Даниил
6 Да́ри иаҳра зегь 120-ҩык асатрапцәа ахаиргыларц иӡбеит, 2 урҭ хҩык ачынуаа рхаиргылеит. Ачынуаа асатрапцәа рус шынарыгӡо иацклаԥшлар акәын, аҳ аԥхасҭа имоурц азы. Ачынуаа руаӡәк Даниил иакәын. 3 Иара егьырҭ ачынуааи асатрапцәеи дрылукаауан, избанзар зеиԥшыҟам абаҩхатәра илан. Аҳ уи иаҳра зегь дахаиргылар иҭахын.
4 Уи аамҭазы ачынуааи асатрапцәеи Даниил аҳәынҭқарратә усқәа ииашамкәа инаигӡоит ҳәа ахара злаидырҵаша иашьҭан. Аха дара Даниил ахара идырҵартә еиԥш ма иқәыӡбартә еиԥш акгьы рзымԥшааӡеит. Избанзар иара узықәгәыӷыртә иҟаз уаҩын, иҭакԥхықәрақәа ибзианы инаигӡаӡом, ма амц иҳәоит ҳәа ахара узидҵомызт. 5 Убри аҟынтә дара ус рҳәеит: «Ҳара ани Даниил ҳәа иҟоу ихараҳҵаша ҳәа акгьы ҳзыԥшаауам, Инцәа изакәан аҿы ак ҳамԥшаауазар».
6 Усҟан ачынуааи асатрапцәеи рҽеибаркны аҳ иахь инеин, ус рҳәеит: «Аҳ Да́ри, наӡаӡа унхалааит! 7 Аҳҭынраҿы иҟоу ачынуаа зегьы, иара убас асатрапцәеи, урҭ рыцхырааҩцәеи, аҳҭынра иатәу ауаа дуқәеи, анапхгаҩцәеи ааилацәажәан, аҳ абри аҩыза аусԥҟа ҭижьроуп ҳәа рыԥхьаӡеит: 30 мшы рыҩныҵҟа, аҳ, уара уакәымкәа, даҽаӡәы ма даҽа нцәак иҳәо дарбанзаалак алымқәа ахьҭаку ажра дҭарыжьроуп. 8 Убри аҟынтә аҳ, иаԥҵа аусԥҟа, унапгьы аҵаҩ, усҟан ми́дааи персааи рзакәанқәа реиԥш, уи азакәан аԥсахрагьы ҟалаӡом, аԥыхрагьы ҟалаӡом».
9 Аҳ Да́ри уи аусԥҟа инапы аҵеиҩит.
10 Даниил аҳ аусԥҟа инапы шаҵеиҩыз шааиликааҵәҟьаз еиԥш, аҩныҟа дцеит. Хыхьтәи иуадаҿы иҿаз Иерусалимҟа иԥшуаз аԥенџьырқәа аартын. Иара уаанӡа еиԥш мышкахьы хынтә дшьамхышгыланы Инцәа диҳәон, дагьҳареикуан. 11 Урҭ ауаа Даниил Анцәа иҳәара дшаҿыз иҩналан, ирбеит Анцәа дышиҳәоз, дӷьаҵәыӷьаҵәуа иразрагьы дшаҳәоз.
12 Усҟан дара аҳ иахь инеин, иаԥиҵаз аусԥҟа игәаладыршәеит: «Аҳ, уара уакәӡами 30 мшы рыҩныҵҟа уара уакәымкәа, даҽаӡәы ма даҽа нцәак иҳәо дарбанзаалак алымқәа ахьҭаку ажра дҭарыжьроуп ҳәа зҳәо аусԥҟа знапы аҵазҩыз?» Аҳ иҳәеит: «Уи ԥсахра зқәым усԥҟоуп, ми́дааи персааи рзакәан еиԥш, аԥыхрагьы ҟалаӡом». 13 Дара аҳ ус иарҳәеит: «Иудеиантәи иахыганы иааргаз иреиуоу Даниил уаргьы хьаас уимам, аҳ, унапы зҵауҩыз аусԥҟагьы хьаас имам. Иара мышкахьы хынтә Инцәа диҳәоит». 14 Аҳ уи аниаҳа, даараӡа игәы ихьит, иара Даниил дышицхрааша дазхәыцуан, амра ҭашәаанӡагьы деиқәирхарц дашьҭан. 15 Аҵыхәтәаны урҭ ауаа рҽеибаркны аҳ иахь инеин, ус иарҳәеит: «Иухоумыршҭын аҳ, ми́дааи персааи рзакәан инақәыршәаны, аҳ иаԥиҵаз аусԥҟа аԥсахра шыҟамло».
16 Усҟан аҳ адҵа ҟаиҵан, Даниил дганы алымқәа ахьҭакыз ажра дҭарыжьит. Аҳ Даниил ус иеиҳәеит: «Еснагь зымаҵ ууа Унцәа уеиқәирхоит». 17 Анаҩс ахаҳә аарган, алымқәа ахьҭакыз ажра хырҩеит. Аҳ уи имацәаз алеи аҳҭынраҿы иҟаз ауаа дуқәа рмацәазқәа рылеи амҳәыр ааирхеит, Даниил иус ишырыӡбаз еиԥш иҟаларц азы.
18 Уи ашьҭахь аҳ аҳҭынрахьы дхынҳәит. Аухантәарак иара дычгон, игәы дырҿыхаргьы* имуит. Уи ауха аҳ дызмыцәаӡеит, 19 ашамҭазы иара дҩагылан, дыццакы-ццакуа алымқәа ахьҭакыз дцеит. 20 Уи аҭыԥ даназааигәаха, аҳ илахь еиқәышьшьы Даниил изҿиҭын, ус иҳәеит: «Зыԥсы ҭоу Анцәа имаҵзуҩы Даниил, илшама еснагь зымаҵ ууа Унцәа алымқәа урцәыхьчара?» 21 Даниил иаразнак аҳ ус иеиҳәеит: «Аҳ, наӡаӡа унхалааит! 22 Сынцәа амаалықь даашьҭны алымқәа рсаса ишәаҳаит, даргьы сыламкьысӡеит, избанзар сара иара иҿаԥхьа ахара сыдӡамызт, уаргьы, саҳ, ицәгьоу ҳәа акгьы узызмуӡеит».
23 Аҳ даараӡа дгәырӷьеит, Даниил ажра дҭыргарцгьы адҵа ҟаиҵеит. Даниил данҭырга, деибга-деизҩыда дыҟан, избанзар иара Инцәа диқәгәыӷуан.
24 Аҳ адҵа ҟаиҵан, Даниил ахара идызҵоз* рыҳәсеи рыҷкәынцәеи дареи ааганы, алымқәа ахьҭакыз ажра иҭарыжьит. Урҭ ажра аҵахь илеиаанӡа, алымқәа рымҵасын, рыбаҩқәа ҟәаҟәаса иқәырҵеит.
25 Уи ашьҭахь аҳ Да́ри милаҭла еиԥшымыз, еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ицәажәоз, адгьыл иқәынхоз ажәларқәа ус рзиҩит: «Аҭынчра шәыгымзааит! 26 Сара абри аҩыза аусԥҟа аԥысҵоит: саҳраҿы иҟоу ауаа зегьы Даниил Инцәа ицәшәалааит, ҳаҭыргьы иқәырҵалааит, избанзар иара зыԥсы ҭоу, наӡаӡа иҟоу Нцәоуп. Иара иаҳра ахаангьы аӡәгьы иқәигаӡом, инапхгарагьы наӡаӡа иҟазаауеит. 27 Иара ижәлар ихьчоит, иагьеиқәирхоит, ажәҩан аҿгьы адгьыл аҿгьы аџьашьахәқәеи узыршанхо аусқәеи ҟаиҵоит. Иара Даниил алымқәа дырцәихьчеит».
28 Да́ри аҳра аниуаз, иара убас персиатәи аҳ Кир аҳра аниуаз, Даниил аԥсҭазаара бзиа иман.