2 Аҳцәа
16 Иудеиатәи аҳ Иофа́м иԥа Аха́з аҳас дҟалеит Рема́лиа иԥа Пека́х аҳра аниуаз жәибыжьтәи ашықәсазы. 2 Аха́з аҳас дҟалеит 20 шықәса анихыҵуаз, 16 шықәсагьы Иерусалим аҳра иуан. Иара Анцәа Иегова иҿаԥхьа ииашаз ҟаиҵаӡомызт, иабацәа раб Давид ишыҟаиҵоз еиԥш. 3 Иара израильтәи аҳцәа рымҩа данын, Иегова израильаа ирылигаз ажәларқәа рҵас хәымгақәа дрықәныҟәон, иԥагьы амца дақәҵаны диблит*. 4 Иара аԥшьаҭыԥқәеи ахәқәеи рҿи ашәшьыра бзиа ҟазҵоз ҵлас иҟаз зегь рымҵани акәырбанқәа неигон, акәырбан былны алҩа ишьҭуан.
5 Уи аамҭазы сириатәи аҳ Реци́ни Рема́лиа иԥа израильтәи аҳ Пека́хи Иерусалим иабашьырц идәықәлеит. Дара Аха́з амацәаз дҭаркит, аха ақалақь рзымгаӡеит. 6 Усҟан сириатәи аҳ Реци́н Ела́т Едо́м иазирхынҳәын, аиудеиаа зегьы уантәи иқәицеит. Едо́маа Ела́т анхара иалагеит, дара иахьа уажәраанӡа уа инхоит. 7 Аха́з ассириатәи аҳ Тиглатпаласа́р иахь ауаа ишьҭын, абри аҩыза аҳәара ҟаиҵеит: «Сара умаҵуҩ соуп, уԥагьы соуп. Уааины исықәлаз сириатәи аҳи израильтәи аҳи рҟынтә сеиқәырха». 8 Аха́з Иегова иҩны иҟази аҳ иҩны ахазынаҭрақәа ирҭази араӡни ахьи аашьҭихын, ассириатәи аҳ ҳамҭас изишьҭит. 9 Ассириатәи аҳ Аха́з иҳәара наигӡеит, иара Дамаскҟа даан, уи ақалақь импыҵаирхалеит, уа инхоз ауаа Кирҟа иахигеит, Реци́н дишьит.
10 Аҳ Аха́з Дамаскҟа ддәықәлеит, ассириатәи аҳ Тиглатпаласа́р дибарц азы. Уа иара акәырбаннагарҭа ибан, аԥшьаҩы У́риа акәырбаннагарҭа асахьеи уи шыҟаҵаз узырбоз аплани изишьҭит. 11 Аԥшьаҩы У́риа аҳ Аха́з Дамаскынтәи изааишьҭыз аплан инақәыршәаны акәырбаннагарҭа аргылара далагеит, аҳ дхынҳәаанӡагьы иргыланы далгеит. 12 Аҳ Дамаскынтәи даныхынҳә, акәырбаннагарҭа ибан, днадгыланы акәырбанқәа неигеит. 13 Иара кәырбанс инеигеит ирбылуа акәырбани, ачеи, аҩи, иара убас аҭынчратә кәырбанқәа ршьа акәырбаннагарҭа иақәирԥҟҟеит. 14 Аха́з аҩны аԥхьа, Иегова иҿаԥхьа, акәырбаннагарҭа ҿыци Иегова иҩни рыбжьара игылаз абҩа иалхыз акәырбаннагарҭа иган, акәырбаннагарҭа ҿыц аҟынтә аҩадатәи аганахьала иргылеит. 15 Нас аҳ Аха́з аԥшьаҩы У́риа ус иеиҳәеит: «Акәырбаннагарҭа ду аҿы ибылла ашьыжь иаарго ирбылуа акәырбани, ахәылбыҽха иаарго ачеи, аҳ иааиго ирбылуа акәырбани, кәырбанс иааиго ачеи, иара убас ажәлар иаарго ирбылуа акәырбанқәеи, кәырбанс иаарго ачеи аҩи. Ирбылуа акәырбанқәеи егьырҭ акәырбанқәеи ршьа акәырбаннагарҭа иақәырԥҟҟала. Абҩа иалху акәырбаннагарҭа иазутәу сара иҵегь сазхәыцуеит». 16 Аԥшьаҩы У́риа аҳ Аха́з ииҳәаз зегь ҟаиҵеит.
17 Уи адагьы, аҳ Аха́з акәырҷыжьқәа ирымаз аганқәа ԥиҟҟеит, ирхагылаз ачанқәа рықәихит, ацәқәа ирықәгылаз абҩа иалхыз амшын ацәқәа ирықәихын, ахаҳә дашьма иқәиргылеит. 18 Иара Иегова иҩнаҿы идыргылаз, асабшаҽны рхы иадырхәоз ахыҵакырҭа ықәиган, аҳ иҩналарҭа аиркит, ассириатәи аҳ дицәшәон азоуп ус зыҟаиҵаз.
19 Аха́з иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәа ртәы иудеиатәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп. 20 Аха́з данԥсы, иабацәа рабацәа анышә иахьамаз Давид иқалақь аҿы анышә дарҭеит. Иара ишьҭахь иԥа Езеки́а* аҳас дҟалеит.