Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ажәамаанақәа 17
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ажәамаанақәа. Ахҳәаа

    • СОЛОМОН ИАЖӘАМААНАҚӘА (10:1—24:34)

Ажәамаанақәа 17:1

Албаагақәа

  • *

    Ма «часак».

  • *

    Ма «кәырбанс иноуго меигӡарахда акәац».

Ажәамаанақәа 17:6

Албаагақәа

  • *

    Ма «рабацәа».

Ажәамаанақәа 17:7

Албаагақәа

  • *

    Ма «ауаҩ дугьы».

Ажәамаанақәа 17:8

Албаагақәа

  • *

    Ма «аӡәы иразра узҭо».

Ажәамаанақәа 17:9

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «хызҩо».

Ажәамаанақәа 17:16

Албаагақәа

  • *

    Ма «ахшыҩ имамзар». Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «агәы имамзар».

Ажәамаанақәа 17:18

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «агәы змам».

Ажәамаанақәа 17:22

Албаагақәа

  • *

    Ма «убаҩқәа арҩоит».

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Абиблиатә зҵаарақәа рҭак», астатиа 158

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 2

Ажәамаанақәа 17:26

Албаагақәа

  • *

    Ма «ахараԥса иқәҵара».

Ажәамаанақәа 17:27

Албаагақәа

  • *

    Ма «аҭынчра ааирԥшуеит».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ажәамаанақәа 17:1–28

Ажәамаанақәа

17 Аҭынчра ахьыҟоу аҩнаҿы ача* кьакьа уфалар еиҳа еиӷьуп,

Аимак-аиҿак ахьыҟоу аҩнаҿы меигӡарахда афатә* умазар аасҭа.

 2 Иҟәышу амаҵуҩы зхы аԥша ҭоу аԥа напхгара изиулоит,

Иԥшәма иԥацәа ирҭынхо иаргьы иҭынхоит.

 3 Амца ахьи араӡни арыцқьоит,

Аха агәқәа ҭызҵаауа Иегова иоуп.

 4 Ауаҩы цәгьа ицәгьоу зҳәо дырзыӡырҩуеит,

Амцҳәаҩгьы уҭазырхо ажәақәа дырзыӡырҩуеит.

 5 Аӷар ихыччо Дызшаз длаирҟәуеит,

Аӡәы ирыцҳара иеигәырӷьо иқәнага дақәдмыршәакәа дзаанхаӡом.

 6 Абыргцәа ргәыргьын — рмоҭацәа роуп,

Ахәыҷқәагьы рҭаацәа* рыбзоурала ахьӡ бзиа дырҳауеит.

 7 Агаӡа ажәа ҟәышқәа инаалаӡом,

Анапхгаҩгьы* амц аниҳәо инаалаӡом.

 8 Аҳамҭа — зыхә ҳараку* хаҳәуп измоу изы,

Дахьцалакгьы, уи ақәҿиара инаҭоит.

 9 Аӡәы игха ианазыжьуа* абзиабара ааирԥшуеит,

Аха уи агха еснагь иалацәажәо аҩызцәа гәакьақәа еилихуеит.

10 Аҟәыш знык дуриашар, иаразнак еиликаауеит,

Агаӡа шәынтә уисыргьы, изеилкааӡом.

11 Ауаҩы цәгьа дзышьҭоу аҿагылара ауп,

Аха арыцҳашьара злам ацҳаражәҳәаҩ дааины уи иқәнага дақәиршәоит.

12 Зԥацәа зцәыӡыз амшә уԥылар еиҳа еиӷьуп,

Згаӡара иақәгәыӷуа агаӡа дуқәшәар аасҭа.

13 Ауаҩы изыруз абзиара ацәгьара ала ахә ишәозар,

Ацәгьара ахаан иҩнаҭа иаԥырҵӡом.

14 Аимак-аиҿак алагамҭа аӡҭарчы аӡы ацәцара ианалаго иаҩызоуп,

Аимак-аиҿак еилашаанӡа наҟ уца.

15 Иегова ауаҩы цәгьа акгьы ихараӡам ҳәа зҳәо дицәымӷуп,

Ауаҩ иаша иқәыӡбогьы дицәымӷуп.

16 Изиҭахузеи агаӡа аҟәыӷара арҳаразы имоу алшарақәа,

Уи дашьҭамзар*?

17 Аҩыза бзиа еснагь ибзиабара ааирԥшуеит,

Иара арыцҳара уанақәшәо узықәгәыӷыртә иҟоу аиашьа гәакьа диҩызоуп.

18 Ахшыҩ змам* егьи инапы имихуеит,

Изааигәоу ишибо даҽаӡәы изы аҭакԥхықәра ихахьы игарц азы.

19 Аҭыӡшәа бзиа избо агәнаҳа бзиа ибоит,

Агәашә ҳарак ҟазҵо ихы арыцҳара иақәиршәоит.

20 Згәы цқьам ауаҩы ақәҿиара иоуӡом,

Амц зҳәогьы арыцҳара дақәшәоит.

21 Агаӡа иаб дгәырҩалоит,

Ахшыҩ змам иабгьы дгәырӷьалаӡом.

22 Игәырӷьо агәы — хәшәуп,

Агәкаҳара — умч улнахуеит*.

23 Ауаҩы цәгьа маӡала аҵарҭыша игоит,

Аиашара еилаганы, аӡәы иус ииашамкәа иӡбарц азы.

24 Аилкаара змоу ауаҩы аҟәыӷара илаԥш ақәкуп,

Агаӡа илақәа адгьыл аҵыхәахь ирхоуп.

25 Аҷкәын гаӡа иаб агәырҩа изааигоит,

Иангьы лгәы лирхьуеит.

26 Ауаҩ иаша данахьдырхәуа* бзиаӡам,

Ҳаҭыр зқәу ауаагьы ҟамчыла ианырыпҟо иашаӡам.

27 Ауаҩ ҟәыш иажәа раӡаны дцәажәоит,

Аилкаара змоугьы дгәамҵӡом*.

28 Агаӡаҵәҟьагьы ҿимҭлар, ахшыҩ имоуп ҳәа дрыԥхьаӡоит,

Акгьы зымҳәогьы дҟәышуп ҳәа угәы иаанагоит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра