АБИБЛИАҾЫ ЗЫӠБАХӘ АНУ АУАА
Авди. Анцәа иҿаԥхьа ишәымоу ашәара агәымшәара шәнаҭалааит
Авди аҳ Ахав иаҳҭынра дахагылан. Ахав аҳра аниуаз, Израиль Ваал имҵахырхәара алаҵәеит. Аха Авди дхәыҷаахыс Иегова иҿаԥхьа аҳаҭырқәҵара зныԥшуа ашәара иман (1 Аҳ. 18:1—13). Убри аҟынтә Ахав иԥҳәыс, аҳкәажә Иезавель, Иегова иԥааимбарцәа зегьы ршьырц адҵа шыҟалҵаз аниаҳа, урҭ дрыцхраарц азы аамҭа мгакәа ак ҟаиҵар шихәҭаз еиликааит. Уи азы агәымшәара аҭахын. Ԥааимбарзаҵәыкгьы иҵәахра аншәарҭаз аамҭазы, Авди шәҩыуаак иҵәахит. Иара урҭ ирфаша рымазарцгьы дахылаԥшуан, усҟан амлакра ӷәӷәа шыҟазгьы. Ахави Иезавельи рымаҵ зуаз шәҩыла иҟаз амцԥааимбарцәа рҟынтә аӡәы Авди дибар алшон. Убри аҟынтә иара даараӡа игәиҽанызар акәын (1 Аҳ. 18:19).
Иаҳнарҵозеи ари ахҭыс? Ҳәарада, Авди Ахав дицәшәон, аха Анцәа иҿаԥхьа имаз ашәара акырӡа еиҳан. Убри аҟынтә иашьцәа ихьчарц азы ихы ашәарҭара аҭаргыларагьы дазхиан. Ҳаргьы Иегова иҿаԥхьа аҳаҭырқәҵара зныԥшуа ашәара еизҳарҳалароуп. Еиҳараӡак уи хадоуп Иегова ишаҳаҭцәа рус мап ахьацәку аҭыԥ аҿы ҳанхозар. Анцәа иҿаԥхьа иҳамоу ашәара агәымшәара ҳнаҭалоит, аԥышәарақәа зхызго аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳрыцхрааларц азы.