2 Аҳцәа
8 Елисеи зыԥсы ҭеиҵаз аҷкәын иан ус леиҳәеит: «Быҩнаҭа иатәу быманы, нхара џьара бца, избанзар Иегова иҳәоит ари адгьыл аҿы амлакра шыҟало, быжь-шықәсагьы ишыҟазаауа». 2 Аԥҳәыс Анцәа иуаҩы ишлеиҳәаз еиԥш зегь ҟалҵеит. Лара лыҩнаҭа иатәыз лыманы, филисти́маа рыдгьыл аҿы анхара далагеит, быжь-шықәсагьы уа дынхон.
3 Быжь-шықәса рышьҭахь уи аԥҳәыс филисти́маа рыдгьыл аҟынтә дхынҳәын, аҳ иахь дцеит, сыҩни сымхи сызшәырхынҳә ҳәа диҳәарц азы. 4 Уи аамҭазы аҳ Анцәа иуаҩы имаҵуҩы Гие́зи диацәажәон. Иара уи ус диҳәеит: «Исзеиҭаҳәа Елисеи иҟаиҵаз иус дуқәа ртәы». 5 Гие́зи Елисеи аҷкәын иԥсы шҭеиҵаз анеиҭеиҳәоз аамҭазы, аҷкәын иан аҳ иахь дааит, сыҩни сымхи сызшәырхынҳә ҳәа диҳәарц азы. Гие́зи ус иҳәеит: «Саҳ, ухаҵкы, абар уи аԥҳәыс дахьыҟоу, ари Елисеи зыԥсы ҭеиҵаз лыҷкәын иоуп». 6 Аҳ аԥҳәыс иҟалаз шыҟалаз сзеиҭаҳә ҳәа леиҳәан, зегь изеиҭалҳәеит. Иара ичынуаа руаӡәк ус иеиҳәеит: «Лмазара зегь лызшәырхынҳә, арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа лымхы илнаҭараны иҟаз аҽаҩра ахәгьы лышәҭ».
7 Елисеи Дамаскҟа дааит. Уи аамҭазы сириатәи аҳ Бен-Хада́д дычмазаҩын. Аҳ ус иарҳәеит: «Анцәа иуаҩы арахь дааит». 8 Аҳ Хазае́л ус иеиҳәеит: «Аҳамҭа уманы, Анцәа иуаҩ иахь уца, иара ила сыбзиахома ҳәа Иегова уиазҵаа». 9 Хазае́л 40 махҽ ирзыгоз Дамаск бзиарас иҟаз зегь ҳамҭас Елисеи изигеит. Иара иахь даннеи, ус иҳәеит: «Уԥа, сириатәи аҳ Бен-Хада́д, сааишьҭит дыбзиахома ҳәа суазҵаарц». 10 Елисеи иҳәеит: «Уцаны дшыбзиахо иаҳә, Иегова уи дшыԥсуа шысзааиртызгьы». 11 Икылкааны Хазае́л ихәаԥшра даналага, уи дыԥхашьеит, нас Анцәа иуаҩы аҵәыуара далагеит. 12 Хазае́л ус иҳәеит: «Узҵәыуои, ухаҵкы?» Иара иҳәеит: «Сара издыруеит израильаа шаҟа рыцҳара иақәуршәо, уара ирӷәӷәоу ақалақьқәа убылуеит, аҳәала зегь иреиӷьу аибашьцәа ушьуеит, ахәыҷқәа маха-маха еимухуеит, зцәазтәымкәа иҟоу аҳәса рымгәақәа урҟьоит». 13 Хазае́л ус иҳәеит: «Ала чычиа иаҩызоу умаҵуҩы абри аҩыза ҟаиҵар илшома?» Аха Елисеи иеиҳәеит: «Иегова исзааиртит уара Сириа аҳас ушахагыло».
14 Уи ашьҭахь Хазае́л Елисеи иҟынтәи дцан, иԥшәма иахь дхынҳәит. Бен-Хада́д ус диазҵааит: «Иуеиҳәеи Елисеи?» — «Убзиахоит ҳәа иҳәеит», — иҳәеит Хазае́л. 15 Адырҩаҽны Хазае́л ақәыршә ирбааӡан, аҳ ихы-иҿы иақәиҵан, дыԥсаанӡа ус икын. Нас Хазае́л Бен-Хада́д иҭыԥан аҳас дҟалеит.
16 Аха́в иԥа, израильтәи аҳ Иора́м, аҳра аниуаз ахәбатәи ашықәсазы, Иудеиа аҳас Иосафа́т даныҟаз, Иудеиа аҳра аура далагеит аҳ Иосафа́т иԥа Иора́м. 17 Иара аҳас даныҟала 32 шықәса ихыҵуан, аа-шықәсагьы Иерусалим аҳра иуан. 18 Иара Аха́в иҩнаҭа еиԥш израильтәи аҳцәа рымҩа данын, избанзар иԥҳәыс Аха́в иԥҳа лакәын. Иара Иегова ицәымӷыз ҟаиҵон. 19 Аха Иегова имаҵзуҩы Давид иаҳаҭыразы иудеиатәи аҳра ықәигар иҭахӡамызт, избанзар иара иҳәахьан Давид иԥацәеи иареи Иерусалим еснагь алашарбага* шрымазаауа.
20 Иора́м ихаан едо́маа иудеиатәи аҳра анапаҵаҟа аҟазаара рҭахымхан, рхатә аҳ дҟарҵеит. 21 Усҟан Иора́м иҽыуардынқәа зегь иманы Цаи́рҟа ддәықәлеит. Уа иҽыуардынқәа ирықәтәаз ир реиҳабацәеи иареи едо́маа рыкәшеит. Аха иара уахынла дҩагылан, иԥыххааса иқәиҵеит, аибашьцәа еибарыҩны рыҩныҟақәа рахь ицеит. 22 Аха Едо́м иахьа уажәраанӡагьы иудеиатәи аҳра ишаҿагылац иаҿагылоуп. Усҟантәи аамҭазы Ли́внагьы иудеиатәи аҳра иаҿагылеит.
23 Иора́м иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәа ртәы иудеиатәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп. 24 Иора́м данԥсы, иабацәа рабацәа анышә иахьамаз Давид иқалақь аҿы анышә дарҭеит. Иара ишьҭахь иԥа Охо́зиа аҳас дҟалеит.
25 Иудеиатәи аҳ Иора́м иԥа Охо́зиа аҳас дҟалеит Аха́в иԥа, израильтәи аҳ Иора́м, аҳра аниуаз жәаҩатәи ашықәс азы. 26 Охо́зиа аҳас дҟалеит 22 шықәса анихыҵуаз. Иара Иерусалим шықәсык аҳра иуан. Иан Ата́лиа лыхьӡын, израильтәи аҳ О́мри имоҭа* лакәын. 27 Иара Аха́в иҩнаҭа зныз амҩа данын, Аха́в иҭаацәара реиԥш Иегова ицәымӷыз ҟаиҵон, избанзар аиуара рыбжьан. 28 Охо́зиа Аха́в иԥа Иора́м дицны Рамо́т-Галаа́дҟа дцеит, сириатәи аҳ Хазае́л диабашьырц азы. Уа сириаа аҳ Иора́м дырхәит. 29 Иара Изрее́льҟа дхынҳәит, сириатәи аҳ Хазае́л даниабашьуаз Ра́ма* иоуз ахәрақәа ихәышәтәырц азы. Иора́м иԥа, иудеиатәи аҳ Охо́зиа, Изрее́льҟа дцеит, ихәыз* Иора́м, Аха́в иԥа, дибарц азы.