2 Аҳцәа
18 Иудеиатәи аҳ Аха́з иԥа Езеки́а иудеиатәи аҳас дҟалеит Е́ла иԥа израильтәи аҳ О́сиа аҳра аниуаз ахԥатәи ашықәс азы. 2 Иара аҳас дҟалеит 25 шықәса анихыҵуаз, 29 шықәсагьы Иерусалим аҳра иуан. Иан А́ви* лыхьӡын, Заха́риа иԥҳа лакәын. 3 Езеки́а Иегова иҿаԥхьа ииашаз ҟаиҵон, иабацәа раб Давид ишыҟаиҵоз еиԥш. 4 Иара аԥшьаҭыԥқәа ықәигеит, иԥшьоу агәашьақәа ирбгеит, иԥшьоу ашьаҟа* хиҵәеит, иара убас Моисеи иҟаиҵаз абҩа иалхыз амаҭ ԥиҽит, избанзар израильаа убраанӡагьы уи акәырбанқәа азнаргон*, Нехушта́н* ҳәагьы иашьҭан. 5 Езеки́а Анцәа Иегова диқәгәыӷуан, иудеиатәи аҳцәа рыбжьара иара иҩыза дыҟаӡамызт, иара иаԥхьагьы, иара ишьҭахьгьы. 6 Иара Иегова дидҳәалан, дизыӡырҩуан, Иегова Моисеи ииҭаз аԥҟарақәа дрықәныҟәон. 7 Иегова Езеки́а дицын, Езеки́а иҟаиҵоз зегьы хшыҩла иҟаиҵон. Иара ассириатәи аҳ диҿагылеит, имаҵ аурагьы даҟәыҵит. 8 Иара филисти́маа драбашьуа, Газанӡеи уи акәша-мыкәша иҟаз аҭыԥқәеи рҟынӡа днеит, ахьчаратә бааш инаркны ақалақь* ӷәӷәа аҟынӡа.
9 Езеки́а аҳра аниуаз аԥшьбатәи ашықәс азы (Е́ла иԥа израильтәи аҳ О́сиа аҳра аниуаз абыжьбатәи ашықәс азы) ассириатәи аҳ Салманаса́р Сама́риа днадгылан, амацәаз иҭеикит. 10 Хышықәса рышьҭахь асси́риаа Сама́риа рымпыҵадырхалеит. Уи ҟалеит Езеки́а аҳра аниуаз афбатәи ашықәс азы, израильтәи аҳ О́сиа аҳра аниуаз ажәбатәи ашықәс азы. 11 Ассириатәи аҳ израильаа Ассириаҟа иган, Хала́хи, аӡиас Гоза́н азааигәара иҟаз Хаво́ри, ми́даа рықалақьқәа рҿи инирхеит, 12 избанзар дара Рынцәа Иегова изыӡырҩӡомызт, иареи дареи ирыбжьаз аиқәшаҳаҭра еиларгон, Иегова имаҵзуҩы Моисеи иреиҳәаз иазыӡырҩӡомызт, иагьықәныҟәаӡомызт.
13 Езеки́а аҳра аниуаз жәиԥшьтәи ашықәс азы ассириатәи аҳ Синаххери́б иудеиатәи ақалақь ӷәӷәақәа дрықәлан, импыҵаирхалеит. 14 Иудеиатәи аҳ Езеки́а Лахи́шҟа ассириатәи аҳ иахь абри аҩыза ажәа наицҳаит: «Сара ахара сыдуп. Ухьаҵны уца, иаауҭаххо зегь усҭоит». Ассириатәи аҳ иудеиатәи аҳ Езеки́а иҿы 300 талант* араӡни 30 талант* ахьи даҳәеит. 15 Езеки́а уи Иегова иҩны аҿи аҳ иҩны ахазынҭрақәа рҿи иҟаз араӡны зегьы ииҭеит. 16 Иара убас иудеиатәи аҳ Езеки́а Иегова иныҳәарҭа ашәқәеи ашәвазқәеи злахиҟьаз ахьы амихын, ассириатәи аҳ ииҭеит.
17 Ассириатәи аҳ Лахи́шынтәи аҳ Езеки́а иахь Иерусалимҟа атарта́ни*, арабса́риси*, арабса́ки* ар ду рыцҵаны ишьҭит. Дара Иерусалим инадгылан, аӡәӡәаҩцәа рҭыԥ ахь узгоз амҩа ду азааигәара иҟаз хыхьтәи аӡҭарчы аҟынтә иаауаз аӡы азааигәара иаангылеит. 18 Дара аҳ ддәылҵааит ҳәа анырҳәа, аҳҭынра иахагылаз Хи́лкиа иԥа Елиаки́ми, амаӡаныҟәгаҩ Ше́внеи, Аса́ф иԥа аҭоурыхнҵаҩы Иоа́хи дәылҵит.
19 Арабса́к ус реиҳәеит: «Езеки́а абас иашәҳә: „Абас иҳәоит ассириатәи аҳ, аҳ ду: ‚Узықәгәыӷуеи? 20 Уара иуҳәоит: ‚Сара амч сымоуп, сшеибашьышагьы здыруеит‘, аха баша уцәажәоит. Узықәгәыӷуада, излоугәаӷьи сҿагылара? 21 Уара Египет уақәгәыӷуеит, ихжәоу акалам, уи сааннакылоит ҳәа уақәгәыӷыр, унапы иалаланы икылнаҵәоит. Убас рыхьуеит египеттәи аҳ афараон иқәгәыӷуа зегьы. 22 Аха ‚ҳара Ҳанцәа Иегова ҳиқәгәыӷуеит‘ уҳәар, Езеки́а, уара уакәӡами Иудеиеи Иерусалими ‚Иерусалим иҟоу акәырбаннагарҭа аԥхьа Анцәа шәимҵахырхәала‘ ҳәа ҳәаны, иԥшьаҭыԥқәеи икәырбаннагарҭақәеи ықәызгаз?‘“ 23 Сыԥшәма ассириатәи аҳи уареи шәеиса, иаиааиуа дгәаҳҭап: сара 2 000-ҽы усҭоит, урҭ ирықәуртәаша ауаа узыԥшаауама? 24 Узықәгәыӷуа египеттәи аҽыуардынқәеи аҽыуааи ракәзар, сыԥшәма зегь иреиҵоу имаҵуцәа рҟынтә напхгаҩык идамзаргьы ииааира улшома? 25 Иегова иҭахны акәӡами сара ари аҭыԥ сшақәлаз, ицҟьашәҟьа иқәысҵарц азы? Иегова ихаҭа исеиҳәеит: „Ари адгьыл уақәланы, ицҟьашәҟьа иқәҵа“».
26 Усҟан Хи́лкиа иԥа Елиаки́ми, Ше́внеи, Иоа́хи арабса́к ус иарҳәеит: «Ҳуҳәоит, умаҵуцәа арамеи* бызшәала урацәажәала, избанзар ҳара уи еилаҳкаауеит. Ауриацәа рбызшәала уаҳмацәажәалан, избанзар аҭӡамц иқәгылоу ауаа иуҳәо раҳауеит». 27 Аха арабса́к ус реиҳәеит: «Сыԥшәма арҭ ажәақәа шәыԥшәмеи шәареи шәымацара ишәасҳәарц азоума сзааишьҭыз? Аҭӡамц иқәтәоу ауаа рахьгьы сааимышьҭӡеи, шәара шәеиԥш ирҟәаҵуа зфало, зычхәра зжәло ауаа?»
28 Уи ашьҭахь арабса́к ибжьы рдуны ауриацәа рбызшәала ус ҿааиҭит: «Аҳ ду, ассириатәи аҳ, ииҳәо шәазыӡырҩы! 29 Аҳ ус иҳәоит: „Езеки́а шәижьар шәымун, избанзар иара сара сҟынтә шәизыхьчаӡом. 30 ‚Иегова хымԥада ҳаиқәирхоит, ари ақалақь ассириатәи аҳ иоуӡом‘ ҳәа шәаҳәо, Иегова шәиқәгәыӷларц шәгәазҭазҵо Езеки́а шәизымӡырҩын“. 31 Шәизымӡырҩын Езеки́а! Абар ассириатәи аҳ ииҳәо: „Аҭынчра ҳабжьаҳҵап, шәыҽсышәҭ! Усҟан дасу иӡахәа аҟынтә ажь ифалоит, илаҳаҵла аҟынтә илаҳа ифалоит, иҵеџь аҟынтәгьы аӡы ижәлоит, 32 сара сааны, шәыдгьыл иеиԥшу адгьыл ахь шәызгаанӡа, ачарыци, ачаԥшьи, аҩи, ачеи, аӡахәаҭрақәеи, амаслинаҭрақәеи, ацхеи ахьыҟоу адгьыл ахь. Шәара шәыԥсы ҭазаауеит, шәыԥсӡом. Шәизымӡырҩын Езеки́а‚ ‚Иегова ҳаиқәирхоит‘ ҳәа аниҳәо, шәижьоит. 33 Егьырҭ ажәларқәа рынцәақәа ассириатәи аҳцәа рҟынтә рыдгьылқәа рзыхьчама? 34 Иабаҟоу Ха́мати Арпа́ди рынцәақәа? Иабаҟоу Сефарваи́ми, Хе́ни, И́ввеи рынцәақәа? Ирзеиқәырхама сара сҟынтә Сама́риа? 35 Убарҭ анцәақәа рҟынтә зыдгьыл еиқәзырхада? Нас, Иегова Иерусалим сара сҟынтә изеиқәырхома?“»
36 Аха ауаа ҿымҭӡакәа игылан, аӡәгьы аҭак ииҭомызт, избанзар аҳ аҭак ишәымҭан ҳәа адҵа ҟаиҵеит. 37 Аҳҭынра иахагылаз Хи́лкиа иԥа Елиаки́ми, амаӡаныҟәгаҩ Ше́внеи, Аса́ф иԥа аҭоурыхнҵаҩ Иоа́хи рымаҭәақәа рышәхаԥжәаны Езеки́а иахь инеин, арабса́к ииҳәаз зегь изеиҭарҳәеит.