Ахыԥхьаӡарақәа
29 Абыжьбатәи амза актәи амш азы Анцәа шәимҵахырхәарц шәеизароуп, уи иԥшьоу еизарахоит. Уи аҽны аус хьанҭақәа рынагӡара ҟалаӡом. Уи аҽны абыкь шәасроуп. 2 Уи амш азы Иегова игәы иахәо* афҩы зхылҵуа ирбылуа кәырбанҵас инажәгалароуп цәҵыски, ҭыӷьки, шықәсык зхыҵуа быжь-сыски. Урҭ агра рымамзароуп. 3 Урҭ ирыдкыланы кәырбанс инарго ача аҳасабала игәӡаны илагоу, ахәша злаҭәоу ачашыла нажәгала: ацә х-кьылаки бжаки раҟара* адкыланы, аҭыӷь ҩ-кьылак раҟара* адкыланы, 4 сысцыԥхьаӡа кьылак аҟара* адкыланы. 5 Иара убас агәнаҳазы кәырбанс ӡысык нажәг, шәыгәнаҳақәа рхыхразы. 6 Уи зегьы есымза инажәго ирбылуа акәырбани, иааиԥмырҟьаӡакәа инажәго ирбылуа акәырбани, урҭ ирыдкыланы инажәго ачеи аҩи инарыцҵаны инажәгала. Арҭ акәырбанқәа зегьы аԥҟарақәа инарықәыршәаны инажәгалароуп. Ари амца иақәҵаны ирбылуа, Иегова игәы иахәо афҩы зхылҵуа кәырбануп.
7 Абыжьбатәи амза ажәабатәи амш азы Анцәа шәимҵахырхәарц шәеизароуп, уи иԥшьоу еизарахоит. Уи амш азы шәыгәнаҳақәа шәгәы шышәдырхьуа аашәырԥшла*. Уи аҽны шәусқәа зегьы шәырҟәаҵроуп. 8 Иегова игәы иахәо афҩы зхылҵуа ирбылуа кәырбанс инажәга цәҵыски, ҭыӷьки, шықәсык зхыҵуа быжь-сыски. Урҭ агра рымамзароуп. 9 Урҭ ирыдкыланы кәырбанс инарго ача аҳасабала игәӡаны илагоу, ахәша злаҭәоу ачашыла нажәгала: ацә х-кьылаки бжаки раҟара адкыланы, аҭыӷь ҩ-кьылак раҟара адкыланы, 10 сысцыԥхьаӡа кьылак аҟара адкыланы. 11 Иара убас агәнаҳазы кәырбанс ӡысык нажәгала. Ари зегьы Агәнаҳақәа рхыхра амш аҽны инажәго агәнаҳазы акәырбани уи иадкыланы инажәго аҩи, иааиԥмырҟьаӡакәа инажәго ирбылуа акәырбани уи иадкыланы инажәго ачеи аҩи инарыцҵаны инажәгала.
12 Абыжьбатәи амза жәохәтәи амш азы Анцәа шәимҵахырхәарц шәеизоит, уи иԥшьоу еизарахоит. Уи аҽны аус хьанҭақәа рынагӡара ҟалаӡом. Бжьымш Иегова изку аныҳәа азгәашәҭала. 13 Амца иақәҵаны ирбылуа, Иегова игәы иахәо афҩы зхылҵуа кәырбанс инажәга 13 цәҵыси, 2 ҭыӷьки, шықәсык зхыҵуа 14 сыси. Урҭ агра рымамзароуп. 14 Урҭ ирыдкыланы кәырбанс инарго ача аҳасабала игәӡаны илагоу, ахәша злаҭәоу ачашыла нажәгала: цәыцыԥхьаӡа х-кьылаки бжаки раҟара адкыланы, ҭыӷьцыԥхьаӡа ҩ-кьылак раҟара адкыланы, 15 сысцыԥхьаӡа кьылак аҟара адкыланы. 16 Иара убас агәнаҳазы кәырбанс аӡыс нажәга. Уи иааиԥмырҟьаӡакәа кәырбанс инажәго ирбылуа акәырбани, уи иадкыланы кәырбанс инажәго ачеи аҩи инарыцҵаны инажәгароуп.
17 Аҩбатәи амш азы инажәг 12 цәҵыси, 2 ҭыӷьки, шықәсык зхыҵуа 14 сыси. Урҭ агра рымамзароуп. 18 Урҭ инарыдкыланы кәырбанс ачеи аҩи нажәга, ацәқәеи, аҭыӷьқәеи, асарақәеи рхыԥхьаӡара инақәыршәаны, аԥҟара ишаҳәо еиԥш. 19 Иара убас агәнаҳазы кәырбанс аӡыс нажәга. Уи иааиԥмырҟьаӡакәа кәырбанс инажәго ирбылуа акәырбани уи иадкыланы кәырбанс инажәго ачеи аҩи инарыцҵаны инажәгароуп.
20 Ахԥатәи амш азы инажәг 11 цәи, 2 ҭыӷьки, шықәсык зхыҵуа 14 сыси. Урҭ агра рымамзароуп. 21 Урҭ инарыдкыланы кәырбанс ачеи аҩи нажәга, ацәқәеи, аҭыӷьқәеи, асарақәеи рхыԥхьаӡара инақәыршәаны, аԥҟара ишаҳәо еиԥш. 22 Иара убас агәнаҳазы кәырбанс абаӷь нажәга. Уи иааиԥмырҟьаӡакәа кәырбанс инажәго ирбылуа акәырбани уи иадкыланы кәырбанс инажәго ачеи аҩи инарыцҵаны инажәгароуп.
23 Аԥшьбатәи амш азы инажәг 10 цәыки, 2 ҭыӷьки, шықәсык зхыҵуа 14 сыси. Урҭ агра рымамзароуп. 24 Урҭ инарыдкыланы кәырбанс ачеи аҩи нажәга, ацәқәеи, аҭыӷьқәеи, асарақәеи рхыԥхьаӡара инақәыршәаны, аԥҟара ишаҳәо еиԥш. 25 Иара убас агәнаҳазы кәырбанс аӡыс нажәга. Уи иааиԥмырҟьаӡакәа кәырбанс инажәго ирбылуа акәырбани уи иадкыланы кәырбанс инажәго ачеи аҩи инарыцҵаны инажәгароуп.
26 Ахәбатәи амш азы инажәг 9 цәыки, 2 ҭыӷьки, шықәсык зхыҵуа 14 сыси. Урҭ агра рымамзароуп. 27 Урҭ инарыдкыланы кәырбанс ачеи аҩи нажәга, ацәқәеи, аҭыӷьқәеи, асарақәеи рхыԥхьаӡара инақәыршәаны, аԥҟара ишаҳәо еиԥш. 28 Иара убас агәнаҳазы кәырбанс абаӷь нажәга. Уи иааиԥмырҟьаӡакәа кәырбанс инажәго ирбылуа акәырбани уи иадкыланы кәырбанс инажәго ачеи аҩи инарыцҵаны инажәгароуп.
29 Афбатәи амш азы инажәг 8 цәыки, 2 ҭыӷьки, шықәсык зхыҵуа 14 сыси. Урҭ агра рымамзароуп. 30 Урҭ инарыдкыланы кәырбанс ачеи аҩи нажәга, ацәқәеи, аҭыӷьқәеи, асарақәеи рхыԥхьаӡара инақәыршәаны, аԥҟара ишаҳәо еиԥш. 31 Иара убас агәнаҳазы кәырбанс абаӷь нажәга. Уи иааиԥмырҟьаӡакәа кәырбанс инажәго ирбылуа акәырбани уи иадкыланы кәырбанс инажәго ачеи аҩи инарыцҵаны инажәгароуп.
32 Абыжьбатәи амш азы инажәг 7 цәыки, 2 ҭыӷьки, шықәсык зхыҵуа 14 сыси. Урҭ агра рымамзароуп. 33 Урҭ инарыдкыланы кәырбанс ачеи аҩи нажәга, ацәқәеи, аҭыӷьқәеи, асарақәеи рхыԥхьаӡара инақәыршәаны, аԥҟара ишаҳәо еиԥш. 34 Иара убас агәнаҳазы кәырбанс абаӷь нажәга. Уи иааиԥмырҟьаӡакәа кәырбанс инажәго ирбылуа акәырбани уи иадкыланы кәырбанс инажәго ачеи аҩи инарыцҵаны инажәгароуп.
35 Аабатәи амш азы иҷыдоу аизара ҟалоит. Уи аҽны аус хьанҭақәа рынагӡара ҟалаӡом. 36 Амца иақәҵаны ирбылуа, Иегова игәы иахәо афҩы зхылҵуа кәырбанс инажәг цәыки, ҭыӷьки, шықәсык зхыҵуа быжь-сыски. Урҭ агра рымамзароуп. 37 Урҭ инарыдкыланы кәырбанс ачеи аҩи нажәга, ацәқәеи, аҭыӷьқәеи, асарақәеи рхыԥхьаӡара инақәыршәаны, аԥҟара ишаҳәо еиԥш. 38 Иара убас агәнаҳазы кәырбанс абаӷь нажәга. Уи иааиԥмырҟьаӡакәа кәырбанс инажәго ирбылуа акәырбани уи иадкыланы кәырбанс инажәго ачеи аҩи инарыцҵаны инажәгароуп.
39 Ари зегьы есышықәсатәи аныҳәақәа раан Иегова изнажәгала, Анцәа ажәа ахьишәҭаз азы инажәго акәырбанқәеи, хатәгәаԥхарала инажәго акәырбанқәеи инарыцҵаны — ирбылуа акәырбанқәеи, кәырбанс инарго ачеи аҩи, аҭынчратә кәырбанқәеи инарыцҵаны“». 40 Моисеи Иегова ииҳәаз зегь израильаа ирзеиҭеиҳәеит.