2 Аҳцәа
23 Аҳ Иудеиеи Иерусалими реиҳабацәа зегьы дрыԥхьеит. 2 Нас иара Иегова иҩнахьы дцеит, уахь ицны ицеит Иудеиеи Иерусалими инхоз зегьи, аԥшьаҩцәеи, аԥааимбарцәеи — ажәлар зегьы, ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа. Иара Иегова иҩны ирыԥшааз аиқәшаҳаҭра ашәҟәы ианыз зегь дырзаԥхьеит. 3 Аҳ агәашьа ааигәара дгыланы Иеговеи иареи рыбжьара аиқәшаҳаҭра бжьеиҵан*, Иегова ажәа ииҭеит дшизыӡырҩло, иԥҟарақәеи, изакәанқәеи*, иқәҵарақәеи гәык-ԥсыкала дышрықәныҟәало, ари ашәҟәы иану аиқәшаҳаҭра ажәақәагьы шынаигӡало. Ажәларгьы уи аиқәшаҳаҭра иадгылеит.
4 Нас аҳ аԥшьаҩ хада Хи́лкиеи, аԥшьаҩцәеи, агәашәхьчаҩцәеи адҵа риҭеит Иегова иныҳәарҭа иҩноу Ваа́л изи, иԥшьоу ашьаҟази, амреи, амзеи, аеҵәақәеи рымҵахырхәарази иҟаҵоу амаҭәахәқәа зегь дәылыргарц. Иара урҭ зегьы Иерусалим иалганы арха Кедро́н иганы иблит, иаанхаз ахәа Вефи́льҟа игеит. 5 Иара аныхаԥааҩцәа рмаҵзура иамихит. Иудеиатәи аҳцәа урҭ аныхаԥааҩцәа иудеиатәи ақалақьқәа рҿи Иерусалим ааигәара иҟоу аԥшьаҭыԥқәа рҿи акәырбанқәа наргаларц азы иалырххьан. Иара убас рмаҵзура иамихит Ваа́ли, амреи, амзеи, аеҵәақәеи, жәҩантәи ар зегьи акәырбанқәа рызназгоз*. 6 Иара Иегова иҩны иԥшьоу ашьаҟа* дәылиган, Иерусалим анҭыҵ арха Кедро́н ахь игеит. Уа иблын, асаба ганы ажәлар рнышәынҭрақәа ирылаиԥсеит. 7 Иара убас Иегова иҩнаҿы ахацәа ахькаҳԥуаз ауада ирбгеит, иԥшьоу ашьаҟа иахьамҵахырхәоз ақьалақәа рзы аҳәса ақәыршәқәа ахьыҟарҵоз ауадагьы ирбгеит.
8 Нас аҳ иудеиатәи ақалақьқәа рҟынтә аԥшьаҩцәа зегь алигеит, Ге́ва инаркны Бее́р-Ше́ванӡа аԥшьаҩцәа акәырбанқәа ахьнаргоз аԥшьаҭыԥқәа хәымгеитәит. Иара убас ақалақь ахада Иешу́а игәашә аҭаларҭаҿы игылаз аԥшьаҭыԥқәа ирбгеит — ақалақь уаналало арымарахьала игылаз аԥшьаҭыԥқәа. 9 Аԥшьаҭыԥқәа рыԥшьаҩцәа Иерусалим иҟаз Иегова икәырбаннагарҭаҿы амаҵ руӡомызт, аха арҵәыга злам ача рашьцәа ирыцырфон. 10 Иара Бен-Хинно́м* акаршәраҿы иҟаз Тофе́т хәымгеитәит, аӡәгьы иԥа ма иԥҳа Моло́х кәырбанс дизнаганы димбылларц* азы. 11 Иара иудеиатәи аҳцәа амра иазыркыз аҽқәа Иегова иҩнахьы анагара азин рымихит (урҭ уахь агалереиаҿы иҟаз ачынуаҩ Нафа́н-Меле́х иуада* иҩныганы инаргон), иара убас амра иазкыз аҽыуардынқәа иблит. 12 Аҳ иудеиатәи аҳцәа Аха́з хыхьтәи иуада ахыб аҿы иқәдыргылаз акәырбаннагарҭақәа ирбгеит, иара убас ирбгеит Мана́ссиа Иегова иҩнаҿы аҩшҭак рҿы иргылаз акәырбаннагарҭақәагьы. Иара урҭ рбганы, рсаба арха Кедро́н иқәиԥсеит. 13 Иара убас иара Иерусалим аԥхьа, ашьха Аҭахара* аладатәи аганахь* иҟаз аԥшьаҭыԥқәа хәымгеитәит, урҭ израильтәи аҳ Соломон сидо́наа рынцәа хәымга Аста́рта лзи, моа́ваа рынцәа хәымга Кемо́ш изи, аммо́наа рынцәа хәымга Милко́м изи иргылахьан. 14 Иара иԥшьоу агәашьақәа ирбгеит, иԥшьоу ашьаҟақәа хиҵәеит, урҭ ахьгылаз аҭыԥ ауаа рыбаҩқәа ықәиԥсеит. 15 Уи адагьы, иара Вефи́ль иҟаз акәырбаннагарҭа — Нева́т иԥа Иеровоа́м израильаа агәнаҳа дирҟаҵарц азы аԥшьаҭыԥ аҿы иҟаиҵаз акәырбаннагарҭа — ԥыххааса иқәиҵеит. Акәырбаннагарҭеи аԥшьаҭыԥи ԥыххааса ишьҭеиҵан, аԥшьаҭыԥ былны асаба алихит, насгьы иԥшьоу ашьаҟа иблит.
16 Ио́сиа данынаԥш-ааԥш, ашьхаҿы анышәынҭрақәа ибеит. Иара урҭ анышәынҭрақәа рҟынтә абаҩқәа ааргарц адҵа ҟаиҵан, акәырбаннагарҭаҿы иблит, Анцәа иуаҩы ила Иегова ишиҳәахьаз еиԥш ихәымгеитәит. 17 Иара анышәынҭрахаҳә ибан, ус дҵааит: «Ани анышәынҭра зтәыда?» Ақалақь аҿы инхоз ауаа абас рҳәеит: «Ари анышәынҭра Иудеиантәи иааз, уара Вефи́ль акәырбаннагарҭа иазуураны иҟаз атәы зҳәаз Анцәа иуаҩы инышәынҭроуп». 18 Усҟан Ио́сиа ус иҳәеит: «Уа дыҟаз. Ибаҩқәа шәрыламкьысын». Даргьы ибаҩқәа ирыламкьысӡеит, Сама́риантәи иаалоз аԥааимбаргьы ибаҩқәа ирыламкьысӡеит.
19 Уи адагьы, Ио́сиа израильтәи аҳцәа самариатәи ақалақьқәа рҿы Анцәа дладырҟәларц азы идыргылаз аԥшьаҭыԥқәа зегьы ԥыххааса иқәиҵеит. Иара урҭ Вефи́ль иҟаз аԥшьаҭыԥқәа ирзиуз аҩыза рзиуит. 20 Ио́сиа уа иҟаз аԥшьаҭыԥқәа рыԥшьаҩцәа зегьы ақәырбаннагарҭақәа рҿы ишьит, нас ауаа рыбаҩқәа рықәҵаны иблит. Уи ашьҭахь Иерусалимҟа дхынҳәит.
21 Аҳ ажәлар ус реиҳәеит: «Иазгәашәҭ Шәынцәа Иегова изку Мшаԥныҳәа, аиқәшаҳаҭра ашәҟәы ишану еиԥш». 22 Израиль аӡбаҩцәа анахагылазгьы Израильи Иудеиеи аҳцәа анахагылаз аамҭазгьы Мшаԥныҳәа убас иазгәарымҭаӡацызт. 23 Иегова изкыз уи аҩыза Мшаԥныҳәа азгәарҭеит Ио́сиа Иерусалим аҳра аниуаз жәаатәи ашықәс азы.
24 Ио́сиа иара убас аԥсцәа ҳрацәажәоит ҳәа зҳәози, аԥшыҩцәеи, атерафимқәеи*, аидол хәымгақәеи*, Иудеиеи Иерусалими хәымгарас иҟаз зегьи рҟынтә атәыла ирыцқьеит. Иара уи зыҟаиҵаз аԥшьаҩы Хи́лкиа Иегова иҩнаҿы ииԥшааз азакәан ашәҟәы ианыз ажәақәа наӡарц азоуп. 25 Ио́сиа Иегова иахь дхынҳәын, Моисеи изакәан зегь дықәныҟәо, гәыкала, ԥсыкала*, имч-илшара зегь изкны имаҵ иуан. Иара иҩыза аҳ иаԥхьагьы дыҟамызт, иара инахысгьы дҟамлеит.
26 Иегова Мана́ссиа иҟаиҵоз длазырҟәуаз аусқәа рзы Иудеиа ахь изцәырҵыз игәыԥжәара еиқәымтәаӡеит. 27 Иегова иҳәеит: «Сара Израиль шысԥырызгаз еиԥш, Иудеиагьы сԥырызгоит. Иалысхыз ақалақь Иерусалим мап ацәыскуеит, абас ззысҳәаз аҩны: „Уа сыхьӡ ыҟазаауеит“».
28 Ио́сиа иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәа иудеиатәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп. 29 Иара ихаан египеттәи аҳ, афараон Не́хо, ассириатәи аҳ дицхраарц азы Евфрат аӡиас ахь иҿынеихеит. Уа дахьнеиз аҳ Ио́сиа Не́хо дижәлеит, аха Не́хо Ио́сиа даниба, Меги́ддо аҭыԥ аҿы дишьит. 30 Ио́сиа имаҵуцәа иԥсыбаҩ аҽыуардын иақәҵаны, Меги́ддонтәи Иерусалимҟа иааргеит, нас адамра дҭарҵеит. Уи ашьҭахь ажәлар Ио́сиа иԥа Иоаха́з ахәша ихьшьны иаб иҭыԥан аҳас дҟарҵеит.
31 Иоаха́з аҳас дҟалеит 23 шықәса анихыҵуаз, хымзгьы Иерусалим аҳра иуан. Иан Хамута́ль лыхьӡын, Ли́вна иатәыз Иереми́а иԥҳа лакәын. 32 Иоаха́з иабацәа рабацәа иҟарҵоз ҟаҵо, Иегова ицәымӷыз ҟаиҵон. 33 Афараон Не́хо Иоаха́з Ха́мат адгьыл аҿы Ри́вла аҭыԥ аҿы дыкны дҭеикит, Иерусалим аҳра имуларц азы. Нас Иудеиа 100 талантк* араӡни 1 талантк* ахьи шәахтәк аҳасабала иақәиҵеит. 34 Уи адагьы, афараон Не́хо Ио́сиа иԥа Елиаки́м иаб Ио́сиа иҭыԥан аҳас дҟаиҵеит, ахьӡ ҿыцгьы ииҭеит — Иоаки́м. Иоаха́з иакәзар, Египетҟа дигеит, уа дагьԥсит. 35 Иоаки́м афараон ииҭахыз араӡни ахьи ииҭеит, уи азы ажәлар ашәахтә рықәиҵар акәхеит. Иара Иудеиа инхоз дасу* шәахтәны иқәыз имихит, афараон Не́хо ииҭарц азы.
36 Иоаки́м Иудеиа аҳас дҟалеит 25 шықәса анихыҵуаз, 11 шықәсагьы Иерусалим аҳра иуан. Иан Зеви́да лыхьӡын, Ру́ма иатәыз Педа́иа иԥҳа лакәын. 37 Иоаки́м Иегова ицәымӷыз ҟаиҵон, иабацәа рабацәа иҟарҵоз даҿын.