Ажәамаанақәа
1 Израильтәи аҳ, Давид иԥа Соломон иажәамаанақәа.
2 Арҭ ажәамаанақәа удыриашоит, аҟәыӷара урҭоит*,
Ажәа ҟәышқәа реилкаара иуцхраауеит,
3 Уариашоит, аилкаара уоурц азы,
Ууаҩ иашахарц, ииашаны ухәыцларц, ламыс змоу уаҩны уҟаларц азы,
4 Арҭ ажәамаанақәа аԥышәа змам* ддырҟәышуеит,
Аҷкәын адырра ирҭоит, ахәыцшьа идырҵоит.
5 Аҟәыш дӡырҩуеит, убри аҟынтә еиҳагьы идырра иацлоит,
Аҟәыӷагьы алабжьара ҟәышқәа иоуеит,
6 Иара ажәамаанақәеи маанала иҳәоу ажәақәеи еиликаалоит,
Ауаа ҟәышқәа ражәақәеи рцуфарақәеи еилиргалоит.
7 Иегова иахь аҳаҭырқәҵара зныԥшуа ашәара аарԥшра — адыррақәа ирылагамҭоуп.
Агаӡақәа роуп аҟәыӷареи амҩақәҵарақәеи зцәымӷу.
9 Уи уара узы ухы иахоуҵо гәыргьын ԥшӡоуп,
Ухәда иахоуҵо хәдахаҵоуп.
10 Сыҷкәын, агәнаҳаҟаҵаҩцәа амҩа цәгьахь иугәҭасуа иалагар, уҽрумҭан,
11 Абас уарҳәар: «Уҳацны уаала,
Ҳкылатәаны, иаҳшьыша дҳаԥшаап.
Акгьы зхарам ауаа ҳтәаны ҳрызкылыԥшлап,
12 Анышәынҭра* еиԥш рыԥсы шҭоу илбааҳдап,
Ааи, аԥсцәа ахьыржуа ажра аԥсцәа шахәланарбго еиԥш ишеибгоу иҳахәлаҳарбгап.
13 Хаара-бзаарас ирымоу зегь рымаҳхуеит,
Ирцәаҳгаз ала ҳаҩнқәа ҳарҭәуеит.
15 Сыҷкәын, урыцымлан урҭ,
Рымҩа уанымлан,
16 Избанзар дара ацәгьара аҟаҵара иҩуа иашьҭоуп,
Аӡә ишьра иахыццакуеит.
17 Аҵарақәа ишырбо акаҭа ашьҭаҵара акгьы аанагаӡом.
18 Убри азоуп дара ашьа карҭәарц азы рҽыҵәахны изкылатәоу,
Аӡә дыршьырц азы рҽыҵәахны изтәоу.
19 Убас ҟарҵоит амц ҳәаны амал арҳара иашьҭоу,
Аха уи рыԥсҭазаара рымнахуеит.
20 Ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара амҩаду аҿы абжьы рдуны ицәажәоит,
Ақалақь ашҭақәа рҿы абжьы уаҳауеит.
21 Иара ауаа ахьыҟоу амҩеихдақәа рҿы ҿнаҭуеит,
Ақалақь агәашә аҭаларҭаҿы абас аҳәоит:
22 «Аԥышәа змам, шәгаӡара анбанӡашәгәаԥхало?
Аҵәылхыҩцәа, аҵәылхра шәанбанӡаҿызаало?
Ахшыҩдақәа, адырра мап анбанӡацәышәкло?
23 Исҳәо шәхахьы инаганы шәыҽшәыриаша.
Убасҟан сара сдоуҳа шәысҭоит,
Схәыцрақәа шәзаасыртуеит.
24 Сара ишәызҿысҭуан, аха шәара аҭак аҟаҵара шәҭахӡамызт,
Сшәыцхраарц азы снапы сырххон, аха шәара шәсызхьаԥшӡомызт.
25 Шәара сылабжьарақәа хьаас ишәкӡомызт,
Аҽыриашарагьы шәҭахӡамызт.
26 Убри аҟынтә, арыцҳара шәанақәшәалак, сыччоит,
Шәзыцәшәо аншәыхҭыгәлалак, сышәхыччоит,
27 Шәзыцәшәо афырҭын еиԥш ианааиуа,
Арыцҳара аԥшатлакә еиԥш ианшәылало,
Агәаҟрақәеи ауадаҩрақәеи шәанрықәшәо.
28 Усҟан шәара* исызҿышәҭлоит, аха сара аҭак шәысҭаӡом,
Шәӷьаҵәыӷьаҵәуа шәсышьҭазаауеит, аха сышәзыԥшааӡом,
29 Избанзар шәара адырра шәцәымӷын,
Иегова ицәшәара* шәҭахӡамызт.
30 Шәара сылабжьарақәа мап рцәышәкит,
Шәсыриашарц иҟасҵоз зегьы шәазхьамԥшӡеит,
31 Убри аҟынтә илашәҵо аашәрыхуеит,
Шәыгәҭакқәа иаарго алҵшәақәа рыла шәгәы шәырҭәуеит,
32 Избанзар аԥышәа змам рҳәатәхамҵара иашьуеит,
Ахшыҩдақәагьы акгьы хьаас иахьрымам азы рхы ҭадырхоит.
33 Сара исзыӡырҩуа иакәзар, ҭынч дынхалоит,
Арыцҳара дақәшәоит ҳәа дшәалаӡом».