Ажәамаанақәа
7 Сыҷкәын, сажәақәа урзыӡырҩла,
Сыԥҟарақәа рыхә шьала.
2 Сыԥҟарақәа нагӡала, шеишықәса унхала,
Ула агәы шухьчо еиԥш сылабжьарақәа* хьчала.
3 Урҭ унацәкьарақәа ирыкәырша,
Угәаҿы ианҵа.
4 Аҟәыӷара иаҳәа: «Уара саҳәшьа уоуп», —
Аилкаарагьы иаҳәа: «Уара сҭынха уоуп»,
6 Ҽнак зны сыҩны аԥенџьыр аҟынтә сыԥшуан,
Сԥенџьыр аихацқәа рҟынтә скылыԥшуан.
Аҿар ирылагылаз ахшыҩ змамыз* ҷкәынак дызбеит.
8 Иара лымҩа азааигәара диасны дцон,
Лыҩны аганахь амҩа дықәын
9 Ахәылбыҽха, ианааилашәшәуаз,
Ахәлареи алашьцареи ианалагоз.
10 Ус аԥҳәыс диԥылеит,
Акаҳԥцәа реиԥш еилаҳәаз аԥҳәыс гызмал,
11 Ԥхашьарак злам, ҿааихак ҟазымҵо аԥҳәыс.
Лара ахаан аҩны дыҟаӡам.
12 Зны амҩадуқәа рҿы дыҟоуп, зны — ақалақь ашҭақәа рҿы,
Кәакьцыԥхьаӡа дкылатәаны дыԥшуп.
13 Лара димҵасны дылкуеит, дихьынҳаланы длыгәӡуеит,
Дыԥхамшьаӡакәа ус иалҳәоит:
14 «Сара аҭынчратә кәырбанқәа назгар акәын,
Иахьа сҿаҭахьақәа насыгӡеит.
15 Убри азоуп суԥыларц сыздәылҵыз,
Сушьҭан, уагьысыԥшааит!
16 Сара аиарҭа ақәыршә ԥшӡақәа ықәсыршәит,
Аԥшшәы рацәа змоу египеттәи ақәны иалху ақәыршәқәа рыла ихысҟьеит.
17 Аиарҭа амирреи, алоеи, акорицеи рықәысҭәеит.
18 Уааи иаашаанӡа ҳаицышьҭаланы бзиа ҳаибабалап*,
Ҳазхара ҳгәыдеибакылалап.
19 Схаҵа аҩны дыҟаӡам,
Хара дцеит.
20 Аԥараҭра аԥара ҭаҵаны игеит,
Амзаҭәымҭанӡа дхынҳәӡом».
21 Убас дааиҟәамҵуа, ҩысҭаарыла джьаны ихы-игәы дҭалеит,
Лажәа хаақәа рыла дхылхит.
22 Абар иара уажәшьҭа длышьҭаланы дцоит ашьразы ирго ацә еиԥш,
Зшьапқәа ршьаҳарц ирго агаӡа иеиԥш.
23 Аҵыхәтәаны ахҿа игәаҵәа иалалоит,
Аҵыс еиԥш акаҭа иҽалаижьуеит, ихы шҭаирхогьы издырӡом.
24 Убри аҟынтә усзыӡырҩы, сыҷкәын*,
Сажәақәа ухахьы инаг.
25 Угәы лымҩақәа рахь иухар умун,
27 Лыҩныҟа ицо анышә* ахь ауп дахьцо,
Аԥсцәа ахьыҟоу аҭыԥ ахь дылбаауеит.