Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • 2 Аҳцәа 25
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

2 Аҳцәа. Ахҳәаа

      • Навуходоносор Иерусалим амацәаз иҭеикуеит (1—7)

      • Иерусалими аныҳәарҭеи ықәгоуп; анаҩс итҟәаны иргаз (8—21)

      • Гедалиа напхгаҩыс дҟарҵоит (22—24)

      • Гедалиа дыршьуеит; аиудеиаа Египетҟа ибналоит (25, 26)

      • Иехониа Вавилон абахҭа аҟынтә доурышьҭуеит (27—30)

2 Аҳцәа 25:14

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    Аиҭага «Адунеи ҿыц», ад. 436

2 Аҳцәа 25:17

Албаагақәа

  • *

    8 м раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

  • *

    1,3 м раҟара.

2 Аҳцәа 25:28

Албаагақәа

  • *

    Ма «егьырҭ аҳцәа раҳраҭыԥ аасҭа иаҳраҭыԥ еиҳа иҳареикит».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
2 Аҳцәа 25:1–30

2 Аҳцәа

25 Седе́киа аҳра аниуаз ажәбатәи ашықәс азы, ажәабатәи амза ажәабатәи амш аҽны, вавилонтәи аҳ Навуходоно́сор ир зегь иманы Иерусалим днадгылеит, уа иара ируаа лагерны иргылан, ақалақь иаакәыршаны ахыхьчаратә ҭӡамц иргылеит. 2 Иерусалим Седе́киа аҳра аниуаз жәеизатәи ашықәсанӡа амацәаз иҭакын. 3 Ақалақь аҿы амлакра ӷәӷәа ҟалеит, ауаа ирфо рымаӡамызт. Аԥшьбатәи амза ажәбатәи амш аҽны 4 ақалақь аҭӡамц ԥырҽит. Ақалақь халде́иаа акәшаны ишгылазгьы, аибашьцәа зегьы уахынла аҳ ибаҳча азааигәара ҩ-ҭӡамцк рыбжьара иҿаз агәашә иҭыҵны иҩны ицеит. Аҳ Ара́ваҟа узгоз амҩала дцеит. 5 Халде́иаа рыруаа аҳ ишьҭаланы ицан, иерихо́нтәи акаршәраҿы ихьӡеит. Ируаа зегьы дааныжьны, еимбӷьыжәаа ицеит. 6 Аҳ дыркын, вавилонтәи аҳ иахь Ри́влаҟа дыргеит, уа изыруша рыӡбеит. 7 Седе́киа ила ишабоз иҷкәынцәа ршьит, нас Навуходоно́сор Седе́киа илақәа ҭихын, абҩа иалхыз ашьаҳагақәа рыла дишьаҳан, Вавилонҟа дигеит.

8 Ахәбатәи амза абыжьбатәи амш аҽны, вавилонтәи аҳ Навуходоно́сор аҳра аниуаз зеижәтәи ашықәс азы, Иерусалимҟа вавилонтәи аҳ имаҵ зуаз ахьчацәа реиҳабы Навузарада́н дааит. 9 Иара Иегова иҩни, аҳ иҩни, Иерусалим иҟаз аҩнқәа зегьи иблит. Иара убас ауаа дуқәа зегь рыҩнқәа иблит. 10 Ахьчаҩцәа реиҳабы дызхагылаз халде́иаа рыруаа Иерусалим иакәыршаны игылаз аҭӡамц дырбгеит. 11 Навузарада́н ақалақь аҿы иҟаз ауаа тҟәаны игеит — вавилонтәи аҳ иган аанызкылаз ауаа, — иара убас иаанхаз егьырҭ ауаагьы тҟәаны игеит. 12 Аха зынӡа иӷарыз рҟынтә ауаа аанижьит, аӡахәаҭрақәеи амхқәеи рҿы аус дируларц азы. 13 Халде́иаа Иегова иҩнаҿы игылаз абҩа иалхыз агәашьақәа ԥырҽит, иара убас иԥырҽит Иегова иҩнаҿы иҟаз акәырҷыжьқәеи абҩа иалхыз амшыни, абҩа Вавилонҟа иргеит. 14 Дара ахәа зҭарыԥсоз аведрақәеи, аҭәырӷәқәеи, афҭилԥҟагақәеи, аҵәцақәеи ргеит, иара убас иргеит аныҳәарҭаҿы рхы иадырхәоз абҩа иалхыз амаҭәарқәа зегьы. 15 Ахьчаҩцәа реиҳабы акәицқәа зҭарыԥсози ахьы цқьеи араӡны цқьеи ирылхыз агәыблаақәеи игеит. 16 Соломон Иегова иҩназы иҟаиҵаз ҩ-гәашьаки, амшыни, акәырҷыжьқәеи злыхыз абҩа убас ирацәан, иагьырзыкапануамызт. 17 Аҩгәашьакгьы роура жәаа-жәаа мышьхәылҵ* иҟан, агәашьа х-мышьхәылҵк* иҟаз абҩа иалхыз акапитель ахагылан. Акапитель иаакәыршаны иамаз асеткеи амыҵмыџьқәеи абҩа иалхын. Аҩбатәи агәашьагьы, уи иамаз асеткагьы убас иҟан.

18 Ахьчаҩцәа реиҳабы иара убас аԥшьаҩ еиҳабы Сера́иеи, аҩбатәи аԥшьаҩы Софо́ниеи, хҩык агәашәхьчаҩцәеи иманы дцеит. 19 Уи адагьы, иара аруаа ирхагылаз ачынуаҩи, ақалақь аҿы иҟаз аҳ изааигәаз хәҩык ауааи, архәҭа азы ауаа еидызкылоз аруаа реиҳабы имаӡаныҟәгаҩи, ақалақь аҿы инхаз анхаҩцәа рҟынтә 60-ҩык ауааи ақалақь аҟынтә игеит. 20 Ахьчаҩцәа реиҳабы Навузарада́н урҭ вавилонтәи аҳ иахь Ри́влаҟа игеит. 21 Вавилонтәи аҳ урҭ Ри́вла ишьит, Ха́мат адгьыл аҿы. Убас иудеиатәи ажәлар рыдгьыл аҟынтә иқәцан.

22 Вавилонтәи аҳ Навуходоно́сор Иудеиа инхаз Шафа́н иԥа Ахика́м иԥа Геда́лиа дырхаиргылеит. 23 Аруаа реиҳабацәа зегьы — Нета́ниа иԥа Измаили, Кареа́х иԥа Иохана́ни, Нето́ф иатәыз Танхуме́т иԥа Сера́иеи, Маа́ха иатәыз хаҵак иԥа Иаза́ниеи — вавилонтәи аҳ ажәлар Геда́лиа дшырхаиргылаз анраҳа, реибашьцәа рыманы Ми́цпаҟа Геда́лиа иахь иааит. 24 Геда́лиа дқәын, урҭ реибашьцәеи дареи ус реиҳәеит: «Халдеи́аа маҵуцәас рзыҟалара шәацәымшәан, ари адгьыл аҿы шәынхала, вавилонтәи аҳ имаҵ шәула, усҟан акгьы шәыхьӡом».

25 Абыжьбатәи амзазы аҳ ишьҭра иатәыз, Елиша́ма иԥа Нета́ниа иԥа Измаили ицыз 10-ҩык ауааи Ми́цпаҟа иаан, Геда́лиа дыршьит. Иара убас иршьит уи ицыз аиудеиааи халде́иааи. 26 Уи ашьҭахь аиудеиаа зегьы, ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа, иара убас аруаа реиҳабацәагьы Египетҟа ицеит, избанзар халде́иаа ирыцәшәон.

27 Иудеиатәи аҳ Иехо́ниа дытҟәаны данырга ҩажәижәибыжьбатәи ашықәс азы, жәаҩатәи амза ҩажәибыжьбатәи амш аҽны, Еви́л-Мерода́х вавилонтәи аҳас даныҟала Иехо́ниа абахҭа аҟынтә доуишьҭит. 28 Иара уи ибзианы дизыҟан, Вавилон иҟаз егьырҭ аҳцәа раасҭа ҳаҭыр иқәиҵон*. 29 Иехо́ниа абахҭамаҭәа ишәихит, иԥсы ахьынӡаҭазгьы аҳ истол дахатәаны акрифон. 30 Иԥсы ахьынӡаҭаз иара есыҽны аҳ иҟынтә иқәнагаз афатә иоуан.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра