Ажәамаанақәа
2 Сыҷкәын, сажәақәа удукылар,
Сыԥҟарақәа рыхә ушьалар,
2 Улымҳа кыдҵаны аҟәыӷара уазыӡырҩлар,
Аилкаара уоурц азы угәы аауртыр,
3 Уӷьаҵәыӷьаҵәуа аҟәышра уаҳәалар,
Уааҟәымҵӡакәа аилкаарагьы уаҳәалар,
4 Урҭ араӡны еиԥш уашьҭазар,
Иҵәаху ахазына еиԥш иуԥшаалар,
5 Иегова ицәшәара иаанаго еилукаауеит,
Анцәагьы дудыруеит.
6 Избанзар Иегова иоуп аҟәыӷара узҭо,
Иажәақәа ауаҩы адыррақәеи аилкаареи ирҭоит.
7 Иара ауаа иашақәа рзы аҟәыӷара ҵәахны имоуп,
Ауаа цқьақәа рзы аԥырак даҩызоуп.
8 Иара аиашара амҩа иқәу дырхылаԥшуеит,
Изиашоу рымҩа ихьчалоит.
9 Усҟан уара еилукаауеит аиашареи, ииашаны аӡбареи, аламысцқьареи закәу,
Еилукаауеит иарбан мҩоу ииашоу.
10 Аҟәыӷара угәы ианҭалалак,
Адыррагьы угәы* ианахәалак,
11 Ухәыцшьа бзиа уцхраалоит,
Уеилкаара уахьчалоит,
12 Амҩа цәгьа уанымларц азы,
Аиаша зымҳәо уицәыхьчазарц азы,
13 Урцәыхьчазарц амҩа иаша аанзыжьуа,
Алашьцара амҩа ианыларц азы,
14 Урцәыхьчазарц зус цәгьақәа ирылагәырӷьо,
Ацәгьареи ахәымгареи згәы иахәо,
15 Урцәыхьчазарц зымҩақәа кьаҳәу,
Зыгәра агара цәгьоу.
16 Аҟәыӷара аԥҳәыс хәымга* лҟынтә уахьчоит,
Иламысдоу аԥҳәыс* лажәа хаақәа ухырымхырц иуцхраауеит,
17 Лара данқәыԥшыз инаркны илыцыз лхаҵа* дкалыжьит,
Анцәеи лареи реиқәшаҳаҭра лхашҭит.
18 Лыҩныҟа ицо аԥсроуп изыԥшу,
Лыҩнахьы уназго амҩа анышә ахь ауп уахьнанаго.
19 Уи илыцышьҭало* дзыхынҳәӡом,
Ҿыц аԥсҭазаара амҩа дзанылаӡом.
20 Убри аҟынтә ауаа бзиақәа рымҩа уаныз,
Ауаа иашақәа рымҩа уанымҵын,
21 Избанзар ауаа иашақәа роуп адгьыл аҿы инхало,
Ауаа цқьақәа роуп уа иаанхо.
22 Ацәгьара ҟазҵо ракәзар, адгьыл аҟынтә иқәыххоит,
Амц зҳәо рышьаҭа ианкны иқәгахоит.