Амос
6 «Изакә рыцҳароузеи ирзыԥшу Сион аҿы згәы ҭынчу,
Сама́риа ашьхаҿы акгьы ҳахьӡом ҳәа згәы иаанаго,
Зегь ирылукаауа ажәлар руаа дуқәа,
Израиль ацхыраара иаҳәарц азы захь ицо!
2 Ка́лнеҟа шәца,
Уантәи Ха́мат Дуҟа шәца,
Нас филисти́маа ахьынхо Гатҟа шәцаны шәахәаԥш.
Урҭ арҭ аҳрақәа* раасҭа еиӷьума,
Рыдгьылқәа шәара шәтәқәа раасҭа еиҳаума?
3 Шәара арыцҳара амш шәазхәыцыр шәҭахӡам,
Ақәымчрагьы аҳра ашәыруеит*.
4 Шәара асланбҩала ирԥшӡоу аиарҭақәа рҿы шәышьҭоуп, шәҽеиҵыхны адиуанқәа шәрықәиоуп,
Зегь иреиӷьу аҭыӷьқәеи иԥсылоу аҳәарақәеи* шәфоит.
5 Аҩымаа* арҳәаны ашәақәа аԥышәҵоит,
Давид иеиԥш амузыкатә инструментқәа шәхәыцуеит,
6 Аҵәца дуқәа рыла аҩы шәжәуеит,
Зегь иреиӷьу ахәшақәа шәхьышәшьуеит,
Иосиф ирыцҳара хьаас ишәымаӡам.
7 Убри аҟынтә шәара зегь раԥхьа шәытҟәаны шәыргоит,
Афара-ажәрагьы аҵыхәтәа ԥҵәоит.
8 Ар Рынцәа Иегова ус иҳәоит: „Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова ихы данықәуеит:
,Сара Иаков иԥагьара сцәымӷуп,
Ихырӷәӷәарҭақәа сзычҳаӡом.
Ақалақьи уа иҟоу зегьи аӷацәа ирысҭоит.
9 Ҩнык аҿы жәаҩык аанхар, урҭгьы ԥсуеит. 10 Рҭынха* дааиуеит, идәылганы иблырц азы. Иара урҭ рыԥсыбаҩқәа аҩны идәылигоит, нас аҩныҵҟатәи ауадақәа рҿы иҟоу диазҵаауеит: ,Аӡәыр дынхама уаҳа?‘ Иара иҳәоит: ,Мамоу‘. Нас егьи ус иеиҳәоит: ,Ҿумҭын! Уажәы Иегова ихьӡ аҳәара иаамҭаӡам‘.
11 Иегова адҵа ҟаиҵоит,
Усҟан аҩн ду еилабгоит,
Аҩн хәыҷы еилаҳауеит.
12 Аҽқәа ыҩуа ацаҟьақәа ирҿалома?
Уа ацәқәа рыла ицәаӷәома?
Шәара ауаа русқәа ииашаны рыӡбара аҭыԥан ишәыргәаҟуеит, шәымчра ашҳам иаҩызоуп,
Аиашара иашоу аҳаскьын* иеиԥшышәтәуеит.
13 Шәара акгьы иаԥсам шәеигәырӷьоит,
,Ҳамчра ала акәӡами ҳшаиааиз*?‘ — ҳәагьы шәҳәоит.
14 Убри аҟынтә, израильаа, сара ажәлар шәҿасыргылоит, — иҳәоит ар Рынцәа Иегова, —
Урҭ Лево́-Ха́мат* инаркны арха Ара́ванӡа шәықәцаланы шәрымазаауеит‘“».