Амос
8 Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова абараҿы аԥхынтәи ашәыр* зҭаз акаҵкәыр сирбеит. 2 Иара ус дсазҵааит: «Иубои, Амо́с?» Сара исҳәеит: «Аԥхынтәи ашәыр зҭоу акаҵкәыр». Усҟан Иегова ус сеиҳәеит: «Сыжәлар, Израиль, аҵыхәтәа* ааит. Сара уаҳа урҭ рыгәнаҳа ранасыжьӡом. 3 „Уи аҽны аныҳәарҭаҿы ашәаҳәара аҭыԥан иҵәыуалоит, — иҳәоит Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова. — Зехьынџьара аԥсыбаҩқәа кажьзаалоит. Ҭынчрахааит!“
4 Шәӡырҩы иӷару зыргәаҟуа зегьы,
Ари адгьыл аҿы аҟәымшәышәқәа ықәызхуа зегьы,
5 Изҳәо: „Ианбаиасуеи амзаҿа аныҳәа, ачарыц* ҳҭиларц азы?
Ианбанҵәо асабша, ачарыц ак аҭнаҳхырц азы?
Усҟан ае́фа* ҳармаҷуеит,
Аше́кель* иацаҳҵоит,
Амц зҳәо акапангала амц ҳҳәалоит.
6 Усҟан акгьы змам раӡныла дааҳхәоит,
Иӷару ҩ-сандалеимаак ҳәа дааҳхәоит,
Акгьы иаԥсам ачарыц* ҳҭиуеит“.
7 Иаков ихьӡ-иԥша, Иегова, ихы данықәны иҳәеит:
„Ахаан урҭ русқәа схашҭӡом.
8 Уи адгьыл* архыџхыџлоит,
Уа иқәынхо зегь гәырҩалоит.
Адгьыл Нил еиԥш ишьҭыҵуеит,
Египеттәи Нил еиԥш иацлалоит, иагхалоит“.
9 „Уи аҽны, — иҳәоит Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова, —
Сара амра шьыбжьон иҭашәартә иҟасҵоит,
Аҽнышьыбжьон илашьцоит.
10 Сара шәныҳәақәа ҵәыуараны иҟасҵоит,
Шәашәақәа — уазашәаны.
Шәуаҭәақәа аџьабарамаҭәа* акәсыршоит, шәхы пашӡа иҟасҵоит.
Усҟан аԥазаҵә дшырҵәыуо еиԥш шәҵәыуалоит.
Шаҟа игәыҿкаагахозеи уи амш аҵыхәтәа“.
11 „Иааиуеит амшқәа, — иҳәоит Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова, —
Адгьыл аҿы амлакра аныҟасҵо,
Аха ауаа акрыфареи аӡыжәреи акәӡам изызгәаҟло,
Иегова иажәақәа роуп.
12 Дара гьало мшынк аҟынтә даҽа мшынк ахь амҩа иқәзаалоит,
Аҩадантәи мрагыларахь ицалоит,
Иегова иажәақәа рыԥшаарц азы ихрааӡраауа иқәзаалоит, аха ирзыԥшааӡом.
13 Уи аҽны убла хызкуа аҭыԥҳацәа ԥшӡақәеи аҷкәынцәеи
Аӡба иԥсны, рымч рылӡааны икаҳалоит.
14 Сама́риа агәнаҳала иқәны изҳәо:
,Унцәа имаҿоуп, Дан!’
Насгьы ,Бее́р-Ше́ваҟа ицо амҩа иамаҿоуп!‘ —
Каҳауеит, уаҳагьы изгылаӡом“».