Даниил
7 Вавилонтәи аҳ Валтаса́р* аҳра аниуаз актәи ашықәс азы, Даниил ԥхыӡла абарақәа ибеит. Иара ԥхыӡла иибаз зегь ак агмыжькәа ашәҟәы ианиҵеит. 2 Абар иара еиҭеиҳәаз:
«Уахынла абарақәа рҿы сара избеит жәҩантәи ԥшь-ԥшак амшын ду шдыргәаҭеиуаз. 3 Амшын аҟынтә ԥшь-гыгшәыг дук ҭыҵит, урҭ дара-дара еиԥшӡамызт.
4 Актәи агыгшәыг алым иеиԥшын, уи ауарбажә амҵәыжәҩақәа аман. Сара избеит уи амҵәыжәҩақәа шҿыржәаз, нас адгьыл аҟынтә ишьҭырхын, ауаҩы иеиԥш ҩ-шьапык ирықәдыргылеит, ауаҩы игәгьы арҭеит.
5 Аҩбатәи агыгшәыг амшә иеиԥшын, уи азшьапык шьҭыхын, х-ваҵкьыскгьы* аҿыҵакын. Иара ус арҳәеит: „Угыл, ирацәаны акәац ыф“.
6 Уи ашьҭахь даҽа гыгшәыгк збеит. Уи алеопард иеиԥшын, аха абӷаҿы аԥсаатә амҵәыжәҩақәа иреиԥшу ԥшь-мҵәыжәҩак аман. Уи агыгшәыг ԥшь-хык ахагылан, аҳра ауларц азгьы амчра аҭан.
7 Уи ашьҭахь уахынла абарақәа рҿы избеит аԥшьбатәи агыгшәыг. Уи агыгшәыг даараӡа иӷәӷәан, аԥшрагьы уцәа уҭанарӡыӡон. Уи аиха иалхыз ахаԥыц дуқәа аман, зегь ахәланагалон, иҟәаҟәаса еиланажьуан, иацәынхазгьы иаӷрагыланы иарҟьацуан. Уи уаанӡатәи агыгшәыгқәа иреиԥшӡамызт, жәа-тәыҩакгьы ахагылан. 8 Урҭ атәыҩақәа сахьынӡарыхәаԥшуаз, рыбжьара рацәак идуумыз даҽа тәыҩак аацәырҵит. Уи аҭыԥ аиурц азы жәа-тәыҩак рҟынтә х-тәыҩак ыҵжәан. Уи атәыҩа ауаҩы илақәа иреиԥшу алақәа аман, иара убас иаман ажәа ԥагьақәа зҭыҵуаз* аҿы.
9 Анаҩс сара избеит атәарҭаҭыԥқәа шдыргылаз, насгьы Жәытәнатәаахыс Иҟоу днеины итәарҭаҭыԥ аҿы дыштәаз. Иара имаҭәа асы еиԥш ишкәакәан, ихцәы аласа цқьа еиԥшын. Итәарҭаҭыԥ еилашуа амца иаҩызан, иаҵагылаз агьежьқәа* амца ркызшәа иҟан. 10 Иара иҟынтә арҩаш еиԥш амца еилашуа иаауан. Азықьқәа рызықьқәа уи имаҵ руан, шәмиллионҩыла иҿаԥхьа игылан. Аӡбаҩ аусӡбаразы дтәеит, ашәҟәқәагьы аартын.
11 Сара анаҩсгьы сыԥшуан, избанзар исаҳауан атәыҩа иаҳәоз ажәа ԥагьақәа*. Сара избеит уи агыгшәыг шшьыз, амца иақәыжьныгьы ишырблыз. 12 Егьырҭ агыгшәыгқәа ракәзар, амчра рымхын, урҭ аамҭак аҩныҵҟа инхаларц азин рыҭан, рыҿҳәарагьы ԥҵәан.
13 Анаҩс сара уахынла абарақәа рҿы избеит ауаҩытәыҩса иԥа иеиԥшыз аӡәы аԥҭақәа дрылаланы дшаауаз. Иара Жәытәнатәаахыс Иҟоу иахь днеиртә еиԥш азин иҭан, иара иахьгьы днаган. 14 Иара амчреи, ахьӡ-аԥшеи, аҳреи иҭан, милаҭла еиԥшым, еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ицәажәо ауаа имаҵ руларц азы. Иара инапхгара ахаангьы зҵыхәтәа ԥымҵәо, наӡаӡа иҟоу напхгароуп, иаҳрагьы ахаан иқәгахаӡом.
15 Сара, Даниил, исҳәо-изуа сзымдыруа саанхеит, избаз даараӡа саршәеит. 16 Сара уа игылаз руаӡәк снаидгылан, избаз иаанагои ҳәа сиазҵааит. Иара уи иаанагоз сзеиҭеиҳәеит.
17 „Ԥшь-гыгшәыг дук — адгьыл аҿы ицәырҵраны иҟоу* ԥшьҩык аҳцәа роуп. 18 Аха Хыхь иҟоу Анцәа Ду иитәқәоу иԥшьоу аҳра роуеит. Уи еснагь, наӡаӡа дара иртәызаауеит“.
19 Анаҩс сара аԥшьбатәи агыгшәыг иазкны еиҳаны еилыскаар сҭаххеит. Уи агыгшәыг егьырҭ иреиԥшӡамызт, аԥшра уцәа уҭанарӡыӡон. Уи аиха иалхыз ахаԥыц дуқәа аман, ашьаԥхыцқәа абҩа иалхын, зегь ахәланагалон, иҟәаҟәаса еиланажьуан, иацәынхазгьы иаӷрагыланы иарҟьацуан. 20 Иара убас сара еилыскаар сҭаххеит уи иахагылаз жәа-тәыҩаки, нас ицәырҵыз даҽа тәыҩаки рыӡбахә. Уи атәыҩа иахҟьаны х-тәыҩак амҵны икаҳаит. Уи атәыҩа алақәеи иԥагьоу ажәақәа зҿыҵуаз аҿи аман, егьырҭ атәыҩақәа раасҭагьы еиҳан.
21 Анаҩс сара избеит уи атәыҩа иԥшьоу рабашьра ишалагаз. Иара урҭ ириааиуан, 22 Жәытәнатәаахыс Иҟоу даанӡа, насгьы иара Хыхь иҟоу Анцәа Ду иитәқәоу иԥшьоу ирыхәо аӡбара идикылаанӡа, урҭ аҳра роураны ианыҟаз аамҭагьы ааиаанӡа.
23 Абар иара ииҳәаз: „Аԥшьбатәи агыгшәыг — адгьыл аҿы ицәырҵуа аԥшьбатәи аҳра ауп. Иара егьырҭ аҳрақәа иреиԥшхаӡом. Уи адгьыл зегь ахәланагалалоит, иаӷрагыланы иарҟьацлоит, иԥыххаасагьы иқәнаҵалоит. 24 Жәа-тәыҩак — уи аҳра иалҵуа жәаҩык аҳцәа роуп. Урҭ рышьҭахь даҽа аҳак дцәырҵуеит, иара жәаҩык аҳцәа дреиԥшхаӡом, хҩык аҳцәагьы лаирҟәуеит. 25 Иара Хыхь иҟоу Анцәа Ду иакәым изиҳәалоит, иара убас Хыхь иҟоу Анцәа Ду иитәқәоу иԥшьоу дрышьҭашәарыцалоит. Иара аамҭақәеи азакәани иԥсахыр иҭаххоит, иԥшьоугьы аамҭаки, ҩ-аамҭаки*, аамҭабжаки ҳәа иара иҭахоит. 26 Аха аусӡбара алагоит, уи аҳгьы имчра имххоит, нас ахаан дыҟаӡамызшәа дықәгахоит.
27 Аҳреи, амчреи, ажәҩан аҵаҟа иҟоу аҳрақәа зегь рыхьӡ-рыԥшеи Хыхь иҟоу Анцәа Ду иитәу иԥшьоу ажәлар ирыҭан. Урҭ раҳра — наӡаӡа иҟоу аҳроуп, анапхгарақәа зегьы урҭ рымаҵ рулоит, рҳәатәгьы иацныҟәалоит“.
28 Абри ауп сара ԥхыӡла избаз. Сара, Даниил, сцәышхеит, избанзар схәыцрақәа даараӡа сдыршәеит. Аха уи зегьы сгәы иҭасҵәахит».