Ажәамаанақәа
4 Сыҷкәынцәа, шәаб имҩақәҵара* шәазыӡырҩла,
Шәлымҳа кыдҵаны шәӡырҩла, шәҟәышхарц азы,
2 Избанзар сара ишәыхәо алабжьарақәа шәысҭоит,
Ишәсырҵо* мап ацәышәымклан.
3 Сара саб иҳәатәы хазҵоз ԥа бзиан,
Сан бзиа илбоз лыҷкәын сакәын.
4 Саб ахшыҩ сырҵо, абас сеиҳәон: «Сажәақәа угәаҵа иҭаз, урхымԥалан.
Сыԥҟарақәа нагӡала, шеишықәса унхала.
5 Аҟәыӷара рҳала, ирҳала аилкаара.
Сажәақәа ухоумыршҭлан, урҭ урыцәхьамҵлан.
6 Аҟәыӷара мап ацәумклан, уи уахьчалоит,
Бзиа ибала, уи ухылаԥшлоит.
7 Ирҳала аҟәыӷара, избанзар уи зегь раасҭа ихадоуп.
Еснагь уашьҭаз аилкаара арҳара.
8 Аҟәыӷара ахә ҳаракны ишьала, усҟан уи уҳаранаклоит,
Унапқәа акәыршаны иукыр, ахьӡ-аԥша унаҭоит.
9 Уи ашәҭырқьақьа иԥшӡаӡа иуханаҵоит,
Иблахкыгоу агәыргьын ухаҵаны уарԥшӡоит».
10 Усзыӡырҩы, сыҷкәын, сажәақәа удкыл,
Убасҟан уԥсҭазаара анҵыра духоит.
11 Сара аҟәыӷара амҩа усырбоит,
Аиашара амҩақәа рыла узгоит.
12 Уанныҟәало акгьы уԥырхагахалаӡом,
Уаныҩуа ушьацәхныслаӡом.
13 Иурҭо амҩақәҵара удкыл, иаанумыжьын,
Ихьчала уи, избанзар уи ԥсҭазаароуп уара узы.
14 Агәнаҳаҟаҵаҩцәа рымҩа уанымлан,
Ауаа цәгьақәа рымҩа уқәымлан.
15 Уҽацәыхьчала уи, амԥан уқәымлан,
Уахыкәшала, уаҩсны уцала,
16 Избанзар урҭ цәгьарак ҟарҵаанӡа изыцәаӡом,
Аӡә дықәыргаанӡа лацәеихьшьк рзыҟаҵаӡом.
17 Ацәгьара дара рзы ача афара иаҩызоуп,
Ақәымчра — аҩыжәра ирзаҩызоуп.
18 Ауаа иашақәа рымҩа ашьыжь икаҷҷо амралашара иаҩызоуп,
Уи шьыбжьонынӡа еиҳа-еиҳа икаҷҷоит.
19 Агәнаҳаҟаҵаҩцәа рымҩа лашьцоуп,
Дара зышьацәхнысло рыздырӡом.
20 Сыҷкәын, исҳәо улымҳа кыдҵаны уазыӡырҩы,
Сажәақәа ухахьы инаг.
21 Иухоумыршҭлан урҭ,
Угәаҵаҿы иҭаҵәахны иумаз,
22 Избанзар урҭ зыԥшааз аԥсҭазаара роуеит,
Рхы инаркны ршьапаҟынӡа ргәы бзиазаауеит.
24 Амц умҳәалан, ауаа умжьалан,
Мыцла еибарку ажәақәа уҿы иҭыганы иумҳәалан.
25 Улақәа уаԥхьаҟа иԥшлааит,
Улаԥш уаԥхьа ишьҭоу иақәкызааит.
26 Узықәгыло умҩа риашала*,
Усҟан умҩақәа шәарҭахаӡом.
27 Арыӷьарахь ма арымарахь умхьаҳәын,
Ацәгьара амԥан уқәымлан.