Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • 2 Аҳцәа 22
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

2 Аҳцәа. Ахҳәаа

      • Иудеиатәи аҳ Иосиа (1, 2)

      • Аныҳәарҭа иагу-иабзоу аҟаҵара иазку амҩақәҵарақәа (3—7)

      • Азакәан ашәҟәы рыԥшааит (8—13)

      • Арыцҳара иазку Хулда лԥааимбаражәа (14—20)

2 Аҳцәа 22:17

Албаагақәа

  • *

    Ма «акәырбан былны алҩа ахьырзырышьҭуаз».

2 Аҳцәа 22:20

Албаагақәа

  • *

    Аԥсра убас ирԥшӡаны иазырҳәон.

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
2 Аҳцәа 22:1–20

2 Аҳцәа

22 Ио́сиа Иудеиа аҳас дҟалеит аа-шықәса анихыҵуаз, 31 шықәсагьы Иерусалим аҳра иуан. Иан Иеди́да лыхьӡын, Боцка́т иатәыз Ада́иа иԥҳа лакәын. 2 Ио́сиа Иегова ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡоз ҟаиҵон, иабацәа раб Давид имҩақәа дырнымҵӡакәа дырнын.

3 Аҳ Ио́сиа аҳра аниуаз жәаатәи ашықәс азы амаӡаныҟәгаҩ Шафа́н Иегова иҩнахьы дишьҭит. Иара Мешулла́м иԥа Аца́лиа иԥа иакәын. Ио́сиа уи ус иеиҳәеит: 4 «Аԥшьаҩ хада Хи́лкиа иахь уца, уи агәашәхьчаҩцәа ажәлар рҟынтә ироуз, нас Иегова иҩнахьы инаргаз аԥара еидикылааит. 5 Урҭ аԥарақәа Иегова иҩнаҿы имҩаԥысуа аусқәа знапы иану ирырҭааит, Иегова иҩнаҿы иагу-иабзоу ҟазҵо аусуцәа ирзыршәарц азы — 6 ауасҭацәеи, аргылаҩцәеи, ахаҳәеиқәҵаҩцәеи. Иара убас урҭ аԥарақәа рыла аҩны иагу-иабзоу аҟаҵаразы аӷәи ицәу ахаҳәқәеи аархәааит. 7 Аԥара зырҭо шәырмыцклаԥшлан, избанзар дара рыгәра угартә иҟоуп».

8 Аԥшьаҩ хада Хи́лкиа амаӡаныҟәгаҩ Шафа́н ус иеиҳәеит: «Сара Иегова иҩнаҿы азакәан ашәҟәы сыԥшааит». Хи́лкиа уи ашәҟәы Шафа́н ииҭан, Шафа́н уи аԥхьара далагеит. 9 Амаӡаныҟәгаҩ Шафа́н аҳ иахь даан, абас иҳәеит: «Умаҵуцәа аҩны иҩназ аԥара рган, Иегова иҩнаҿы имҩаԥысуа аусқәа знапы иану ирырҭеит». 10 Шафа́н иациҵеит: «Аԥшьаҩы Хи́лкиа ашәҟәы сиҭеит». Нас уи аҳ дизаԥхьо далагеит.

11 Аҳ азакәан ашәҟәы ианыз ажәақәа аниаҳа, имаҭәа ишәхаԥижәеит. 12 Нас аԥшьаҩы Хи́лкиеи, Шафа́н иԥа Ахика́ми, Михе́и иԥа Ахбо́ри, амаӡаныҟәгаҩ Шафа́ни, аҳ имаҵуҩы Аса́иеи абас реиҳәеит: 13 «Шәцаны, Иегова сара сзи, ажәлар рзи, Иудеиа зегь ази, ирыԥшааз ашәҟәы иану ажәақәа рзи шәиазҵаа. Иегова игәы ҳзыԥжәеит, ҳабацәа рабацәа ари ашәҟәы иану ажәақәа иахьырзымӡырҩуаз, иану зегь иахьықәымныҟәоз азы».

14 Усҟан аԥшьаҩы Хи́лкиеи, Ахика́ми, Ахбо́ри, Шафа́ни, Аса́иеи аԥааимбарԥҳәыс Ху́лда лахь ицеит. Лара Харха́с иԥа Ти́ква иԥа амаҭәахьчаҩ Шаллу́м иԥҳәыс лакәын. Ху́лда Иерусалим дынхон, ақалақь иҿыцу ахәҭаҿы. 15 Лара урҭ абас ралҳәеит: «Абас иҳәоит Израиль Анцәа Иегова: „Сара сахь шәаазышьҭыз ауаҩы абас иашәҳә: 16 ‚Абас иҳәоит Иегова: ‚Сара ари аҭыԥи ара инхо ауааи арыцҳара ду иақәсыршәоит, иудеиатәи аҳ дзыԥхьаз ари ашәҟәы иану ажәақәа зегь насыгӡоит. 17 Дара сахьаанрыжьыз азы, русқәа рыла сларҟәуа егьырҭ анцәақәа акәырбанқәа ахьрызнаргоз* азы ари аҭыԥ сгәы азыԥжәоит, сгәыԥжәарагьы еиқәтәараны иҟаӡам‘. 18 Иегова шәиазҵаарц азы шәаазышьҭыз иудеиатәи аҳ абас иашәҳә: ‚Абас иҳәоит иуаҳаз ажәақәа ирызкны Израиль Анцәа Иегова: 19 ‚Ари аҭыԥи уа иқәынхо ауааи ирызкны исҳәаз ануаҳа — ишшәиизаауа, насгьы изықәшәаз заҳауа, избо гачамкны, ишанханы ишаанхо, — уара угәы ԥсасиит, Иегова иҿаԥхьа ахынраалара ааурԥшит, насгьы умаҭәа ушәхаԥжәаны сҿаԥхьа уҵәыуон, убри аҟынтә сара уҳәара саҳаит, — иҳәоит Иегова. — 20 Убри азы уара уабацәа рабацәа уҽрыдукылоит*, аҭынчра аныҟоу анышә уарҭоит, ари аҭыԥ иазаазго арыцҳара ула иабаӡом‘“». Даргьы аҳ зегь иарҳәеит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра