Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • 2 Аҳцәа 7
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

2 Аҳцәа. Ахҳәаа

      • Елисеи иҳәоит амлакра шынҵәо (1, 2)

      • Ацәеилабаара змаз ахацәа сириаа рлагер аҿы афатә рыԥшаауеит (3—15)

      • Елисеи ииҳәаз наӡоит (16—20)

2 Аҳцәа 7:1

Албаагақәа

  • *

    Ма «аџьармыкьақәа рҿы».

  • *

    Ше́кельк 11,4 г иҟоуп.

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
2 Аҳцәа 7:1–20

2 Аҳцәа

7 Елисеи ус иҳәеит: «Иегова иажәа шәазыӡырҩы. Абас иҳәоит Иегова: „Уаҵәы абри аамҭазы самариатәи агәашә аҿы* са́так игәӡаны илагоу ачашыла ше́кельк* иаԥсахоит, ҩ-са́так ачаԥшь ше́кельк иаԥсахоит“». 2 Аҳ зыгәра игоз аруаа реиҳабы Анцәа иуаҩы ус иеиҳәеит: «Иегова ажәҩан агәашәқәа ааиртыргьы, уи ҟалашьас иамои?» Иара иҳәеит: «Уара ублақәа рыла уи убоит, аха иуфаӡом».

3 Ақалақь агәашә аԥхьа ацәеилабаара змаз ԥшьҩык тәан. Дара абас еибырҳәон: «Ҳтәаны аԥсра ҳзазыԥшуи? 4 Ақалақь ахь ҳцар, ҳаԥсуеит, избанзар уа амлакра ыҟоуп. Ара ҳтәазаргьы ҳаԥсуеит. Шәааи сириаа рлагер ахь ҳцап. Ҳрыцҳаршьар, ҳаԥсы еиқәхоит, ҳрыцҳарымшьар, ҳаԥсуеит». 5 Аилашәшәара ианалага, иҩагылан, сириаа рлагер ахь рҿынархеит. Алагер ианазааигәахоз, уа аӡәгьы дшыҟамыз рбеит.

6 Иегова сириаа алагер аҿы аҽыуардынқәа рышьҭыбжьи, аҽқәа ршьапышьҭыбжьи, ар ду рыбжьи дирҳаит. Дара абас еибырҳәеит: «Израильтәи аҳ хе́ттаа раҳцәеи египеттәи аҳцәеи ааихәеит иҳажәларц азы!» 7 Дара иаразнак иҩагылан, рқьалақәеи, рыҽқәеи, рҽадақәеи ааныжьны, рлагер зегь иҟаз ишыҟаз иааныжьны, аилашәшәара ишаҿыз иҩны ицеит, рыԥсы еиқәдырхарц азы.

8 Ацәеилабаара змаз алагер ахь ианнеи, қьалак иҩналан, акрыфара-акрыжәра иалагеит. Уи ашьҭахь уантәи араӡни, ахьи, амаҭәеи дәылырган, ирҵәахит. Нас ихынҳәын, даҽа қьалак иҩналан, уантәигьы ак дәылыргақәан, иганы ирҵәахит.

9 Уи ашьҭахь ус еибырҳәеит: «Иҟаҳҵо иашаӡам. Иахьа гәырӷьарамшуп. Уи еиҭаҳәатәуп. Ҳмыццакыкәа ишаанӡа ҳаԥшыр, ҳахьдырхәуеит. Шәааи ҳцаны иҟалаз зегь аҳ иҩнаҿы еиҭаҳҳәап». 10 Дара ақалақь агәашә ахь инеин, ахьчаҩцәа ирызҿырҭын, абас рарҳәеит: «Ҳара сириаа рлагер аҿы ҳаҟан. Уа аӡәгьы дыҟаӡам, ҭынчроуп, иқәҿаҳәоу аҽқәеи аҽадақәеи рыда аӡәгьы дыҟаӡам, ақьалақәагьы ҭацәуп». 11 Ахьчаҩцәа иаразнак уи ажәабжь аҳ иҩнаҿы иҟаз ирарҳәеит.

12 Аҳ уахынла дҩагылан, имаҵуцәа ус реиҳәеит: «Сириаа ргәы иҭоу шәасҳәоит. Дара ирдыруеит амла ҳшакуа, убри аҟынтә алагер ааныжьны рҽырҵәахит. Дара ақалақь ҳаналҵлак, ҳаԥсы шҭоу ҳакны ақалақь ргарц ауп ирҭаху». 13 Усҟан амаҵуцәа руаӡәк ус иҳәеит: «Ақалақь аҿы иаанхаз рҟынтә хә-ҽык ауаа рыцҵаны иҳашьҭып, иҟалаз еилыркаарц азы. Уеизгьы урҭгьы ақалақь аҿы инхаз израильаа ирыхьуа ауп ирыхьуа, иԥсыз реиԥшгьы даргьы ԥсуеит». 14 Нас аҳ ауаа ҩ-ҽыуардынки аҽқәеи рыцҵаны сириаа рлагер ахь ишьҭит. Иара иҳәеит: «Шәцаны иҟоу еилышәкаа». 15 Дара Иорданынӡа сириаа рышьҭа ихыланы ицон. Амҩаҿы зехьынџьара ибналаны ицаз сириаа иаанрыжьыз амаҭәақәеи амаҭәарқәеи кажьын. Урҭ ауаа хынҳәын, аҳ зегь изеиҭарҳәеит.

16 Ажәлар ақалақь иалҵын, сириаа рлагер еимырҵәеит. Иегова ишиҳәаз еиԥш, са́так игәӡаны илагаз ачашыла ше́кельк иаԥсахеит, ҩ-са́так ачаԥшь ше́кельк иаԥсахеит. 17 Аҳ агәашә ахьчаразы зыгәра игоз аруаа реиҳабы диргылеит, аха уи ажәлар ддырҟьацын, дыԥсит, аҳ Анцәа иуаҩ иахь даннеи, Анцәа иуаҩы ишиҳәаз еиԥш. 18 Зегьы Анцәа иуаҩы аҳ ишиеиҳәаз еиԥш иҟалеит: «Уаҵәы абри аамҭазы самариатәи агәашә аҿы ҩ-са́так ачаԥшь ше́кельк иаԥсахоит, са́так игәӡаны илагоу ачашыла ше́кельк иаԥсахоит». 19 Аха аҳ зыгәра игоз аруаа реиҳабы Анцәа иуаҩы ус иеиҳәеит: «Иегова ажәҩан агәашәқәа ааиртыргьы, уи ҟалашьас иамои?» Елисеи иҳәеит: «Уара ублақәа рыла уи убоит, аха иуфаӡом». 20 Убас иагьыҟалеит: иара агәашә аԥхьа ддырҟьацын, дыԥсит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра