Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • 2 Аҳцәа 24
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

2 Аҳцәа. Ахҳәаа

      • Иоаким вавилонтәи аҳ диҿагылоит; Иоаким дыԥсуеит (1—7)

      • Иудеиатәи аҳ Иехониа (8, 9)

      • Раԥхьа Вавилонҟа итҟәаны иргаз (10—17)

      • Иудеиатәи аҳ Седекиа; иара вавилонтәи аҳ диҿагылоит (18—20)

2 Аҳцәа 24:14

Албаагақәа

  • *

    Мамзаргьы иҟалап «ахыхьчаратә ргыларақәа рыргылаҩцәа».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
2 Аҳцәа 24:1–20

2 Аҳцәа

24 Иоаки́м ихаан вавилонтәи аҳ Навуходоно́сор Иудеиа дақәлеит. Иоаки́м уи хышықәса имаҵ иуан, аха нас диҿагылеит. 2 Иегова Иоаки́м халде́иааи, сириааи, моа́вааи, аммо́нааи рҟынтә ақәылаҩцәа иқәлалартә иҟаиҵеит. Иегова урҭ иудеиатәи аҳра иажәиҵон, иқәигарц азы, имаҵзуҩцәа-иԥааимбарцәа рыла ишиҳәоз еиԥш. 3 Уи зегь зыҟалаз Иегова Иудеиа иԥыригарц ахьиӡбаз азоуп, избанзар Мана́ссиа агәнаҳақәа ҟаиҵон, 4 насгьы акгьы зхарамыз ршьа кеиҭәеит. Мана́ссиа акгьы зхарамыз ршьала Иерусалим ирҭәит, Иегова уи ианаижьыр иҭахымхаӡеит.

5 Иоаки́м иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәа иудеиатәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп. 6 Иоаки́м дыԥсит; иара ишьҭахь иԥа Иехо́ниа аҳас дҟалеит.

7 Египеттәи аҳ уаҳа идгьыл аҳәаақәа дырҭыҵӡомызт, избанзар вавилонтәи аҳ египеттәи аҳ идгьылқәа зегь игеит, Египет аҳәааҿы ишьҭаз акаршәра инаркны Евфрат аӡиас аҟынӡа.

8 Иехо́ниа Иудеиа аҳас дҟалеит 18 шықәса анихыҵуаз, хымзгьы Иерусалим аҳра иуан. Иан Неху́шта лыхьӡын, Иерусалим иатәыз Елната́н иԥҳа лакәын. 9 Иехо́ниа Иегова ицәымӷыз ҟаиҵон, иаб иҟаиҵоз акәын дызҿыз. 10 Уи аамҭазы вавилонтәи аҳ Навуходоно́сор ируаа Иерусалим инадгылан, амацәаз иҭаркит. 11 Навуходоно́сор ихаҭа Иерусалимҟа ақалақь амацәаз ианҭаркхьаз ауп данаа.

12 Иудеиатәи аҳ Иехо́ниа иани, имаҵуцәеи, иҭауадцәеи, ичынуааи шицыз вавилонтәи аҳ иҽииҭеит. Вавилонтәи аҳ уи дытҟәаны дигеит аҳра аниуаз аабатәи ашықәс азы. 13 Иара Иегова иҩны хазынас иҩназ зегьи аҳ иҩны хазынас иҩназ зегьи игеит, израильтәи аҳ Соломон Иегова иныҳәарҭа азы иҟаиҵаз ахьтәы маҭәарқәа зегь ԥиҽит. Зегьы Иегова ишиҳәаз еиԥш иҟалеит. 14 Навуходоно́сор Иерусалим инхоз зегьы, аҭауадцәа зегьы, аибашьцәа ӷәӷәақәа зегьы, анапҟазацәа зегьы, ажьицәа* зегьы тҟәаны игеит — 10 000-ҩык ауаа. Иаанхаз зынӡа иӷарыз заҵәык ракәын. 15 Иара Иехо́ниа Вавилонҟа дытҟәаны дигеит, иара убас Иерусалимынтәи Вавилонҟа игеит аҳ иани, иҳәсақәеи, ичынуааи, уи адгьыл аҿы инхоз ауаа дуқәеи. 16 Навуходоно́сор Вавилонҟа игеит аибашьцәа зегьы — 7 000-ҩык ауаа, иара убас 1 000-ҩык анапҟазацәеи ажьицәеи. Дара зегьы иӷәӷәаз уаан, аибашьышьагьы рдыруан. 17 Вавилонтәи аҳ Иехо́ниа иҭыԥан Иехо́ниа ианшьа Матта́ниа аҳас дҟаиҵан, Седе́киа ихьӡиҵеит.

18 Седе́киа Иудеиа аҳас дҟалеит 21 шықәса анихыҵуаз, 11 шықәсагьы Иерусалим аҳра иуан. Иан Хамута́ль лыхьӡын, Ли́вна иатәыз Иереми́а иԥҳа лакәын. 19 Седе́киа Иегова ицәымӷыз ҟаиҵон, Иоаки́м иҟаиҵоз акәын дызҿыз. 20 Иерусалими Иудеиеи иҟаз Иегова игәы ԥнажәон, убри аҟынтә уа инхоз иԥыригеит. Седе́киа иакәзар, вавилонтәи аҳ диҿагылеит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра