Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ажәамаанақәа 31
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ажәамаанақәа. Ахҳәаа

      • АҲ ЛЕМУИЛ ИАЖӘАҚӘА (1—31)

        • «Аԥҳәыс бзиа дзыԥшаар зылшода?»(10)

        • Аусура дацәаашьаӡом, акрылуеит (17)

        • «Лыбз ақьиара азакәан ықәуп» (26)

        • Лхәыҷқәеи лхаҵеи ддырҽхәоит (28)

        • Улаԥш зыдхало аԥшӡара аамҭалоуп (30)

Ажәамаанақәа 31:10

Албаагақәа

  • *

    Шәахәаԥш Ажәар.

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    Аусуратә тетрад «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи»,

    11/2016, ад. 3

Ажәамаанақәа 31:19

Албаагақәа

  • *

    Ахахагеи адырди рхы иадырхәон арахәыцқәеи акәаркәашьақәеи ҟарҵарц азы.

Ажәамаанақәа 31:23

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    Аусуратә тетрад «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи»,

    11/2016, ад. 2

Ажәамаанақәа 31:24

Албаагақәа

  • *

    Ма «ҵаҟатәи амаҭәа».

Ажәамаанақәа 31:26

Албаагақәа

  • *

    Ма «хаала дулабжьоит».

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    6/2022, ад. 26

Ажәамаанақәа 31:28

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Аҭаацәаратә насыԥ», ад. 49—50

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ажәамаанақәа 31:1–31

Ажәамаанақәа

31 Аҳ Лемуи́л иажәақәа, иан иалҳәаз акрызҵазкуа ажәақәа.

 2 Иуасҳәари, сыҷкәын?

Иуасҳәари, сымгәарҭа иҭыҵыз,

Сҿаҭахьақәа рԥа?

 3 Умчқәа аҳәса ирықәумырӡлан,

Аҳцәа ҭазырхо амҩақәа урнымлан.

 4 Ирыхәҭам аҳцәа, Лемуи́л,

Ирыхәҭам аҳцәа аҩыжәра,

Арыжәтә иашьҭамзароуп анапхгаҩцәа.

 5 Мамзар ианыржәлак, азакәан рхашҭуеит,

Нас арыцҳацәа рзинқәа еиларгоит.

 6 Ирышәҭ арыжәтә аҭахара иаҿу,

Ирышәҭ аҩы згәы ахьаа ҭоу.

 7 Иржәааит, рӷарра атәгьы рхашҭааит,

Уаҳа ргәырҩагьы ргәаламшәалааит.

 8 Зхы ахьчара злымшо ухьчарц азы урыдгыланы уцәажәала,

Аҭахара иаҿу рзинқәа хьчала.

 9 Иухьчарц азы урыдгыланы уцәажәала, рус ииашаны иӡбала,

Арыцҳацәеи аӷарцәеи рзинқәа хьчала.

א [а́леф]

10 Аԥҳәыс бзиа дзыԥшаар зылшода?

Уи акораллқәа* раасҭа акырӡа лыхә ҳаракуп.

ב [бет]

11 Лхаҵа гәык-ԥсыкала лыгәра игоит,

Иара ииҭаху зегь имоуп.

ג [ги́мел]

12 Лыԥсы ахьынӡаҭоу лара лхаҵа

Бзиарамзар цәгьара изылуӡом.

ד [да́лет]

13 Лара аласеи ақәни аалхәоит,

Лнапала акы аҟаҵара бзиа илбоит.

ה [хе]

14 Ихәаахәҭуа аӷбақәа реиԥш,

Лара харантәи афатә аалгоит.

ו [вав]

15 Лара ишылашьцоу дгылоит,

Лыҩнаҭа иатәу рзы афатә лырхиарц азы,

Лымаҵ зуа аҳәса ирфаша лырмазеирц азы.

ז [за́иин]

16 Лара адгьыл аалхәарц лыӡбоит, иагьаалхәоит,

Лџьабаала илырҳаз ала аӡахәаҭра еиҭалҳауеит.

ח [хет]

17 Лара имариам аус лҽазылкуеит,

Лнапы мырааԥсаӡакәа аус алыруеит.

ט [тет]

18 Лара илбоит лхәаахәҭратә ус ахашәалахәы шамоу,

Лкәаҷаб уахынлагьы ицәаӡом.

י [иод]

19 Лара лнапы ахахага акуп,

Адырды кны дхахоит*.

כ [каф]

20 Лара арыцҳацәа дрыцхраауеит,

Аӷарцәа рзгьы акгьы деигӡаӡом.

ל [ла́мед]

21 Лара ахьҭақәа аныҟоу лыҩнаҭа иатәу рзы лгәы ҭынчуп,

Избанзар зегьы маҭәа ԥхала еилаҳәоуп.

מ [мем]

22 Лара лхаҭа аиарҭақәыршәқәа ҟалҵоит,

Лымаҭәа ақәни апурпурԥштәы змоу аласеи ирылхуп.

נ [нун]

23 Лхаҵа ақалақь агәашә аҿы ибзианы дырдыруеит,

Ажәлар реиҳабацәа дахьрыдтәалоу агәашә аԥхьа.

ס [са́мех]

24 Лара ақәны иалху амаҭәа* ӡахны илҭиуеит,

Ахәаахәҭцәа амаҟақәа даалырхәоит.

ע [а́иин]

25 Лара агәымшәара лылоуп, ауаа пату лықәырҵоит,

Дымшәаӡакәа ԥхьаҟа дыԥшуеит.

פ [пе]

26 Лара ҟәышрала дцәажәоит,

Лыбз ақьиара азакәан ықәуп*.

צ [ца́де]

27 Лара лыҩны иҟоу аусқәа дырхылаԥшуеит,

Усда ахаангьы дтәаӡам.

ק [коф]

28 Лхәыҷқәа ҩагыланы насыԥ змоу ҳәа лзырҳәоит,

Лхаҵа дҩагыланы дырҽхәо иҳәоит:

ר [реш]

29 «Имаҷымкәа аҳәса бзиақәа ыҟоуп,

Аха бара зегьы бреҩсуеит».

ש [шин]

30 Улаԥш зыдхало уажьар ауеит, аԥшӡарагьы аамҭалоуп ишыҟоу,

Аха Иегова ицәшәо аԥҳәыс арҽхәара даԥсоуп.

ת [тав]

31 Иҟалҵо зегь азы илықәнаго лышәҭ,

Лусқәа рзы ақалақь агәашә аԥхьа ддырҽхәалааит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра