АԤХЬАҨЦӘА РЫЗҴААРАҚӘА
Галатаа 4:24 аҿы апостол Павел ҩ-еиқәшаҳаҭрак рыӡбахә иҳәеит. Иарбанқәоу урҭ?
Апостол Павел Авраами Сарреи, насгьы Авраами Агарьи реизыҟазаашьақәа рыӡбахә аниҩуаз, иҳәеит: «Ари зегьы аҵакы амоуп. Арҭ аҳәса ҩ-еиқәшаҳаҭрак аадырԥшуеит» (Гал. 4:22—24). Уаанӡа ҳгәы иаанагон Павел зыӡбахә имаз азакәан аиқәшаҳаҭреи аиқәшаҳаҭра ҿыци роуп ҳәа. Аха ари ажәеинраала еиҳа инарҵауланы ианҭаҳҵаа, ҳаилкаара шеиҭарҿыцтәу ҳбеит. Павел зыӡбахә иҩуаз аиқәшаҳаҭра ҿыц акәымкәа, Иегова Авраами иареи ирыбжьеиҵаз аиқәшаҳаҭра ауп. Шәааи уи аилкаара иҳацхраауа кәамаҵамарақәак ҳрылацәажәапa.
Павел иҩит Агарь Синаи ашьха шаалырԥшуа (Гал. 4:25). Ус анакәха, Агарь 1513 шықәса ҳ. ҟ. азы Синаи ашьхаҿы Иегова израильааи иареи ирыбжьеиҵаз азакәан аиқәшаҳаҭра аалырԥшуеит (Ақәҵ. 19:5, 6). Ауаа зегьы агәнаҳа иаҵоуп аҟынтә, аӡәгьы уи азакәан инагӡаны дзықәныҟәаӡомызт. Убасала азакәан ауриацәа иргәаланаршәон агәнаҳа маҵуцәас ишамаз. Уи азакәан инагӡаны ақәныҟәара зылшоз иаараны иҟаз Мессиа заҵәык иакәын. Убасала азакәан аиқәшаҳаҭра ауриацәа Мессиа дызусҭоу аилкаара ирыцхраауан. Мессиа инаӡаз иԥсҭазаара дамеигӡаӡакәа, инаӡам ауаа ирыхҭынҵаны, агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра аиуразы алшара риҭеит (Гал. 3:19, 24, 25). Иисус Анцәа игәҭакы анынаигӡа ашьҭахь, азакәан уаҳа иаҭахӡамызт (Рим. 10:4).
Павел амаҵуҩԥҳәыс Агарьи Анцәа Авраам «ииҭахьаз ажәа инақәыршәаны» ахәыҷы дзауз, ахақәиҭра змаз Сарреи шеиԥшымыз иҳәеит (Гал. 4:23). Анцәа Авраами иареи аиқәшаҳаҭра анрыбжьеиҵа ауп, уи ажәа анииҭаз (Гал. 3:29; 4:28, 30). Алагамҭа 22:18 аҿы Иегова уи аиқәшаҳаҭра абас дахцәажәеит: «Ухылҵ ила адгьыл иқәынхо ажәларқәа зегьы сырзылԥхоит, избанзар уара сара усзыӡырҩит».
Анцәа Авраами иареи ирыбжьеиҵаз аиқәшаҳаҭра Едем ауаа ириҭаз ақәыргәыӷра еиҳа еиӷьны аилкаара иҳацхрааит (Алаг. 3:15). Уи аиқәшаҳаҭра абзоурала еилкаахеит, заа зыӡбахә ҳәаз «ахылҵ» Авраам дшихылҵуа. Павел иҳәеит, раԥхьаӡа иргыланы ахылҵ Иисус Христос шиакәу. Аха Христос иитәқәоу, даҽакала иуҳәозар, Иаҳраҿы напхгара ицзуло 144 000-ҩык доуҳала иалху ақьырсианцәагьы асимволтә ҵакы змоу ахылҵ иахәҭакуп (Гал. 3:16, 29; Аат. 14:1—3). Анцәа Авраам ииҭаз ажәа анынаӡалак, Иисус дыздызкыло, насгьы изыӡырҩуа ауаа азылԥхарақәа рацәаны ироуеит.
Избан Павел «асимволтә ҵакы» змаз Сарреи Агарьи рҭоурых зеиҭеиҳәаз? Иара азакәан нагӡалатәуп ҳәа зҳәоз ауриацәа Агарь леиԥш маҵуцәас ишаанхоз дирбар иҭахын. Дара Авраам «ихылҵ», Иисус Христос, дрыдыркылазҭгьы, Сарра леиԥш, рхы иақәиҭхон. Дара агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра роуан (Иоанн 8:32—34). Аха Иисус дрыдрымкылазҭгьы, азакәан аиқәшаҳаҭра хықәкыс иамаз, уи Иисус иахь инанагар шакәыз, шырзеилымкаауаз аадырԥшуан.
Павел асаламшәҟәы ззиҩыз галатаа ракәын, урҭ рҟынтә аӡәырҩы иауриацәаӡамызт, азакәангьы ахаан иқәныҟәаӡомызт. Аха ауриацәа шьоукы ирҭахын иауриамыз ақьырсианцәа азакәан нарыгӡаларц, аԥхьатәхсара иазкыз азакәангьы уахь иналаҵаны. Павел иҳәеит ақьырсианцәа рзы дырҩегь азакәан иамаҵуцәаны аҟалара шыхшыҩдараз, избанзар дара Христос дрыдыркылеит аҟынтә, ахақәиҭра роухьан (Гал. 5:1, 10—14).
a Ари еиҭарҿыцу еилкаароуп. Уаанӡа ари азҵаара шеилаҳкаауаз атәы шәаԥхьар шәылшоит март 15, 2006 шықәсазы урысшәала иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы, адаҟьақәа 10—12.