2 Аҳцәа
6 Аԥааимбарцәа рыҷкәынцәа Елисеи ус иарҳәеит: «Ара аҭыԥ маҷуп, уаҳа ҳазуцынхаӡом. 2 Ҳуҳәоит, Иорданҟа ацара азин ҳаҭ, дасу қдык-қдык ганы, уа анхарҭа ҭыԥ ҳаргылоит». — «Шәца», — иҳәеит иаргьы. 3 Руаӡәк Елисеи ус иеиҳәеит: «Суҳәоит, уаргьы умаҵуцәа урыцца». — «Аиеи, срыццоит», — иҳәан, дрыццеит. 4 Иордан ахь ианнеи, аҵлақәа хырыҵәҵәо иалагеит. 5 Руаӡәк аҵла анхиҵәоз, иеиха ахәы иахшәан, аӡы иҭаҳаит. Иара дыҳәҳәеит: «Ҳаау, сыԥшәма, ухаҵкы. Ари уаара ҳәа ауп ишызгаз!» 6 Анцәа иуаҩы «иабаҭаҳаи?» ҳәа диазҵааит. Иара аҭыԥ иирбеит. Елисеи махәык аахиҵәан, уахь ианҭаижь, аиха хыхь ихалеит. 7 «Иҭыг», — иҳәеит Елисеи. Егьигьы инапы наирххан, иааҭигеит.
8 Сириатәи аҳ Израиль абашьра далагеит. Имаҵуцәа даарацәажәан, ус иҳәеит: «Алагер абрагь-абрагь иҳаргылап». 9 Анцәа иуаҩы израильтәи аҳ игәиҽаниҵарц азы абас изынаицҳаит: «Ари аҭыԥ ааигәара умнеин, избанзар уахь сириаа анеира иаҿуп». 10 Усҟан израильтәи аҳ Анцәа иуаҩы зыӡбахә иҳәоз аҭыԥ аҿы иҟаз ауаа аацҳара рзынаишьҭит. Елисеи зныкымкәа аҳ игәиҽаниҵон, аҳгьы урҭ аҭыԥқәа рымԥан дықәлаӡомызт.
11 Уи сириатәи аҳ иԥсахы еибанаркит. Имаҵуцәа ааиԥхьан, ус дразҵааит: «Дызусҭада ҳара ҳтәқәа рҟынтә израильтәи аҳ идгылоу?» 12 Руаӡәк ус иҳәеит: «Аӡәгьы дидгылаӡам, саҳ, ухаҵкы. Израильтәи аԥааимбар Елисеи иоуп ууадаҿы иуҳәоҵәҟьагьы израильтәи аҳ изеиҭазҳәо». 13 Аҳ иҳәеит: «Шәцаны дахьыҟоу еилышәкаа, нас дыскырц азы ауаа сышьҭуеит». Ԥыҭрак ашьҭахь Дота́н дыҟоуп ҳәа изаарыцҳаит. 14 Иара иаразнак уахь аҽқәеи, аҽыуардынқәеи, ар дуи ишьҭит. Уахынла сириаа ақалақь инадгылан, иакәшаны иркит.
15 Анцәа иуаҩы имаҵуҩы шьыжьымҭан шаанӡа дҩагыланы дандәылҵ, ар рыҽқәеи рҽыуардынқәеи рыла ақалақь иакәшаны ишгылаз ибеит. «Сыԥшәма, ухаҵкы, иҟаҳҵои?» — ҳәа дҵааит амаҵуҩы. 16 «Умшәан, — иҳәеит Елисеи, — избанзар ҳара иҳацу еиҳа ирацәоуп дара ирыцу раасҭа». 17 Елисеи Анцәа иҳәара далагеит: «Иегова, суҳәоит, зегь ибарц азы илақәа аарты». Иегова иаразнак уи амаҵуҩы илақәа ааиртит. Усҟан иара ибеит ашьхақәа рҿы Елисеи иааикәыршаны имцаԥшьыз аҽқәеи аҽыуардынқәеи шгылаз.
18 Сириаа Елисеи ианизааигәахоз, иара Иегова диҳәеит: «Суҳәоит, ирлашә абарҭ ауаа». Иаргьы урҭ, Елисеи ишиҳәаз еиԥш, ирлашәит. 19 Нас Елисеи ус реиҳәеит: «Ари ишәҭаху амҩа акәӡам, ари ақалақьгьы ишәҭаху акәӡам. Шәсышьҭаланы шәаала, сара шәзышьҭоу ауаҩ иахь шәызгоит». Аха иара урҭ Сама́риаҟа игеит.
20 Сама́риа ианнеи, Елисеи Анцәа диҳәеит: «Иегова, рылақәа аарты, зегьы рбарц азы». Иегова урҭ рылақәа анааирт, Сама́риа ишыҟаз рбеит. 21 Израильтәи аҳ сириаа аниба, Елисеи ус диазҵааит: «Исшьрыма? Исшьрыма, саб?» — 22 «Мамоу, иумшьын, — иҳәеит иара. — Аибашьраҿы итҟәаны иугоз ушьлозма? Ирфашеи иржәшеи рыҭ, акрырфааит, акрыржәааит, нас рыԥшәма иахь ихынҳәааит». 23 Усҟан израильтәи аҳ урҭ ачара ду рзиуит. Акранырфа, акраныржә, иауишьҭын, рыԥшәма иахь ихынҳәит. Уи ашьҭахь сириатәи ақәылаҩцәа уаҳа Израиль иақәлаӡомызт.
24 Аамҭак ашьҭахь сириатәи аҳ Бен-Хада́д ир зегь ааизганы дцан, Сама́риа амацәаз иҭеикит. 25 Сама́риа амлакра ӷәӷәа ҟалеит. Уи убриаҟара аамҭа амацәаз иҭакын, аҽада ахы 80 ше́кель* араӡны иаԥсахеит, маҷк* аҳәыҳә ауац 5 ше́кельк* араӡны иаԥсахеит. 26 Израильтәи аҳ аҭӡамц дықәланы дышцоз, ԥҳәыск изҿылҭит: «Саҳ, ухаҵкы, усыцхраа!» 27 Иара иҳәеит: «Иегова дыбмыцхраауазар, сара сызлабыцхраауеи? Ачарыц ахьырҭәаҭәо акыр нхама? Аҩы ма ахәша ҳәа акыр нханы иҟоума?» 28 Нас ус длазҵааит: «Ибыхьи?» Лара илҳәеит: «Абри аԥҳәыс абас салҳәеит: „Бааи иахьа быҷкәын даҳфап, уаҵәы — сыҷкәын даҳфап“. 29 Нас сыҷкәын даҳжәын, даҳфеит. Адырҩаҽны ус ласҳәеит: „Бааи уажәшьҭа быҷкәын даҳфап“. Аха лара дылҵәахит».
30 Аҳ аԥҳәыс илҳәаз аниаҳа, имаҭәа ишәхаԥижәеит. Аҭӡамц дықәланы данцоз ауаа ирбон имаҭәа аҵаҟа аџьабарамаҭәа* шишәыз. 31 Иара иҳәеит: «Анцәа исықәнагоу сақәиршәааит, еицәоугьы сзиуааит, иахьа Шафа́т иԥа Елисеи ихы хҵәаны дкасмыжьуазар!»
32 Уи аамҭазы Елисеи аиҳабацәеи иареи иҩны итәан. Аҳ иаԥхьа ауаҩы дишьҭит. Аха уи днеиаанӡагьы Елисеи аиҳабацәа ус реиҳәеит: «Ари аҳ, ауаҩшьҩы иҷкәын, схы хиҵәарц ауаҩы дааишьҭит. Аҳ иҟынтә ауаҩы дшаауа аныжәбалак, ашә аркны ишәкыз, дыҩнамларц азы. Ишьҭаланы иаауа иԥшәма ишьапышьҭыбжь шәаҳауама?» 33 Елисеи иажәа ҳәаны далгаанӡа уи ауаҩ дааит. Нас аҳгьы даан, ус иҳәеит: «Ари арыцҳара Иегова иҟынтә ауп. Иегова иҟынтә ацхыраара сзазыԥшызар акәуи?»