2 Аҳцәа
9 Аԥааимбар Елисеи аԥааимбарцәа рыҷкәынцәа руаӡәк дааиган, ус иеиҳәеит: «Уҽеизга*, ахәша уманы Рамо́т-Галаа́дҟа уца. 2 Уахь уаннеилак, Нимши́ иԥа Иосафа́т иԥа Ииу́и дыԥшааны унаидгыл, зегьы дрылганы ашьҭахьӡатәи ауадахь дга. 3 Ахәша ихы иақәҭәаны абас ҳәа: „Абас иҳәоит Иегова: ‚Сара ахәша ухьшьны, Израиль аҳас уахасыргылоит‘“. Нас ашә аартны, уҩны уца».
4 Аԥааимбар имаҵуҩы Рамо́т-Галаа́дҟа ддәықәлеит. 5 Даннеи, ар реиҳабацәа зегьы еидтәалан. Иара ус иҳәеит: «Аиҳабы, ухаҵкы, ак уасҳәароуп». — «Изоуҳәо дарбану?» — дҵааит Ииу́и. «Уара уоуп, ухаҵкы», — иҳәеит иара. 6 Ииу́и дҩагылан, аҩны аҩныҵҟа дыҩналеит. Амаҵуҩы уи ихы ахәша ақәиҭәан, ус иҳәеит: «Абас иҳәоит Иегова, Израиль Анцәа: „Сара ахәша ухьшьны, Израиль аҳас уахасыргылоит, Иегова ижәлар урхасыргылоит. 7 Уара уԥшәма Аха́в ишьҭра зегь ықәухроуп, убас сара Иезаве́ль лнапала иҭахаз амаҵуцәа-аԥааимбарцәеи Иегова имаҵуцәа зегьи ршьа зуеит. 8 Аха́в ишьҭра зегь ҭахоит: сара Израиль Аха́в иҿы иҟоу ахацәа зегьы, иԥсыҽугьы зхы иамыхәогьы, ықәызгоит. 9 Сара Аха́в ишьҭра Нева́т иԥа Иеровоа́м ишьҭреи А́хиа иԥа Ваа́са ишьҭреи ирзызуз аҩыза рзызуеит. 10 Иезаве́ль лакәзар, Изрее́ль иаҵанакуа дгьылк аҿы алақәа дырфоит, аӡәгьы анышә деиҭаӡом“». Абри ааиҳәан, ашә аартны дыҩны дцеит.
11 Ииу́и дхынҳәны иԥшәма имаҵуцәа рахь данааи, ус иазҵааит: «Кыр ҟалама? Ари ахеилаԥса дзаази?» Иара иҳәеит: «Арҭ ауаа шәымдыруеи. Ирҳәогьы жәдыруеит». 12 Аха дара аҟәыҵуамызт: «Мамоу, аиаша ҳаҳә». Усҟан Ииу́и ус иҳәеит: «Иара абригь-абригь сеиҳәеит, нас иациҵеит: „Абас иҳәоит Иегова: ‚Сара ахәша ухьшьны, Израиль аҳас уахасыргылоит‘“». 13 Дара иаразнак рымаҭәа аашьҭырхын, иҿаԥхьа амардуан аҿы икадыршәит, нас абыкь* иасын, ҿаарҭит: «Ииу́и аҳас дҟалеит!» 14 Уи ашьҭахь Нимши́ иԥа Иосафа́т иԥа Ииу́и Иора́м цәгьарак изиурц игәы иҭеикит.
Иора́м ир зегь иманы Рамо́т-Галаа́д дгылан, сириатәи аҳ Хазае́л иҟынтә Израиль ихьчарц азы. 15 Нас аҳ Иора́м Изрее́льҟа дхынҳәит, сириатәи аҳ Хазае́л даниабашьуаз иоуз ахәрақәа ихәышәтәырц азы.
Ииу́и ус иҳәеит: «Сара шәсыдгылазар, ақалақь аӡә далҵыр шәымун, мамзар зегьы Изрее́льынӡа инаганы ирҳәоит». 16 Нас Ииу́и иҽыуардын днақәтәан, ихәны иҟаз Иора́м дахьышьҭаз Изрее́льҟа дцеит. Уахь иудеиатәи аҳ Охо́зиагьы днеит, Иора́м дибарц азы. 17 Изрее́ль абааш иқәгылаз ахьчаҩ Ииу́и жәларык ауаа ицны дшаауа аниба, ус иҳәеит: «Сара жәларык ауаа збоит». Иора́м иҳәеит: «Аҽыуаҩ дырԥыларц дышьҭы, бзиароу ҳәа дразҵааит». 18 Аҽыуаҩ урҭ дырԥылан, ус иҳәеит: «Аҳ бзиароу ҳәа дҵаауеит». Аха Ииу́и ус иҳәеит: «Уус иалои бзиароу-бзиараму? Усыцны уаала!»
Ахьчаҩ ус наицҳаит: «Аҽыуаҩ дрыхьӡеит, аха дхынҳәӡом». 19 Усҟан аҳ даҽа ҽыуаҩык дишьҭит. Иара урҭ рҟынӡа даннеи, ус иҳәеит: «Аҳ бзиароу ҳәа дҵаауеит». Аха Ииу́и ус иҳәеит: «Уус иалои бзиароу-бзиараму? Усыцны уаала!»
20 Ахьчаҩ ус наицҳаит: «Иара дрыхьӡеит, аха дхынҳәӡом. Урҭ ирхагылоу Нимши́ имоҭа* Ииу́и иеиԥш ауп дшаауа, избанзар ахеилаԥса иеиԥш дыҿҟьаса даауеит». 21 Усҟан Иора́м: «Иҵашәкы!» — иҳәан, аҽыуардын ҵаркит. Израильтәи аҳ Иора́ми иудеиатәи аҳ Охо́зиеи рҽыуардынқәа ирықәтәаны Ииу́и иԥыларц азы рҿынархеит. Дара Изрее́ль иатәыз Наво́т идгьыл аҿы еиқәшәеит.
22 Иора́м Ииу́и даниба, ус диазҵааит: «Бзиароу, Ииу́и?» Аха иара иҳәеит: «Уан Иезаве́ль дкаҳԥуанаҵы*, аспиритизм лнапы алакнаҵы, абзиара зыҟалома?» 23 Иора́м иаразнак дзықәтәаз аҽыуардын аақәиргьежьаан, дыҩырц иҽазикит. Иара Охо́зиа изҿиҭит: «Ҳарҭиит, Охо́зиа!» 24 Ииу́и ахыци ахәымпали ала дхысын, Иора́м ижәҩашәаҟьақәа рыбжьара дақәшәеит. Ахәымпал игәы иалҟьан, дзықәтәаз аҽыуардын днықәҳаит. 25 Ииу́и ицхырааҩ Бидка́р ус иеиҳәеит: «Даашьҭыхны, Изрее́ль иатәу Наво́т идгьыл аҿы дкажь. Иугәалашәома аҽыуардынқәа ҳрықәтәаны иаб Аха́в ҳишьҭаланы ҳашцоз. Усҟан Иегова ус иҳәеит: 26 „‚Иацы сара Наво́т ишьеи иԥацәа ршьеи збон‘, — иҳәоит Иегова. ‚Абри адгьыл аҿы сара урҭ ршьа зуеит‘, — иҳәоит Иегова“. Убри аҟынтә даашьҭыхны, Иегова ишиҳәаз еиԥш, абри адгьыл аҿы дкажь».
27 Иудеиатәи аҳ Охо́зиа иҟалаз аниба, абаҳчаҿы игылаз аҩны аганахь дыҩны дцеит. (Ԥыҭрак ашьҭахь Ииу́и уи дишьҭалан, уигьы дыршьырц адҵа ҟаиҵеит. Охо́зиа Ивлеа́м азааигәара иҟаз Гур ахь узгоз амҩаҿы иҽыуардын дақәтәаны дышцоз дырхәит, аха иара Меги́ддоҟа дыбналан, уа дыԥсит. 28 Охо́зиа имаҵуцәа аҽыуардын дақәырҵан, Иерусалимҟа дыргеит. Уа иара Давид иқалақь аҿы иабацәа рабацәа анышә иахьамаз адамра дҭарҵеит. 29 Охо́зиа иудеиатәи аҳас дҟалеит Аха́в иԥа Иора́м аҳра аниуаз жәеизатәи ашықәс азы.)
30 Ииу́и Изрее́льҟа дааит. Иезаве́ль уи анлаҳа, лылақәа еиқәаҵәала илшәын, лыхцәы ԥхьалҳәан, аԥенџьыр акылаԥшра далагеит. 31 Ииу́и ақалақь агәашә данҭалоз, лара ус диазҵааит: «Зыԥшәма дызшьыз Зи́мри ихьыз угәалашәома?» 32 Ихы шьҭыхны, аԥенџьыр ахь дыԥшын, ҿааиҭит: «Исыдгылада сара? Исыдгылада?» Нас ҩыџьа ракәу, хҩык ракәу аҳ имаҵуцәа рыхқәа кылдырҳәҳәеит. 33 «Дкашәыжь!» — ҳәа реиҳәеит иара. Даргьы аԥенџьыр далырбганы дкарыжьит. Лшьа ацыԥхьқәа аҭӡамци аҽқәеи ирықәҭәеит, нас Ииу́и длыӷрысны дцеит. 34 Уи ашьҭахь дцан, акрифеит-акрижәит, нас ус иҳәеит: «Ари аԥҳәыс хәымга дганы анышә дашәҭ. Иахьугалакгьы, аҳ иԥҳа лоуп». 35 Аха анышә дарҭарц азы ианнеи, лхыбаҩи, лнапқәеи, лшьапқәеи рыда акгьы рымбаӡеит. 36 Урҭ хынҳәны Ииу́и зегь аниарҳәа, иара ус иҳәеит: «Абар Иегова тишбатәи имаҵзуҩы Ильиа ила ииҳәаз абарҭ ажәақәа шынаӡаз: „Иезаве́ль Изрее́ль иаҵанакуа дгьылк аҿы алақәа дырфоит. 37 Иезаве́ль лыԥсыбаҩ Изрее́ль иаҵанакуа дгьылк аҿы ауац еиԥш икажьзаауеит, Иезаве́ль лоуп ҳәагьы аӡәгьы изҳәаӡом“».