Аггеи
1 Аҳ Да́ри аҳра аниуаз аҩбатәи ашықәсазы, афбатәи амза актәи амш азы Иегова аԥааимбар Агге́и* ила Иудеиа иахагылаз Шеалтие́л иԥа Зорова́вельи Иоцада́к иԥа аԥшьаҩ хада Иешу́еи ус реиҳәеит:
2 «Абас иҳәоит ар Рынцәа Иегова: „Ари ажәлар ус рҳәоит: ‚Иегова иҩны* аргылара* макьана иаамҭаӡам‘“».
3 Нас Иегова аԥааимбар Агге́и ила абас иҳәеит: 4 «Ари аҩны рбганы ианышьҭоу аамҭазы шәара ӷәыла ихҟьоу аҩны ԥшӡақәа рҿы шәынхоит. Уи еиҳа иаамҭоума? 5 Убри азы абас иҳәоит ар Рынцәа Иегова: „Шәшынхо шәазхәыц. 6 Илашәҵо рацәоуп, аха иаашәрыхуа маҷуп. Акрышәфоит, аха шәызхара шәзыфаӡом. Ишәжәуеит, аха шәызхара шәзыжәӡом. Шәҽеилашәҳәоит, аха шәзыԥхаӡом. Аус зуа ирҳауа икылҵәоу аԥараҭра иҭеиҵоит“».
7 «Абас иҳәоит ар Рынцәа Иегова: „Шәшынхо шәазхәыц“.
8 „Ашьхарахь шәцаны ақыдқәа аажәга, урҭ рыла аҩны шәыргыл, уи сгәы иахәарц, ахьӡ-аԥшагьы соурц“, — иҳәоит Иегова».
9 «„Шәара аҽаҩра ду шәазыԥшын, аха иаашәрыхыз маҷуп, уи аҩныҟа иаажәгеит, аха сара аԥша иаласҵеит, — иҳәоит ар Рынцәа Иегова. — Избан? Избанзар сыҩны еилабганы ианышьҭоу аамҭазы шәара шәыҩуа шәыҩнқәа шәырҿуп. 10 Убри азоуп ажәҩан аӡаӡа зышәнамҭо, адгьылгьы аҽаҩра зышәзаанамго. 11 Сара шәыдгьыли шәышьхарақәеи рҿы аарҩара ҟасҵеит, ачарыци* адгьыл иқәиаауа зегьи ықәҩаарц азы, аҩи ахәшеи шәзымхаларц азы. Шәырахәгьы шәаргьы агәаҟра шәаҿуп, ижәбо аџьабаагьы шәԥылаӡом“».
12 Шеалтие́л иԥа Зорова́вельи, Иоцада́к иԥа аԥшьаҩ хада Иешу́еи, ажәлар зегьи Рынцәа Иеговеи Рынцәа Иегова дара рахь инаишьҭыз аԥааимбар Агге́ии ирзыӡырҩит. Убасҟан ажәлар Иегова иҿаԥхьа аҳаҭырқәҵара зныԥшуа ашәара рызцәырҵит.
13 Иегова ицҳаражәҳәаҩ Агге́и Иегова иҟынтә иоуз адҵа инақәыршәаны ажәлар ус реиҳәеит: «„Сара сшәыцуп“, — иҳәоит Иегова».
14 Иегова Иудеиа иахагылаз Шеалтие́л иԥа Заровавельи, Иоцада́к иԥа аԥшьаҩ хада Иешу́еи, ажәлар зегьи аусура рнапы адыркырц ргәазҭеиҵеит. Даргьы Рынцәа, ар Рынцәа Иегова, иҩны аиҭашьақәыргылара иалагеит. 15 Ари афбатәи амза ҩажәиԥшьбатәи амш аҽны, аҳ Да́ри аҳра аниуаз аҩбатәи ашықәсазы акәын.