АИНТЕРЕС ЗҴОУ АБИБЛИА ИАНУ АФАКТҚӘА
Абиблиатә аамҭақәа раан аԥсыӡ зларкуаз акаҭақәа
Иисус иҵаҩцәа шьоукы ԥсыӡкыҩцәан (Марк 1:16—20). Дара Галилеиатәи амшын аҿы аԥсыӡ аныркуаз, акаҭақәа рхы иадырхәон.
Акаҭақәа ашаха ма ақәнырахәыц ала ирԥон, рацәак идумыз аԥсыӡ азы еиҳа иссаны ирԥон, иҟәазыз азы еиҳа иҟәазны ирԥон. Акаҭақәа аӡы иӡааҟәрыларц азы атса ма ахаҳәқәа адырҳәалон. Акаҭа дуқәа ҵаҟала иадырҳәалоз атсеи ахаҳәқәеи рыдагьы, аӡы ихылоз амҿы ма апробка иалхыз апоплавокқәагьы хыхь ала иадырҳәалон.
Аԥсыӡ зларкуаз акаҭақәа рыхә цәгьан, урҭ акыраамҭа иухәарц азы рымаҵ улатәын. Акаҭақәа амшын иҭажьыз ахаҳәқәа иԥырыжәжәар алшон, мамзаргьы аԥсыӡ рацәа ахьанҭара иԥнажәар ауан (Лука 5:6). Абиблиаҿы иануп Иакови Иоанни «анышь иақәтәаны акаҭақәа еиқәдыршәон» ҳәа. Иҟалап уи агәыри ақәнырахәыци рыла иҟарҵозҭгьы (Матф. 4:21). Аԥсыӡкыҩцәа акаҭа рхы иадырхәацыԥхьаӡа уи ҟарҵозҭгьы ҟаларын. Лука иара убас аҳәынҵәа аҟынтә «рыкаҭақәа рыӡәӡәара» иаҿыз аԥсыӡкыҩцәа рыӡбахә иҩит (Лука 5:2). Ирыӡәӡәоз акаҭақәа мбаарц идырбон (Иез. 47:10).
Иисус аԥсыӡ зларкуаз акаҭақәа рхархәашьа бзианы издыруаз аԥсыӡкыҩцәа ауаа ркларц рыдигалеит (Марк 1:17).