Ахыԥхьаӡарақәа
32 Руви́м ихылҵқәази Гад ихылҵқәази арахә-ашәахә рацәаны ирыман. Дара ирбеит Иазе́ри Галаа́ди арахә рзы ишыдгьыл бзиақәаз. 2 Убри аҟынтә дара Моисеии, аԥшьаҩы Елеаза́ри, ажәлар реиҳабацәеи рахь инеин, ус рарҳәеит: 3 «Атаро́ти, Диво́ни, Иазе́ри, Ни́мреи, Хешбо́ни, Елеа́леи, Сева́ми, Не́вои, Вео́ни — 4 Иегова егьырҭ ажәларқәа ирымхны, израильтәи ажәлар ириҭаз адгьыл — арахә-ашәахә рзы даараӡа ҭыԥ бзиоуп, умаҵуцәа ракәзар, ирацәаны арахә-ашәахә рымоуп». 5 Анаҩс ражәа иацырҵан, ус рҳәеит: «Уақәшаҳаҭзар, абри адгьыл умаҵуцәа ирырҭааит, Иордан нырцә ҳаиаумган».
6 Усҟан Моисеи Гад ихылҵқәази Руви́м ихылҵқәази ус реиҳәеит: «Шәашьцәа еибашьра ишьҭны, шәара ара анхара шәалагома? 7 Израильаа ргәы зкашәыжьуеи? Иегова ириҭо адгьыл ргәы захшәыршәои? 8 Шәабацәагьы Каде́ш-Барне́антәи адгьыл иахәаԥшырц ианысышьҭ, убас ҟарҵеит. 9 Урҭ арха Ешко́л аҟынӡа инеин, адгьыл гәарҭеит, аха нас дара израильаа ргәы карыжьит, израильаагьы Иегова изықәиргәыӷыз адгьыл ахь анеира рҭахымхаӡеит. 10 Уи аҽны Иегова урҭ игәы рзыԥжәан, дықәны абас иҳәеит: 11 „Египет иалҵыз, 20 шықәса иреиҵам зегьы, сықәны Авраами, Исааки, Иакови ирысҭоит ҳәа исҳәаз адгьыл рбараны иҟаӡам, избанзар гәык-ԥсыкала сҳәатәы иацымныҟәаӡеит. 12 Уи адгьыл збо акенезе́и Иефо́нниа иԥа Хале́ви Иисус Нави́ни заҵәык роуп, избанзар урҭ гәык-ԥсыкала Иегова иҳәатәы иацныҟәон“. 13 Иегова израильаа игәы рзыԥжәан, 40 шықәса ацәҳәыра иқәирхеит, Иегова иҿаԥхьа ацәгьара ҟазҵоз абиԥара зегь ԥсаанӡа. 14 Уажәшьҭа шәара, агәнаҳаҟаҵаҩцәа рхәыҷқәа, шәабацәа реиԥш шәхы мҩаԥыжәгоит, шәымшалагьы Иегова израильаа еиҳагьы игәы рзыԥжәоит. 15 Шәара Анцәа иҳәатәы шәацымныҟәалар, иара израильаа еиҭа ацәҳәыраҿы иаанижьуеит, шәымшалагьы ажәлар зегь ҭахоит».
16 Ԥыҭрак ашьҭахь дара Моисеи иҿы инеин, ус иарҳәеит: «Ҳара ҳарахә рзы ахаҳәтә гәарақәа ҳаргылоит, ҳхәыҷқәа рзгьы — ақалақьқәа. 17 Ҳхәыҷқәа ҭӡамцла ихьчоу ақалақьқәа рҿы инхалааит, ара инхо ауаа рҟынтә ихьчазарц азы, ҳара ҳакәзар, бџьарла ҳҽеибыҭаны, израильаа раԥхьа ҳгыланы ҳцалоит, урҭ рыдгьыл ахь инаҳгаанӡа. 18 Ҳара ҳаҩныҟақәа рахь ҳхынҳәӡом, израильаа зегьы рыдгьылқәа роуаанӡа. 19 Ҳара ҳакәзар, Иордан нырцә урҭ ҳрыцынхалаӡом, избанзар Иордан мрагыларатәи аганахь ала адгьылқәа ҳауеит».
20 Моисеи ус реиҳәеит: «Иҟашәҵаша абри ауп: Иегова ишиҳәаз еиԥш, бџьарла шәҽеибышәҭ, 21 нас абџьар кны, Иордан шәыр, Иегова изы шәеибашьырц азы. Иара шәаӷацәа зегь анықәицалак, 22 насгьы израильаа Иегова ицхыраарала ари адгьыл аныргалак, шәхынҳәыр шәылшоит. Усҟан Иегова иҿаԥхьеи израильаа рҿаԥхьеи ахара шәыдлаӡом, ари адгьылгьы Иегова ишәиҭаз дгьылхоит. 23 Аха ус ҟашәымҵар, Иегова иҿаԥхьа агәнаҳа ҟашәҵоит. Ижәдыруаз, иҟашәҵаз агәнаҳазы шәықәнага шәшақәыршәахо. 24 Ишәыргыл шәхәыҷқәа рзы ақалақьқәа, шәырахә рзы агәарақәа, аха ишәҳәаз нашәмыгӡакәа шәымун».
25 Гад ихылҵқәази Руви́м ихылҵқәази Моисеи ус иарҳәеит: «Ухаҵкы, умаҵуцәа ишуҳәаз еиԥш зегь ҟарҵоит. 26 Ҳаҳәсеи, ҳхәыҷқәеи, ҳарахәи ара Галаа́д ақалақьқәа рҿы иаанхоит, 27 умаҵуцәа ракәзар, ухаҵкы, ишуҳәаз еиԥш, рабџьарқәа кны Иегова изы еибашьра ицоит».
28 Усҟан Моисеи аԥшьаҩы Елеаза́ри, Иисус Нави́ни, израильтәи абиԥарақәа рхадацәеи Гади Руви́ми рабиԥарақәа рганахьала анапхгара риҭеит. 29 Иара урҭ ус реиҳәеит: «Гади Руви́ми рабиԥарақәа шәыцны Иордан ирыр, насгьы рабџьарқәа кны Иегова изы еибашьра ишәыццар, шәзықәло адгьылқәа шәнапаҿы ианаажәгалак, Галаа́д дара ирышәҭ. 30 Аха рабџьарқәа шьҭыхны еибашьра ишәмыццар, Ханаа́н ишәыланхалар акәхоит».
31 Гад ихылҵқәази Руви́м ихылҵқәази ус рҳәеит: «Ҳара Иегова умаҵуцәа иреиҳәаз ҟаҳҵоит, 32 ҳабџьарқәа шьҭыхны Иегова изы ҳаибашьырц Ханаа́нҟа ҳцоит. Аха иаҳтәхо адгьылқәа Иордан аарцә иҟоу ракәзааит». 33 Усҟан Моисеи Гад ихылҵқәази, Руви́м ихылҵқәази, Иосиф иԥа Мана́ссиа иабиԥара абжеи аморе́иаа раҳ Сихо́н иаҳреи, башантәи аҳ Ог иаҳреи, урҭ рыдгьылқәа рҿы иҟаз ақалақьқәеи, рыкәша-мыкәша иҟаз аҭыԥқәеи риҭеит.
34 Гад ихылҵқәаз идыргылеит Диво́ни, Атаро́ти, Арое́ри, 35 Атро́т-Шафа́ни, Иазе́ри, Иогбе́геи, 36 Бет-Ни́мреи, Бет-Хара́ни — ҭӡамцла ихьчаз ақалақьқәа, иара убас арахә рзы ахаҳәтә гәарақәа. 37 Руви́м ихылҵқәаз идыргылеит Хешбо́ни, Елеа́леи, Кириатаи́ми, 38 Не́вои, Ваа́л-Мео́ни (урҭ рыхьӡқәа рыԥсахит), Си́вмеи. Еиҭашьақәдыргылоз ақалақьқәа ахьӡ ҿыцқәа рырҭон.
39 Мана́ссиа иԥа Махи́р иҷкәынцәа Галаа́д иақәлан иргеит, уа инхоз аморе́иаагьы наҟ иқәырцеит. 40 Убри аҟынтә Моисеи Галаа́д Мана́ссиа иԥа Махи́р ииҭеит, Махи́ргьы уа анхара далагеит. 41 Мана́ссиа иԥа Иаи́р дцан, ақыҭақәа дрықәлан игеит, иагьрыхьӡиҵеит Хавво́т-Иаи́р*. 42 Нова́х иакәзар, Кена́ти уи ааигәа-сигәа иҟаз ақалақьқәеи дрықәлан игеит. Иара урҭ ихьӡ Нова́х рхиҵеит.