Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • 2 Аҳцәа 15
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

2 Аҳцәа. Ахҳәаа

      • Иудеиатәи аҳ Азариа (1—7)

      • Аҵыхәтәантәи израильтәи аҳцәа: Захариа (8—12), Шаллум (13—16), Менахем (17—22), Пекахиа (23—26), Пеках (27—31)

      • Иудеиатәи аҳ Иофам (32—38)

2 Аҳцәа 15:1

Албаагақәа

  • *

    Иеровоа́м II.

  • *

    Иаанагоит «Иегова ацхыраара ҟаиҵеит». Уи 2Аҳ 15:13; 2Аш 26:1—23; Иса 6:1; Зх 14:5 рҿы У́ззиа ҳәа изҳәоуп.

2 Аҳцәа 15:5

Албаагақәа

  • *

    Ма «аҳҭынра».

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш»,

    1/4/2015, ад. 21

2 Аҳцәа 15:19

Албаагақәа

  • *

    34,2 т. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

2 Аҳцәа 15:20

Албаагақәа

  • *

    570 г. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
  • 33
  • 34
  • 35
  • 36
  • 37
  • 38
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
2 Аҳцәа 15:1–38

2 Аҳцәа

15 Израильтәи аҳ Иеровоа́м* аҳра аниуаз ҩажәибыжьбатәи ашықәс азы Иудеиа аҳас дахагылеит аҳ Ама́циа иԥа Аза́риа*. 2 Иара 16 шықәса анихыҵуаз аҳас дҟалеит, 52 шықәсагьы Иерусалим аҳра иуан. Иан Иехо́лиа лыхьӡын, Иерусалим датәын. 3 Иара иаб Ама́циа иеиԥш Иегова иҿаԥхьа ииашаз ҟаиҵон. 4 Аха аҳаракырақәа рҿы аԥшьаҭыԥқәа ықәгаӡамызт, ажәлар уахь акәырбанқәа шнаргац инаргон, акәырбан былны алҩа рышьҭуан. 5 Иегова аҳ ацәеилабаара иирхьит, иара уи дыԥсааанӡа иман. Дычмазаҩнаҵы, иара аҳҭынраҿы акәымкәа даҽа ҩнык аҿы дынхон. Аҳ иԥа Иофа́м аҩны* дахагылан, ажәлар русқәагьы иӡбон. 6 Аза́риа иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәа ртәы иудеиатәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп. 7 Аза́риа данԥсы, иабацәа рабацәа анышә иахьамаз Давид иқалақь аҿы анышә дарҭеит. Иара ишьҭахь иԥа Иофа́м аҳас дҟалеит.

8 Иеровоа́м иԥа Заха́риа Израиль аҳас дахагылеит иудеиатәи аҳ Аза́риа аҳра аниуаз ҩажәижәаатәи ашықәс азы. Иара фымз Сама́риа аҳас дыҟан. 9 Иара иабацәа рабацәа реиԥш Иегова ицәымӷыз ҟаиҵон, Нева́т иԥа Иеровоа́м израильаа идирҟаҵоз агәнаҳақәа аанмыжькәа дшырҿыц дырҿын. 10 Иаве́ш иԥа Шаллу́м Заха́риа игәаӷ икын Ивлеа́м ақалақь аҿы дишьит, нас иара аҳас дҟалеит. 11 Заха́риа иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәа ртәы израильтәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп. 12 Убас инаӡеит Иегова Ииу́и иеиҳәаз: «Уҷкәынцәа ирхылҵуа ԥшь-абиԥарак израильтәи аҳраҭыԥ аҿы итәазаауеит». Убас иагьыҟалеит.

13 Иаве́ш иԥа Шаллу́м аҳас дҟалеит иудеиатәи аҳ У́ззиа аҳра аниуаз ҩажәизеижәтәи ашықәсазы. Иара Сама́риа мызкы аҳра иуан. 14 Нас Ти́рцантәи Сама́риаҟа Гади́ иԥа Менахе́м дааит. Иара Иаве́ш иԥа Шаллу́м дишьын, иара иҭыԥан аҳас дҟалеит. 15 Шаллу́м иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәеи игәы иҭеикыз ацәгьареи ртәы израильтәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп. 16 Менахе́м Ти́рцантәи Типса́хҟа дцан, дақәлеит. Иара ақалақь аҿы иҟази уи акәша-мыкәша иҟази зегь ишьит, агәашә ахьизаадмыртыз азы. Иара Типса́х инхоз ишьит, зцәазтәымкәа иҟаз аҳәса рымгәақәа ирҟьеит.

17 Гади́ иԥа Менахе́м Израиль аҳас дҟалеит иудеиатәи аҳ Аза́риа аҳра аниуаз ҩажәизеижәтәи ашықәс азы, жәашықәсагьы Сама́риа аҳра иуан. 18 Иара Иегова ицәымӷыз ҟаиҵон, Нева́т иԥа Иеровоа́м израильаа идирҟаҵоз агәнаҳақәа иԥсы ахьынӡаҭаз дшырҿыц дырҿын. 19 Ассириатәи аҳ Пул Израиль даналала, Менахе́м Пул 1 000 талант* араӡны ииҭеит, иаҳрамчра арӷәӷәара дицхраарц азы. 20 Менахе́м араӡны ибеиаз израильаа ирымихит, дасу 50 ше́кель* ҟарҵарц реиҳәеит. Иара уи ассириатәи аҳ ииҭеит, усҟан ассириатәи аҳ уи адгьыл ааныжьны дхьаҵит. 21 Менахе́м иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәа ртәы израильтәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп. 22 Менахе́м данԥсы, иԥа Пека́хиа аҳас дҟалеит.

23 Менахе́м иԥа Пека́хиа Израиль аҳас дҟалеит иудеиатәи аҳ Аза́риа аҳра аниуаз ҩынҩажәижәабатәи ашықәс азы. Иара ҩышықәса Сама́риа аҳра иуан. 24 Иара Иегова ицәымӷыз ҟаиҵон, Нева́т иԥа Иеровоа́м израильаа идирҟаҵоз агәнаҳақәа аанмыжькәа дшырҿыц дырҿын. 25 Ируаа ирхагылаз Рема́лиа иԥа Пека́х Пека́хиа дишьырц игәы иҭеикын, Сама́риа аҳ иҩны ахырӷәӷәарҭа бааш аҿы дишьит, Арго́ви А́ригьы уа ишьит. Пека́х Галаа́дынтәи 50-ҩык ауаа ицын. Иара Пека́хиа иҭыԥан аҳас дҟалеит. 26 Пека́хиа иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәа ртәы израильтәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп.

27 Рема́лиа иԥа Пека́х Израиль аҳас дҟалеит иудеиатәи аҳ Аза́риа аҳра аниуаз ҩынҩажәижәаҩатәи ашықәсазы, 20 шықәсагьы Сама́риа аҳра иуан. 28 Иара Иегова ицәымӷыз ҟаиҵон, Нева́т иԥа Иеровоа́м израильаа идирҟаҵоз агәнаҳақәа аанмыжькәа дшырҿыц дырҿын. 29 Израильтәи аҳ Пека́х иаан ассириатәи аҳ Тиглатпаласа́р даан, Иио́ни, Аве́л-Бет-Маа́хи, Ианоа́хи, Кеде́ши, Хацо́ри, Галаа́ди, Галилеиеи, Неффали́м идгьыл зегьи импыҵаирхалеит, уа инхоз ауаа Ассириаҟа иахигеит. 30 Е́ла иԥа О́сиа Рема́лиа иԥа Пека́х дишьырц игәы иҭеикит. Данишь, иара иҭыԥ аҿы аҳас дҟалеит. Уи ҟалеит У́ззиа иԥа Иофа́м аҳра аниуаз ҩажәатәи ашықәс азы. 31 Пека́х иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәа ртәы израильтәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп.

32 Иудеиатәи аҳ У́ззиа иԥа Иофа́м аҳас дҟалеит Рема́лиа иԥа израильтәи аҳ Пека́х аҳра аниуаз аҩбатәи ашықәсазы. 33 Иара аҳас даныҟала 25 шықәса ихыҵуан, 16 шықәсагьы Иерусалим аҳра иуан. Иан Иеру́ша лыхьӡын, Цадо́к иԥҳа лакәын. 34 Иара иаб У́ззиа иеиԥш Иегова иҿаԥхьа ииашаз ҟаиҵон. 35 Аха аҳаракырақәа рҿы аԥшьаҭыԥқәа ықәгаӡамызт, ажәлар уахь акәырбанқәа шнаргац инаргон, акәырбан былны алҩа рышьҭуан. Иофа́м Иегова иҩны хыхьтәи агәашә иргылеит. 36 Иофа́м иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәа ртәы израильтәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп. 37 Урҭ амшқәа раан Иегова сириатәи аҳ Реци́ни Рема́лиа иԥа Пека́хи Иудеиа иақәларц ишьҭит. 38 Иофа́м данԥсы, иабацәа рабацәа анышә иахьамаз иабацәа раб Давид иқалақь аҿы анышә дарҭеит. Иара ишьҭахь иԥа Аха́з аҳас дҟалеит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра