Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ажәамаанақәа 5
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ажәамаанақәа. Ахҳәаа

      • Аԥҳәыс хәымга уҽылцәыхьчала (1—14)

      • Уԥҳәыс улылагәырӷьала (15—23)

Ажәамаанақәа 5:2

Албаагақәа

  • *

    Ма «адырра ахьчалоит».

Ажәамаанақәа 5:3

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «атәымԥҳәыс». Зыӡбахә цо Анцәа инормақәа зыцәтәыму аԥҳәыс лоуп ҳәа уҳәар алшоит.

Ажәамаанақәа 5:5

Албаагақәа

  • *

    Ауриатә ажәа шео́л. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анышә; анышәынҭра».

Ажәамаанақәа 5:7

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «сыҷкәынцәа».

Ажәамаанақәа 5:10

Албаагақәа

  • *

    Ма «умч».

Ажәамаанақәа 5:12

Албаагақәа

  • *

    Шәахәаԥш Ажәар.

Ажәамаанақәа 5:18

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 41

Ажәамаанақәа 5:19

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 41

Ажәамаанақәа 5:20

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «атәымԥҳәыс». Зыӡбахә цо Анцәа инормақәа зыцәтәыму аԥҳәыс лоуп ҳәа уҳәар алшоит.

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «атәымтәыла иатәу аԥҳәыс». Зыӡбахә цо Анцәа инормақәа зыцәтәыму аԥҳәыс лоуп ҳәа уҳәар алшоит.

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ажәамаанақәа 5:1–23

Ажәамаанақәа

5 Сыҷкәын, исҳәо аҟәыӷара ажәақәа урзыӡырҩы,

Улымҳа кыдҵаны усзыӡырҩы, аилкаара уоурц азы,

 2 Усҟан ухәыцшьа ухьчоит,

Убзгьы аиаша аҳәалоит*.

 3 Избанзар аԥҳәыс хәымга* илҳәо асаранџьцха иаҩызоуп,

Лажәақәа ахәша аасҭа иҟәымшәышәуп.

 4 Аха аҵыхәтәаны лара уара узы иашоу аҳаскьын еиԥш дашахоит,

Наҟ-ааҟ ицҳафыруа аҳәа еиԥш дыцҳалоит.

 5 Уи лшьапқәа аԥсрахьы илбаауеит,

Лшьаҿақәа анышә* ахь дагоит.

 6 Лара аԥсҭазаара амҩа азхәыцрагьы лҭахӡам,

Дыхрааӡраауа дықәуп, дахьнеиуа лыздырӡом.

 7 Убри аҟынтә усзыӡырҩы, сыҷкәын*,

Еснагь исҳәо ҟаҵала.

 8 Уи лымԥан уқәымлалан,

Лыҩны аҩналарҭа ааигәа умнеилан,

 9 Ахьӡ бзиа уцәымӡырц азы,

Уԥсы ахьынӡаҭоу умгәаҟларц азы,

10 Умал* даҽа шьоукы ирымгарц азы,

Цәгьаԥсышьала иурҳаз шьоукы рыҩнаҿы иҟамларц азы.

11 Мамзар уԥсҭазаара анҵәамҭазы уӷызы-ӷызлоит,

Умчқәа анкаԥсалак, угәабзиара анцалак,

12 Нас иуҳәоит: «Амҩақәҵара* зысцәымӷзи?

Сандыриашоз исарҳәоз схахьы изнасымгози?

13 Сара сымҩақәызҵоз сырзыӡырҩӡомызт,

Сырҵаҩцәа ирҳәоз схахьы иназгаӡомызт.

14 Зегьы ишырбоз

Схы ҭасырхарц акы аасыгымхеит».

15 Аӡы уҵеџь аҟынтә ижәла,

Аӡы цқьа уӡыхь аҟынтә игала.

16 Уӡыхьқәа амҩақәа ирныланы ицалар закәзеи?

Урҩашқәагьы ақалақь ашҭақәа изырнылар акәзеи?

17 Урҭ уара заҵәык иутәызааит,

Даҽаӡәы итәымзааит.

18 Уӡыхь Анцәа иныҳәааит,

Уанқәыԥшыз иугаз аԥҳәыс улылагәырӷьала.

19 Ашьабысҭа кахәхәеи ақәасаб ԥшӡеи ирҩызоу уԥҳәыс.

Лгәыԥҳәы еснагь агәахәара узаанагалааит,

Лыбзиабара еснагь укны уамазааит.

20 Сыҷкәын, аԥҳәыс хәымга* ухы злуҭои?

Иламысдоу аԥҳәыс* лгәыԥҳәы иалухи?

21 Иегова ауаҩы иҟаиҵо зегь ибоит,

Ишьаҿақәа зегьы дрыцклаԥшуеит.

22 Ацәгьаҟаҵаҩ ицәгьоурақәа дыршьаҳауеит,

Игәнаҳа ацәҟьа еиԥш дакуеит.

23 Иара зынӡа дгаӡоуп азы дымҩахҟьоит,

Амҩақәҵара мап ацәикуеит азы дыԥсуеит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра