Ажәамаанақәа
2 Ауаҩы имҩақәа зегь иашоушәа игәы иабоит,
Аха Иегова уи игәҭакқәа ҭиҵаауеит.
3 Уусқәа зегьы Иегова инапы ианҵа,
Усҟан угәҭакқәа наӡоит.
4 Иегова иҟаиҵо зегьы игәҭакқәа рынагӡаразы иҟаиҵоит,
Ауаа цәгьақәагьы арыцҳара амш аҽны иқәгахоит.
5 Иегова иԥагьоу ауаҩы дицәымӷуп,
Агәра ганы уҟаз: уи иқәнага дақәдмыршәакәа дзаанхаӡом.
6 Гәыбылрала иҭәу абзиабареи азиашареи угхақәа уанарыжьуеит,
Иегова иҿаԥхьа аҳаҭырқәҵара зныԥшуа ашәара аазырԥшуа ацәгьара амԥан дықәлаӡом.
7 Ауаҩы имҩақәа Иегова игәы ианахәо,
Иаӷацәагьы инышәартә иҟаиҵоит.
8 Иумоу маҷзаргьы, ииашаны ухы мҩаԥугалар еиҳа еиӷьуп,
Амц ҳәаны ирацәаны иурҳалар аасҭа.
9 Ауаҩы иԥсҭазаараҿы иҟаиҵаша дазхәыцуеит,
Аха Иегова иоуп ишьаҿақәа ахырхарҭа рызҭо.
10 Аҳ ииҳәо Анцәа иӡбарақәа ирықәшәозар ауп,
Иара аӡә иус ииашамкәа ахаан имыӡбароуп.
11 Аиаша зҳәо акапанга Иегова итәуп,
Иара иоуп изтәу амакәан иҭоу агьырақәа зегьы.
12 Аҳцәа аус цәгьақәа рцәымӷуп,
Избанзар аҳ итәарҭаҭыԥ злагылоу аиашара абзоуралоуп.
13 Ауаа ииашоу анырҳәо, аҳцәа ргәы иахәоит,
Дара аиаша зҳәо бзиа дырбоит.
14 Аҳ игәыԥжәара шәаџьҳәаҩуп,
Аха ауаҩ ҟәыш уи дирҭынчуеит*.
15 Аҳ ихы-иҿы анылашо ԥсҭазаароуп,
Иразра ааԥынра ақәа лазышьҭуа аԥҭа иаҩызоуп.
16 Шаҟа еиӷьузеи ахьы акәымкәа аҟәыӷара арҳара!
Аилкаара арҳара еиҳа еиӷьуп араӡны аасҭа.
17 Ауаа иашақәа рымҩа ацәгьара иацәыхароуп,
Зымҩа иацклаԥшуа иԥсҭазаара ихьчоит.
18 Аԥагьара ауаҩы дҭанархоит,
Ахышьҭыхра — дканажьуеит.
19 Аҟәымшәышәқәа рыбжьара ахынраалара улазар еиҳа еиӷьуп,
Зхы ҳаразкуа амал* рыцеиҩушалар аасҭа.
20 Аус аилкаара иашьҭоу ақәҿиара иоуеит,
Иегова иқәгәыӷуагьы насыԥ имоуп.
21 Иҟәышу* ауаҩы аилкаара змоу ҳәа изырҳәалоит,
Ауаҩы хаала данцәажәо, ииҳәо еиҳагьы агәра угоит.
22 Аҟәышра змоу рзы уи ԥсҭазаароуп,
Агаӡақәа ргаӡара рықәнага иақәнаршәоит.
23 Ауаҩ ҟәыш иажәа раӡаны дцәажәоит,
Ииҳәогьы агәра угартә иҟоуп.
24 Ажәа хаақәа асаранџь иаҩызоуп,
Угәы дырхаауеит*, убаҩқәа дырӷәӷәоит.
25 Иҟоуп ауаҩы ииашоуп ҳәа игәы иаанаго амҩа,
Аха аҵыхәтәаны уи аԥсрахьы днанагоит.
26 Амлакра* ауаҩы аус инаруеит,
Избанзар акримфар ауӡом.
27 Ауаҩы гмыг ацәгьара цәыҵиԥшаауеит,
Иажәақәагьы амцаԥшь иаҩызоуп.
28 Аҵәыршҩы аимак-аиҿак ирҿиоит,
Иҟам-ианым зҳәо аҩызцәа гәакьақәа еилихуеит.
29 Арыцҳашьара злам ауаҩы изааигәоу джьаны дхихуеит,
Нас ииашам амҩа дықәиҵоит.
30 Иара ацәгьара ршуа длацәҟәысуеит,
Иқьышәқәа еимарӷәӷәаны иус ҟьашь ҟаиҵоит.
31 Ашлара — гәыргьын ԥшӡоуп,
Ауаҩы уи амҩа иашаҿы ирҳазар.
32 Ачҳара змоу иӷәӷәоу иаасҭа деиӷьуп,
Аҽынкылара змоу ақалақь згаз диеиӷьуп.
33 Ауаҩы аҵәы ҭеиԥсоит*,
Аха уи ала аҭак изҭо Иегова иоуп.