Амос
9 Сара акәырбаннагарҭа иахагылаз Иегова дызбеит. Иара иҳәеит: «Агәашьақәа рхы уас, рышьаҭақәа ҵысырц азы. Рыхқәа хҵәа, иаанхаз аҳәала исшьуеит. Аӡәгьы дыҩны дцаӡом, аӡәгьы дзеиқәхаӡом.
3 Карми́л ақәцәан рҽырҵәахыргьы,
Иԥшааны искуеит.
Амшын аҵаҿы рҽырҵәахыргьы,
Амаҭ убра ирыцҳарц дҵас иасҭоит.
4 Аӷацәа итҟәаны иргаргьы,
Убра аҳәала иршьырц адҵа ҟасҵоит.
Срыцклаԥшлоит абзиара акәымкәа, ацәгьара рзызурц азы.
5 Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова, ар Рынцәа адгьыл* дакьысуеит,
Уи хыџхыџуеит, уа иқәынхо зегь џьабоит.
Иара Нил еиԥш ишьҭыҵуеит,
Египеттәи Нил еиԥш илаҟәуеит.
6 „Иара ажәҩан аҿы амардуан аиҭеит,
Адгьыл аханы ахыб ҟаиҵеит.
Иара амшынӡы еизигоит,
Адгьыл иқәиҭәарц азы,
Иара Иегова ихьӡуп“.
7 „Израильаа, шәара сара сзы ку́шаа шәреиԥшӡами? — иҳәоит Иегова. —
Сара сакәӡами Израиль Египет иалызгаз,
Филисти́маа Крит иалызгаз, сириаа Кир иалызгаз?“
8 „Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова агәнаҳа иаҵоу аҳра дахәаԥшуеит,
Иара уи адгьыл аҟынтә иқәихуеит.
Аха сара Иаков ихылҵқәаз зегь ықәысхӡом, — иҳәоит Иегова. —
9 Сара Израиль ԥсаҟьаны ажәларқәа ирыларҵарц адҵа ҟасҵоит,
Алыхәҭа ишкылырхуа еиԥш икылырхырц,
Хаҳә хәыҷыкгьы адгьыл ахь икамшәарц азы.
10 Сыжәлар рҿы агәнаҳа ҟазҵоз зегьы аҳәа иҭанархоит,
,Арыцҳара ҳара ҳахь иааиӡом, ҳара иҳахьӡаӡом’ зҳәо зегьы“.
11 „Уи аҽны сара еилабганы ишьҭоу Давид иҩны* шьҭысхуеит,
Акылҳарақәа сшәаҳауеит, еилабганы ишьҭоу еиҭашьақәсыргылоит.
Сара уи ҿыц исыргылоит, ажәытәан ишыҟаз еиԥш иҟалоит,
12 Сыжәлар иаанхаз едо́маа рымпыҵадырхаларц азы,
Сыхьӡ зху ажәларқәа зегьы“, — иҳәоит убас ҟазҵо Иегова.
13 „Иааиуеит амшқәа, — иҳәоит Иегова, —
Анхаҩы амхы ҭеигалаанӡа ацәаӷәаҩ даннеиуа,
Ажь зхәо далгаанӡа илазҵо даннеиуа.
Ашьхақәа рҟынтә аҩы хыҽҽаны ицалоит,
Уи ахәқәа* зегьы рҟынтә илеилоит.
14 Сыжәлар, израильаа, атҟәара аҟынтә исырхынҳәуеит,
Дара еилабганы ишьҭоу ақалақьқәа еиҭашьақәдыргылоит, уа иагьынхалоит,
Аӡахәаҭрақәа еиҭарҳалоит, аҩгьы ржәлоит,
Абаҳчақәа ҟарҵоит, ашәыргьы рфалоит“.
15 „Сара урҭ рыԥсадгьыл аҿы рдацқәа сышьҭуеит,
Ирысҭаз адгьыл аҟынтәгьы урҭ аӡәгьы изыҵхӡом“, —
Иҳәоит Унцәа Иегова».