Амос
5 «Израиль, иуасҳәо уазыӡырҩы, уазыӡырҩы иузку ауазашәа:
2 „Ахаҵа дзымбац Израиль дкаҳаит.
Уажәшьҭа дызгылаӡом,
Зегьы даанрыжьит,
Дзыргыло ҳәагьы аӡәгьы дыҟаӡам“.
3 Абас иҳәоит Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова:
„Абар Израиль иҟало:
Ақалақь аҟынтә еибашьра ицаз зықьҩык рҟынтә шәҩык аанхоит,
Шәҩык рҟынтә — жәаҩык“.
4 Иегова израильаа абас реиҳәоит:
„Шәхынҳәы сара сахь, убасҟан шәыԥсы ҭазаауеит.
5 Вефи́льҟа ацара шәаҟәыҵ*,
Гилга́лҟа шәымцалан, Бее́р-Ше́вагьы амԥан шәықәымлан,
Избанзар Гилга́л тҟәаны иргоит,
Вефи́ль аҟынтә иаанхо ҳәагьы акгьы ҟалаӡом*.
6 Шәхынҳәы Иегова иахь, убасҟан шәыԥсы ҭазаауеит,
Мамзар амца еиԥш Иосиф ихылҵқәаз ықәихуеит.
Иара Вефи́ль амца аиркуеит, уи амца аӡәгьы изырцәаӡом.
7 Шәара аиашара иашоу аҳаскьын* иеиԥшышәтәуеит,
Адгьылгьы иқәшәыжьуеит.
8 Иара Ким* аеҵәақәеи Кеси́ль* аеҵәақәеи ишеит,
Алашьцара еиқәаҵәа ашьыжьтәи лашараны иҟаиҵоит,
Амш аҵх еиԥш ирлашьцоит,
Амшынӡы еизигоит, адгьыл иқәиҭәарц азы.
Иара Иегова ихьӡуп.
9 Иара иӷәӷәоу ҭаирхоит,
Ахырӷәӷәарҭақәа ԥыххааса иқәиҵоит.
10 Шәара ақалақь агәашә аԥхьа шәахьиашам шәазҳәо шәцәымӷуп,
Аиаша шәазҳәо баны шәықәгылаӡом.
11 Иӷару адгьыл ахә* ахьыдшәыршәо азы,
Ачарыц мчыла иахьрымышәхуа азы
Ицәу хаҳәла ишәыргылаз аҩнқәа рҿы шәынхалаӡом,
Еиҭашәҳаз зеиԥшыҟам аӡахәаҭра ишәнаҭо аҩы шәыжәлаӡом.
12 Избанзар сара издыруеит шәыцәгьоурақәа* шаҟа ирацәоу,
Шәыгәнаҳа шаҟа иӷәӷәоу:
Шәара ауаа иашақәа шәыргәаҟуеит,
Аҵарҭыша* жәгоит,
Ақалақь агәашә аԥхьа иӷару рзинқәа рымышәхуеит.
13 Усҟан аилкаара змоу ҿиҭӡом,
Избанзар уи аамҭа арыцҳара иаамҭахоит.
14 Ацәгьара аҟаҵара акәымкәа, абзиара аҟаҵара шәашьҭаз,
Убасҟан шәыԥсы ҭазаауеит.
Усҟан ар Рынцәа Иегова дшәыцзаауеит,
Шәара ишышьақәшәырӷәӷәо еиԥш.
15 Ацәгьара шәцәымӷыз, абзиара бзиа ижәбала,
Ақалақьқәа ргәашә аҿы аиашара ҟалааит.
Усҟан иҟалап ар Рынцәа Иегова
Иосиф ихылҵқәаз рҟынтә иаанхаз дырзыразхар“.
16 Убри аҟынтә абас иҳәоит ар Рынцәа Иегова,
Абас иҳәоит Иегова:
„Ақалақь ашҭақәа зегьы рҿы аҵәыуабжь галоит,
Амҩадуқәа рҿы амыткәма рҳәалоит: ,Изакә рыцҳароузеи ҳзықәшәаз! Изакә рыцҳароузеи!’
Адгьыл иқәаарыхуа аџьабаразы иаарыԥхьоит,
Аҵәыуацәагьы — иҵәыуаларц азы“.
17 „Аӡахәаҭрақәа зегь рҿы аҵәыуабжь галоит,
Избанзар сара сшәылагьежьуеит“, — иҳәоит Иегова.
18 „Изакә рыцҳароузеи ирзыԥшу Иегова имш ааир зҭаху!
Шәыззыԥшузеи Иегова имш аҟынтә?
Уи лашьцарахоит, лашарахаӡом.
19 Уи аҽны дара алым иацәыбналаз, аха амшә згәыдлаз иҩызахоит,
Иара аҩны дыҩналаны инапы аҭӡамц ианадиргыло, амаҭ ицҳауеит.
20 Иегова имш лашьцарахоит, лашарахаӡом.
Уи лашарак ахьумбо лашьцараны иҟалоит.
21 Сара шәныҳәақәа сзычҳаӡом, исцәымӷуп,
Аизара дуқәа рҿы исызнажәго акәырбанқәа рыфҩы схы сыхнахуеит.
22 Ижәбылуа акәырбанқәа зегь сызнажәгаргьы,
Сара урҭ сдыргәырӷьаӡом.
Инажәго аҭынчратә кәырбанқәа — иԥсылоу ашьтәақәа — сыдыскылаӡом.
23 Зыбжьы цәгьоу шәашәақәа сышәмырҳан.
Шәрахәыцтә рҳәагақәа ирхылҵуа абжьы саҳалар сҭахӡам.
24 Аиашара аӡы еиԥш ахьхьаҳәа илеилааит,
Иаанымгылаӡакәа илеиуа арҩаш иаҩызазааит.
25 Израиль ихылҵқәаз, сара соума 40 шықәса
Акәырбанқәеи аҳамҭақәеи зызнажәгоз?
26 Уажәшьҭа шәара шәаҳ Сакку́ти Каива́ни* шәыманы шәцар акәхоит —
Шәнапала иҟашәҵаз аеҵәа-нцәахәы асахьақәа.
27 Шәара Дамаск шәахыганы, шәытҟәаны хара шәыргоит“, — иҳәоит Иегова зыхьӡу ар Рынцәа».