Аггеи
2 Абыжьбатәи амза ҩажәиактәи амш аҽны Иегова аԥааимбар Агге́и абас иеиҳәеит: 2 «Суҳәоит, Иудеиа иахагылоу Шеалтие́л иԥа Зорова́вельи, Иоцада́к иԥа аԥшьаҩ хада Иешу́еи, егьырҭ ауааи уразҵаа: 3 „Ари аҩны* уаанӡа иамаз ахьӡ-аԥша збахьоу аӡәыр шәыҟоума? Уажәы изеиԥшрои? Уаанӡатәи иаҿурԥшуазар, ирыцҳахәха иҟаӡами?“
4 „Аха уара, Зорова́вель, угәы ӷәӷәаз, — иҳәоит Иегова. — Угәы ӷәӷәаз, Иоцада́к иԥа аԥшьаҩ хада Иешу́а“.
„Шәгәы ӷәӷәаз, ари адгьыл иқәынхо ажәлар, — иҳәоит Иегова — аус шәнапы ашәыркы“.
„Сара сшәыцуп, — иҳәоит ар Рынцәа Иегова. — 5 Египет шәаналҵыз шәзықәсыргәыӷыз шәхашәмыршҭын, сдоуҳа шшәыцугьы* шәгәалашәоз. Шәымшәан“».
6 «Абас иҳәоит ар Рынцәа Иегова: „Сара иаарласны еиҭа ажәҩани, адгьыли, амшыни, аӡы ахьыҟам абарсҭеи сырхыџхыџуеит“.
7 „Сара ажәларқәа зегь сырхыџхыџуеит, усҟан ари аҩнахьы ажәларқәа зегь рҟынтә ахазынақәа аауеит, ари аҩны хьӡи-ԥшеи рыла исырҭәуеит“, — иҳәоит ар Рынцәа Иегова.
8 „Араӡны сара истәуп, ахьгьы сара истәуп“, — иҳәоит ар Рынцәа Иегова.
9 „Ари аҩны иаиуа ахьӡ-аԥша уаанӡатәи иамаз аасҭа еиҳахоит“, — иҳәоит ар Рынцәа Иегова.
„Сара ара аҭынчра шәысҭоит“, — иҳәоит ар Рынцәа Иегова».
10 Ажәбатәи амза ҩажәиԥшьбатәи амш аҽны, Да́ри аҳра аниуаз аҩбатәи ашықәсазы Иегова аԥааимбар Агге́и ус иеиҳәеит: 11 «Абас иҳәоит ар Рынцәа Иегова: „Суҳәоит, аԥшьаҩцәа абри азакәан атәы уразҵаа: 12 ‚Ауаҩы иԥшьоу акәац имаҭәа илаҳәаны ианнеиго аамҭазы, уи амаҭәа ача, асуԥ, аҩы, ахәша ма даҽакы иахькьысыр, афатә ԥшьахома?‘“».
«Мамоу», — рҳәеит аԥшьаҩцәа.
13 Нас Агге́и ус дразҵааит: «Уи амаҭәа аԥсы* дахьилакьысыз азы ицқьам аӡәы далакьысыр, ицқьамкәа иҟалома?»
«Иҟалоит», — рҳәеит аԥшьаҩцәа.
14 Усҟан Агге́и ус иҳәеит: «„Убас иҟоуп ари ажәларгьы, убас иҟоуп арҭ ауаа сара сзы, — иҳәоит Иегова, — убас иҟоуп сара сзы урҭ русқәа. Кәырбанс инарго зегьы цқьаӡам“.
15 „Аха уажәшьҭа, сшәыҳәоит, шәазхәыц абри амш аҽнынӡа иҟаз. Иегова иныҳәарҭаҿы хаҳәыки хаҳәыки еиқәырҵаанӡа, 16 шәара ачарыц* еиқәыԥсаны иахьышьҭаз шәнеиуан, уа 20 сакьк* ыҟаз џьшьа, аха иҟаз 10 ракәын; ажьхәарҭахь шәнеиуан, 50 ԥҳал аҩы ҭыжәгарц азы, аха иҟаз 20 ракәын. 17 Сара зегь ықәыццышәаа иқәызҵо аԥша арсны, акырцх лашьҭны шәымхқәа ықәызгеит, аԥакәа* иасыркит, аха аӡәымзар-аӡәгьы сара сахь шәымхынҳәӡеит“, — иҳәоит Иегова.
18 „Сшәыҳәоит, абри аҽны инаркны, ажәбатәи амза ҩажәиԥшьбатәи амш инаркны, Иегова иныҳәарҭа ашьаҭа анышьҭаҵаз амш аҽны инаркны иҟало шәазхәыцла. 19 Аҵәахырҭақәа рҿы ачарыц шьҭоума? Ажь ҟалама? Иҟалама алаҳа, амыҵмыџь, амаслина? Аха абри амш инаркны сара сышәзылԥхалоит“».
20 Иегова убри амза ҩажәиԥшьбатәи амш аҽны Агге́и еиҭа ус иеиҳәеит: 21 «Иудеиа иахагылоу Зорова́вель ус иаҳә: „Иаарласны сара ажәҩани адгьыли сырхыџхыџуеит. 22 Сара аҳцәа раҳраҭыԥ иқәысҳәоит, аҳрақәа рымч рымысхуеит. Сара аҽыуардынқәа ирықәтәоуи дареи хсыршәҭуеит. Аҽқәа каҳауеит, аҽыуаагьы аҳәала иқәибахуеит“».
23 «Ар Рынцәа Иегова ус иҳәоит: „Смаҵзуҩы Зорова́вель, Шеалтие́л иԥа, уи аҽны сара уганы, — иҳәоит Иегова, — амҳәыр змоу мацәазны уҟасҵоит, избанзар сара уалысхит“. Ари зҳәо ар Рынцәа Иегова иоуп».