом.
12 Сара аҟәыӷара соуп, ахәыцшьа бзиеи сареи ҳаицынхоит,
Сара адырреи ахшыҩи сымоуп.
13 Иегова ицәшәо* ацәгьара ицәымӷуп,
Сара иԥагьоуи, зхы шьҭызхуеи, аус цәгьақәа ирышьҭоуи, амц зҳәои сцәымӷуп.
14 Сара алабжьара бзиақәеи аҟәышреи сымоуп,
Исымоуп аилкаареи амчи.
15 Сара сыла аҳцәа аҳра руеит,
Анапхгаҩцәа азакәан иашақәа ҭрыжьуеит.
16 Сара сыла аҭауадцәа напхгара руеит,
Ауаа дуқәа ииашаны аусқәа рыӡбоит.
17 Сара бзиа сызбо бзиа избоит,
Исышьҭоу срыԥшаауеит.
18 Сара амали ахьӡ-аԥшеи сымоуп,
Инымҵәаӡо аизҳазыӷьареи* аиашареи.
19 Сара иусҭо — ахьы аасҭа еиӷьуп, ахьы цқьа аасҭа,
Сҳамҭақәагьы — зеиԥшыҟам араӡны аасҭа.
20 Сара аиашара амҩала сцоит,
Еснагь ииашоу ҟасҵоит.
21 Сара бзиа сызбо сырбеиоит,
Рыҵәахырҭақәа сырҭәуеит.
22 Сара Иегова зегь раԥхьаӡа иишаз соуп,
Ажәытәӡатәи ишамҭақәа рҟынтә раԥхьатәи ашамҭа.
23 Иара ажәытәӡан аҭыԥ ду сиҭахьан,
Алагамҭазы, адгьыл ҟалаанӡагьы.
24 Сара саниуаз амшынқәа ыҟаӡамызт,
Аӡқәа хышхыҵәо адгьыл иҵымҵӡацызт.
25 Сара сиит ашьхақәа ҟалаанӡа,
Сиит ахәқәа цәырҵаанӡа,
26 Адгьыли адәқәеи ишаанӡа,
Раԥхьатәи анышәгәал ҟаиҵаанӡа.
27 Ажәҩан анишоз*, сара уа сыҟан.
Аӡқәа рханы алаԥшҳәаа* аналидоз,
28 Ажәҩан аҿы аԥҭақәа анышьақәиргылоз,
Амшынқәа ӡыла ианирҭәуаз,
29 Аӡқәа ишьақәыргылоу аҳәаақәа ирхымҵларц азы
Амшын адҵа анеиҭоз,
Адгьыл ашьаҭа анышьҭеиҵоз,
30 Сара зус бзиаӡаны издыруаз ҟазаны сивагылан,
Есыҽны дсыргәырӷьон.
Сара еснагь иҿаԥхьа сгәырӷьон.
31 Ауаа рзы иишаз адгьыл санахәаԥшуаз, сгәырӷьон,
Аха еиҳарак сгәы ззыбылуаз ауаа ракәын.
32 Убри аҟынтә, сыҷкәынцәа, шәысзыӡырҩы,
Избанзар сымҩақәа ирну насыԥ рымоуп.
33 Амҩақәҵара шәазыӡырҩла, шәҟәышыз,
Ахаан уи мап ацәышәымклан.
34 Насыԥ имоуп сара исзыӡырҩуа,
Есыҽны шьыжьымҭан шаанӡа иааны сышәқәа ирылагылоу,
Сыҩнашә аԥхьа исзыԥшу.
35 Избанзар сара сзыԥшаауа аԥсҭазаара иԥшаауеит,
Иеговагьы уи дизыразхоит.
36 Сара хьаас сызкым ихы даԥырхагоуп,
Сара сызцәымӷу аԥсра бзиа ибоит».