2 Аҳцәа
5 Сириатәи аҳ ируаа реиҳабы Неема́н зегь еицырдыруаз уаҩын. Аҳ уи ҳаҭыр иқәиҵон, избанзар иара ила Иегова Сириа аиааира азааигеит. Неема́н агәымшәара злаз еибашьҩын, аха ацәеилабаара* иман. 2 Зны сириаа Израиль ианақәлоз, ӡӷаб хәыҷык дытҟәаны дыргеит. Лара Неема́н иԥҳәыс лымаҵ аура далагеит. 3 Зны лара лыԥшәмаԥҳәыс ус лалҳәеит: «Сыԥшәма Сама́риаҟа аԥааимбар иахь дцазҭгьы, уи ацәеилабаара аҟынтә дихәышәтәуан!» 4 Иара* иԥшәма иахь дцан, израильтәи аӡӷаб илҳәаз иеиҳәеит.
5 Усҟан сириатәи аҳ Неема́н ус иеиҳәеит: «Уара уца. Сара израильтәи аҳ асаламшәҟәы изысыҩуеит». Неема́н жәа-талантк* араӡни 6 000 ше́кель* ахьи, аҽыԥсахга маҭәақәа жәабеи иманы дцеит. 6 Иара израильтәи аҳ иахь асаламшәҟәы неигеит. Уи абас анын: «Ари асаламшәҟәы смаҵуҩы Неема́н иҭаны дсышьҭуеит, имоу ацәеилабаара ухәышәтәырц азы». 7 Израильтәи аҳ асаламшәҟәы данаԥхьа, имаҭәа ишәхаԥижәан, ус иҳәеит: «Сара сынцәоума, ауаҩы аԥсҭазаара имхуа ма еиқәырхо? Иара ари ауаҩ дааишьҭуеит дысхәышәтәырц азы. Аиӷара ҳабжьалар шиҭаху жәбома!»
8 Анцәа иуаҩы Елисеи израильтәи аҳ имаҭәа шишәхаԥижәаз аниаҳа, аҳ абас изынаицҳаит: «Умаҭәа зушәхаԥужәеи? Уи ауаҩ сара сахь даиааит, иара еиликаауеит Израиль аԥааимбар дшыҟоу». 9 Неема́н иҽқәеи иҽыуардынқәеи дрыцны даан, Елисеи иҩны аԥхьа даангылеит. 10 Аха Елисеи ус изынаицҳаит: «Уцаны, Иордан бжьынтә уҽӡаашь, нас уцәа бзиахоит, ицқьаӡа иҟалоит». 11 Неема́н игәы ԥжәан, абас ҳәаны дцеит: «Сара сгәы иаанагон иара сара сахь дааины, Инцәа Иегова ихьӡ ҳәаны диҳәоит ҳәа, нас иахьсыхьуа аҭыԥқәа инапы нахыганы, сцәеилабаара ихәышәтәуеит ҳәа. 12 Дамасктәи аӡиасқәа Ава́ни Фарфа́ри израильтәи аӡиасқәа зегь раасҭа еиӷьӡами? Уа сыҽӡаашьны сыцқьахар ҟамлаӡози?» Абас ҳәаны дынхьаҳәын, игәы ԥыжәжәо дцеит.
13 Имаҵуцәа наидгылан, ус иарҳәеит: «Ҳаб, аԥааимбар зыҟаҵара цәгьоу ак ҟаҵа ҳәа уеиҳәазҭгьы иҟаумҵаӡози? Иара ииҳәаз „уҽӡаашь, уцқьахоит“ заҵәык ауп. Уи еиҳагьы имариами». 14 Неема́н дцан, Иордан бжьынтә иҽӡааишьит, Анцәа иуаҩы ишиҳәаз еиԥш. Уи ашьҭахь ицәа пашәӡа, ахәыҷы ицәа еиԥш ицқьаӡа иҟалеит.
15 Неема́н ицны иааз ауаа зегь шицыз Анцәа иуаҩ иахь дхынҳәын, иҿаԥхьа дгыланы абас иҳәеит: «Уажәшьҭа сара издыруеит Израиль ада адгьыл аҿы уаҳа џьаргьы Анцәа дшыҟам. Суҳәоит, умаҵуҩы иҟынтә абри аҳамҭа удкыл». 16 Аха Елисеи иҳәеит: «Зымаҵ зуа*, зыԥсы ҭоу Анцәа Иегова имаҿоуп ишысымго». Иара аҳамҭа игарц диҳәон, аха егьи мап икит. 17 Усҟан Неема́н ус иҳәеит: «Ус акәзар, умаҵуҩы ҩ-гәыжьк ирзыго анышә ирҭааит, избанзар умаҵуҩы ирбылуа акәырбанқәеи егьырҭ акәырбанқәеи Иегова ида уаҳа даҽа нцәак изнеигалаӡом. 18 Амала акызаҵәык азы Иегова умаҵуҩы даҭеимҵааит: саҳ Риммо́н диеихырхәарц иҩнахьы* даннеиуа, снапы кны днеиуеит, убри аҟынтә схырхәалар акәхоит. Иегова умаҵуҩы Риммо́н иҩнаҿы дахьхырхәо азы даҭеимҵааит». 19 Елисеи ус иеиҳәеит: «Угәы рҭынчны уца». Неема́н хара днеихьан еиԥш, 20 Анцәа иуаҩы Елисеи имаҵуҩы Гие́зи ус дхәыцит: «Сыԥшәма Сириа иатәу Неема́н дрыцҳаишьан, иааигаз имимхӡеит. Зыԥсы ҭоу Анцәа Иегова имаҿоуп сыҩны сихьӡаны ак шимысхуа». 21 Гие́зи дыҩны Неема́н дишьҭалеит. Неема́н уи дыҩуа дышишьҭоу аниба, иҽыуардын дақәҵын, диԥылан: «Акыр ҟалама?» — ҳәа диазҵааит. 22 Гие́зи ус иҳәеит: «Мамоу, акгьы ҟамлаӡеит. Сыԥшәма абас уасҳәарц сааишьҭит: „Абыржәы Ефрем ашьхақәа рҟынтә аԥааимбарцәа рыҷкәынцәа рҟынтә ҩыџьа аҷкәынцәа сзааит. Суҳәоит, дара рзы талантк араӡни ҩ-напык аҽыԥсахга маҭәеи сыҭ“». — 23 «Ига ҩ-талантк», — иҳәеит Неема́н. Иара уи имгар имуит. Нас ҩ-талантк араӡны ҩ-макәанк ирҭаҵаны иҿеиҳәан, ҩ-напык аҽыԥсахга маҭәақәа нарыцҵаны, ҩыџьа имаҵуцәа ириҭеит. Дара уи зегь рыманы, Гие́зи иаԥхьа игыланы ицон.
24 Офе́л* даннеи, амакәанқәа рымихын, иҩны ишьҭеиҵан, дара ауишьҭит. Ианца, 25 иԥшәма иахь дцан, иааигәара дгылеит. Елисеи ус диазҵааит: «Уабантәиааи, Гие́зи?» — «Умаҵуҩы џьаргьы дыҟаӡамызт», — иҳәеит иара. 26 Елисеи ус иеиҳәеит: «Исзымдыруа џьушьома уи ауаҩ уишьҭаланы ушцаз, иаргьы дуԥыларц азы иҽыуардын дшақәҵыз? Иаамҭоума араӡни, амаҭәеи, амаслинаҭрақәеи, аӡахәаҭрақәеи, ауасақәеи, ацәқәеи, амаҵуцәеи ргара? 27 Уажәшьҭа Неема́н ицәеилабаара иухылҵуеи уареи шәахь ииасуеит, наӡаӡагьы ишәԥырҵӡом, ишәыдҷаблоит». Гие́зи иаразнак ацәеилабаара ихьын, асы еиԥш дышкәакәаӡа ддәылҵит.