Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • 2 Аҳцәа 17
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

2 Аҳцәа. Ахҳәаа

      • Израильтәи аҳ Осиа (1—4)

      • Ассириаа Израиль рымпыҵадырхалоит (5, 6)

      • Израильаа Анцәа иахьицәхьаҵыз азы ртәыла аҟынтә иқәцоуп  (7—23)

      • Самариатәи ақалақьқәа рҿы атәымтәылауаа анхара иалагоит (24—26)

      • Самариаа Анцәагьы имҵахырхәоит, амцнцәахәқәагьы ирымҵахырхәоит (27—41)

2 Аҳцәа 17:7

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ицәшәон».

2 Аҳцәа 17:9

Албаагақәа

  • *

    Ақыҭа хәыҷқәа рҟны еиԥш, ақалақь дуқәа рҿгьы.

2 Аҳцәа 17:10

Албаагақәа

  • *

    Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Иԥшьоу ашьаҟа».

2 Аҳцәа 17:11

Албаагақәа

  • *

    Ма «акәырбан былны алҩа рышьҭуан».

2 Аҳцәа 17:12

Албаагақәа

  • *

    «Аидол хәымгақәа» ҳәа еиҭагоу ауриатә ажәа ара ажәа «ауац» иазааигәазар ауеит, иаанарԥшуеит игәырхынҳәыгоу акы.

2 Аҳцәа 17:14

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «рыхәдаџьал дыркьакьеит».

2 Аҳцәа 17:15

Албаагақәа

  • *

    Ма «агәаларшәарақәа».

2 Аҳцәа 17:17

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амца иахыргон».

2 Аҳцәа 17:25

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «имҵахырхәаӡомызт».

2 Аҳцәа 17:28

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ицәшәаларц».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
  • 33
  • 34
  • 35
  • 36
  • 37
  • 38
  • 39
  • 40
  • 41
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
2 Аҳцәа 17:1–41

2 Аҳцәа

17 Е́ла иԥа О́сиа израильтәи аҳас дҟалеит иудеиатәи аҳ Аха́з аҳра аниуаз жәаҩатәи ашықәс азы, 9 шықәсагьы Сама́риа аҳра иуан. 2 Иара Иегова ицәымӷыз ҟаиҵон, аха иара иаԥхьа иҟаз израильтәи аҳцәа реиԥшҵәҟьа дыҟамызт. 3 Ассириатәи аҳ Салманаса́р О́сиа диҿагылеит, убри аҟынтә О́сиа уи димаҵуҩхан, ашәахтә изшәара далагеит. 4 Аха ассириатәи аҳ еиликааит ацәгьара изырурц згәы иҭазкыз О́сиа дышрылаз, избанзар иара египеттәи аҳ Со иахь ацҳаражәҳәаҩцәа ишьҭит, есышықәса иишәараны иҟаз ашәахтәгьы имшәаӡеит. Убри аҟынтә ассириатәи аҳ уи дшьаҳаны, абахҭа дҭеикит.

5 Ассириатәи аҳ атәыла зегьы далсын, Сама́риа днадгылеит, хышықәсагьы амацәаз иҭакны иман. 6 О́сиа аҳра аниуаз ажәбатәи ашықәсазы, ассириатәи аҳ Сама́риа импыҵаирхалеит. Иара израильаа Ассириаҟа иахиган, Хала́хи, аӡиас Гоза́н ааигәара иҟаз Хаво́ри, ми́даа рықалақьқәа рҿи инирхеит.

7 Ус изыҟалаз израильаа египеттәи аҳ афараон ихәура иҭызгаз, Египетгьы иалызгаз Рынцәа Иегова иҿаԥхьа агәнаҳақәа ахьыҟарҵоз азоуп. Дара егьырҭ анцәақәа ирымҵахырхәон*, 8 насгьы Иегова израильаа ирылигаз ажәларқәа рҵасқәеи израильтәи аҳцәа иаларгалаз аҵасқәеи ирықәныҟәон.

9 Израильаа Рынцәа Иегова ицәымӷыз ҟарҵон. Дара рықалақьқәа зегьы рҿы аԥшьаҭыԥқәа дыргылон, ахьчаратә бааш инаркны ақалақь ӷәӷәа аҟынӡа*. 10 Ахәы ҳаракқәа зегь рҿи ашәшьыра бзианы иҟазҵоз ҵлас иҟаз зегь рымҵани иԥшьоу агәашьақәеи иԥшьоу ашьаҟақәеи* дыргылон. 11 Иегова ирылигаз ажәларқәа реиԥш аԥшьаҭыԥқәа рҿы акәырбанқәа наргон*. Дара аус цәгьақәа ҟаҵо, Иегова дладырҟәуан.

12 Дара аидол хәымгақәа* рымаҵ руан, Иегова ус ҟарымҵаларц шреиҳәазгьы. 13 Иегова израильааи аиудеиааи иԥааимбарцәа зегьи абарақәа збози рыла ргәырҽаниҵон: «Шәымҩа цәгьақәа ааншәыжь! Сыԥҟарақәеи сықәҵарақәеи шәрықәныҟәала, смаҵзуҩцәа-сԥааимбарцәа рыла шәабацәа рабацәа ирысҭаз азакәан иану зегь нашәыгӡала». 14 Аха дара ӡырҩӡомызт, Анцәа Иегова дхазымҵоз рабацәа реиԥш иуҳәо раҳаӡомызт*, 15 иԥҟарақәа мап рцәыркуан, рабацәеи иареи ирыбжьеиҵаз аиқәшаҳаҭра еиларгон, ргәырҽаниҵарц азы ириҭоз амҩақәҵарақәа* ирықәныҟәаӡомызт, акгьы иаԥсамыз аидолқәа ирышьҭан, рхаҭақәагьы акгьы иаԥсамкәа иҟалеит. Дара иаарыкәыршаны инхоз ажәларқәа ирҿыԥшуан, Иегова урҭ шәырҿымԥшлан ҳәа шреиҳәазгьы.

16 Дара Рынцәа Иегова иԥҟарақәа аанрыжьит, ирҭәоу ҩ-ҳәыски иԥшьоу ашьаҟеи ҟарҵеит, аеҵәақәа рымҵахырхәареи Ваа́л имаҵ ауреи иалагеит. 17 Иара убас рыҷкәынцәеи рыԥҳацәеи рбылуан*, иԥшуан, адыргақәа ирыцклаԥшуан, Иегова дларҟәуа ицәымӷыз шыҟарҵац иҟарҵон.

18 Убри аҟынтә Иегова израильаа игәы рзыԥжәан, иԥхеиҵеит. Иара Иуда иабиԥара ада ари адгьыл аҿы аӡә даанхар имуӡеит.

19 Аха аиудеиааҵәҟьагьы Иегова иԥҟарақәа ирықәныҟәаӡомызт, даргьы израильаа иныҟәыргоз аҵасқәа ныҟәыргон. 20 Убри аҟынтә Иегова израильаа рышьҭра зегь мап ацәикит. Иара урҭ ибжьон, ақәылаҩцәа ириҭон, аҵыхәтәаны иқәицеит. 21 Иара Израиль Давид иҩны иаҟәигеит, нас израильаа Нева́т иԥа Иеровоа́м аҳас дҟарҵеит. Аха Иеровоа́м урҭ агәнаҳа ӷәӷәа дирҟаҵеит, иара имшала Иегова даанрыжьит. 22 Израильаа Иеровоа́м иҟаиҵоз агәнаҳақәа зегь ҟарҵон. Дара урҭ аанмыжькәа ишырҿыҵ ирҿын, 23 Иегова имаҵзуҩцәа-иԥааимбарцәа зегь рыла ишиҳәахьаз еиԥш Израиль ықәицаанӡа. Израильаа рыдгьыл аҟынтә Ассириаҟа иқәцан, иахьа уажәраанӡагьы уа иҟоуп.

24 Ассириатәи аҳ Вавилони, Ку́теи, А́ввеи, Ха́мати, Сефарваи́ми рҟынтә ауаа ааиган, израильаа рҭыԥан самариатәи ақалақьқәа рҿы инирхеит. Дара Сама́риа ртәыртәын, уи иаҵанакуаз ақалақьқәа рҿы анхара иалагеит. 25 Урҭ ауаа уа анхара ианалагаз аамҭазы Иегова ицәшәаӡомызт*, убри аҟынтә Иегова алымқәа рыжәиҵон, алымқәагьы урҭ ршьуан. 26 Ассириатәи аҳ ус иарҳәеит: «Самариатәи ақалақьқәа рҿы инурхаз ажәларқәа уи адгьыл Анцәа ишимҵахырхәалатәу рыздырӡом, убри аҟынтә иара алымқәа рыжәиҵоит, алымқәагьы урҭ ршьуеит, избанзар урҭ рҟынтә аӡәгьы уи адгьыл Анцәа ишимҵахырхәалатәу издырӡом».

27 Ассириатәи аҳ адҵа ҟаиҵеит: «Иқәышәцаз рҟынтә ԥшьаҩык дхынҳәны, уи адгьыл Анцәа ишимҵахырхәалатәу дирҵааит». 28 Усҟан Сама́риантәи иргаз аԥшьаҩцәа руаӡәк дхынҳәны Вефи́льҟа даан, ауаа Иегова имҵахырхәаларц* азы иҟаҵалатәу дырҵара далагеит.

29 Аха ажәларқәа зегьы дасу рынцәахәқәа ҟарҵан, сама́риаа идыргылаз аԥшьаҭыԥқәа рҿы идыргылеит. Ажәларқәа зегьы иахьынхоз рықалақьқәа рҿы дасу рынцәахәқәа ҟарҵеит. 30 Вавилонаа Сукко́т-Бено́т дҟарҵеит, ку́таа Нерга́л дҟарҵеит, ха́матаа Аши́ма дҟарҵеит, 31 а́вваа Нивха́зи Тарта́ки ҟарҵеит, сефарваи́маа рԥацәа былны, Сефарваи́м анцәақәа Адраммеле́хи Анаммеле́хи кәырбанс ирызнаргон. 32 Дара Иегова ишимҵахырхәозгьы, аԥшьаҭыԥқәа рҿы ԥшьаҩцәас рыжәлар рҟынтә ауаа ҟарҵеит. Урҭ аԥшьаҩцәа аҳаракырақәа рҿы иҟаз аԥшьаҭыԥқәа рҿы амаҵ руан. 33 Дара Иегова ицәшәон, аха уи аамҭазгьы иахьықәырцаз адгьылқәа рҿы инхоз ажәларқәа рҵасқәа ныҟәго, рынцәақәа ирымҵахырхәон.

34 Дара иахьагьы уаанӡа еиԥш рынцәақәа ирымҵахырхәо рҵасқәа ныҟәыргоит. Аӡәгьы Иегова дицәшәаӡом, Иегова Иаков, Израиль зыхьӡиҵаз Иаков, ихылҵқәаз ириҭаз иқәҵарақәеи, иҭаххарақәеи, изакәани, иԥҟарақәеи аӡәгьы дрықәныҟәаӡом. 35 Иегова израильааи иареи аиқәшаҳаҭра анрыбжьеиҵоз, абас реиҳәеит: «Егьырҭ анцәақәа шәрымҵамхырхәалан, шәырмеихырхәалан, рымаҵ шәмулан, акәырбанқәагьы рызнашәымгалан. 36 Сара, Иегова, сымч ду алеи снапы ӷәӷәа алеи Египет шәалызгеит. Сара заҵәык шәсымҵахырхәала, сара шәсеихырхәала, сара акәырбанқәа сызнажәгала. 37 Шәара шәзы исҩыз ақәҵарақәеи, аҭаххарақәеи, азакәани, аԥҟарақәеи еснагь ишахәҭоу еиԥш ак агмыжькәа инашәыгӡала, егьырҭ анцәақәа шәрымҵамхырхәалан. 38 Шәареи сареи иҳабжьасҵаз аиқәшаҳаҭра шәхашәмыршҭлан, егьырҭ анцәақәа шәрымҵамхырхәалан. 39 Шәынцәа Иегова заҵәык шәимҵахырхәала, избанзар сара соуп шәаӷацәа зегь рҟынтә шәеиқәзырхо».

40 Аха урҭ ажәларқәа мӡырҩӡеит, уаанӡа еиԥш рынцәахәқәа ирымҵахырхәо рҵасқәа ныҟәыргон. 41 Дара Иегова имҵахырхәон, аха убри аамҭазгьы ридолқәа рымаҵ руан. Рхәыҷқәеи рмоҭацәеи иахьа уажәраанӡагьы рабацәеи рабдуцәеи иҟарҵоз ҟарҵоит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра