Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ахыԥхьаӡарақәа 30
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ахыԥхьаӡарақәа. Ахҳәаа

      • Ахацәа ирықәырҵоз аҿаҭахьа (1, 2)

      • Аҳәсеи аԥҳацәеи ирықәырҵоз аҿаҭахьа (3—16)

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ахыԥхьаӡарақәа 30:1–16

Ахыԥхьаӡарақәа

30 Анаҩс Моисеи израильаа рабиԥарақәа рхадацәа ус реиҳәеит: «Абар Иегова ииҳәаз: 2 ахаҵа Иегова иҿаԥхьа аҿаҭахьа иқәиҵар, ма абригь-абригь ҟасҵаӡом ҳәа дықәны Анцәа ажәа ииҭар, ииҳәаз ажәа еилеимгароуп. Иара ииҳәаз зегь наигӡароуп.

3 Заб иҩны инхо аӡӷаб Иегова иҿаԥхьа аҿаҭахьа лықәылҵар, ма абригь-абригь ҟасҵаӡом ҳәа Анцәа ажәа илҭар, 4 лаб уи аниаҳалак акгьы имҳәар, илықәылҵаз аҿаҭахьа ма Анцәа илҭаз ажәа налыгӡароуп. 5 Аха лаб аҿаҭахьа шлықәылҵаз ма абригь-абригь ҟасҵаӡом ҳәа Анцәа ажәа шилҭаз аниаҳалак уи анагӡара азин лимҭар, илҳәаз зегь амч ацәыӡуеит. Иегова лыгха ланаижьуеит, избанзар лаб уи анагӡара азин лимҭаӡеит.

6 Лара Анцәа иҿаԥхьа илықәылҵаз аҿаҭахьа ма дымхәыцӡакәа Анцәа илҭаз ажәа аныналыгӡо аамҭазы хаҵа дцар, 7 лхаҵагьы уи аниаҳалак аҽны акгьы имҳәар, илықәылҵаз аҿаҭахьа ма абригь-абригь ҟасҵаӡом ҳәа Анцәа илҭаз ажәа налыгӡароуп. 8 Аха лхаҵа уи аниаҳалак аҽны илҳәаз анагӡара азин лимҭар, илықәылҵаз аҿаҭахьа ма дымхәыцӡакәа Анцәа илҭаз ажәа аԥихуеит. Иеговагьы лыгха ланаижьуеит.

9 Аԥҳәысеиба ма зхаҵа илҵыз аԥҳәыс Анцәа иҿаԥхьа аҿаҭахьа лықәылҵар, илҳәаз зегь налыгӡароуп.

10 Зхаҵа иҩны инхо аԥҳәыс Анцәа иҿаԥхьа аҿаҭахьа лықәылҵар, ма абригь-абригь ҟасҵаӡом ҳәа Анцәа ажәа илҭар, 11 лхаҵагьы уи аниаҳалак акгьы имҳәар, илықәылҵаз аҿаҭахьа ма Анцәа илҭаз ажәа анагӡарагьы азин лиҭар, илҳәаз зегь налыгӡароуп. 12 Аха лхаҵа аҿаҭахьа шлықәылҵаз ма абригь-абригь ҟасҵаӡом ҳәа Анцәа ажәа шилҭаз аниаҳалак аҽны мап икыр, илҳәаз амч ацәыӡуеит. Иегова уи ланаижьуеит, избанзар лхаҵа уи аԥихит. 13 Аԥҳәыс лхы мап шацәылкуа аалырԥшырц азы илықәылҵаз аҿаҭахьа ма абригь-абригь ҟасҵаӡом ҳәа дықәны Анцәа илҭаз ажәа налыгӡоу-иналмыгӡоу зыӡбо лхаҵа иоуп. 14 Аха лхаҵа уи аниаҳа инаркны акгьы имҳәозар, илықәылҵаз аҿаҭахьа ма абригь-абригь ҟасҵаӡом ҳәа Анцәа илҭаз ажәа дшақәшаҳаҭу ааирԥшуеит. Иара илҳәаз анагӡара азин лиҭоит, избанзар ианиаҳа аҽны акгьы имҳәаӡеит. 15 Аха уи аниаҳа аҽны акәымкәа, ԥыҭрак ашьҭахь мап икыр, илыду ахара иара идлоит.

16 Ари хаҵеи-ԥҳәыси, насгьы заб иҩны инхо аԥҳа лаби лареи ирызку Иегова Моисеи ииҭаз ԥҟарақәоуп».

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра