Ажәамаанақәа
2 Иҟәышу анцәажәо, рдыррақәа ишахәҭоу еиԥш рхы иадырхәоит,
Агаӡақәа ргаӡара иаразнак иаадырԥшуеит.
3 Иегова зегь ибоит,
Иара ауаа цәгьақәагьы ауаа бзиақәагьы гәеиҭоит.
6 Ауаҩ иаша иҩны амал ду ҩноуп,
Ауаҩы цәгьа ихашәалахәы* агәаҟра изаанагоит.
7 Иҟәышу адырра урҭоит,
Агаӡақәа ус ҟарҵаӡом.
8 Ауаа цәгьақәа ркәырбан Иегова ицәымӷуп,
Ауаа иашақәа рыҳәара игәы иахәоит.
9 Иегова ауаҩы цәгьа ихымҩаԥгашьа ицәымӷуп,
Ииашоу аҟаҵара иашьҭоу бзиа дибоит.
10 Амҩа иаша ианыҵуа данырыбжьо бзиа ибаӡом,
Дандыриашо зцәымӷу дыԥсуеит.
11 Анышәынҭреи* аԥсцәа ахьбаауа аҭыԥи* Иегова ибарҭазар,
Ауаа рыгәқәа еиҳагьы ибоит.
12 Ахыччаҩ дзыриашо бзиа дибаӡом,
Иара иҟәышу дрыдҵаалаӡом.
13 Ауаҩы дангәырӷьо*, ихы-иҿы лашоит,
Агәхьаа игәы канажьуеит.
15 Игәаҟуа имшқәа зегь гәырҩала иҭәуп,
Згәы ҭгәырӷьаауа изы еснагь чароуп.
16 Иумоу маҷзар, аха Иегова уицәшәозар* еиҳа еиӷьуп,
Амал ду умазар, арахь агәҭынчра умамзар аасҭа.
17 Абзиабара ахьыҟоу аҩнаҿы ауҭраҭых иалху афатә уфалар еиҳа еиӷьуп,
Аицәымӷра ахьыҟоу аҩнаҿы ацә ԥсыла уфалар аасҭа.
18 Аԥырқьҳәа иҵҟьо аиҿыхарақәа ирҿиоит,
Згәы иаразнак иԥымжәо аҭыӡшәа ааникылоит.
19 Аашьаҩ имҩа ақәыцаанда иаҩызоуп,
Ауаа иашақәа рымҩа ииашаӡа иҟоуп.
20 Иҟәышу аҷкәын иаб диргәырӷьоит,
Ауаҩы гаӡа иан дицәымӷуп.
21 Ахшыҩ змам* агаӡара деигәырӷьоит,
Иҟәышу ииашаӡа иҟоу амҩала дцоит.
22 Аилацәажәара ахьыҟам аусқәа хыбгалоит,
Абжьгаҩцәа ахьырацәоу ақәҿиара ҟалоит.
23 Ауаҩы ииашоу аҭак аныҟаиҵо дгәырӷьоит,
Шаҟа ибзиоузеи ианаамҭоу иҳәоу ажәа!
24 Иҟәышу ауаҩы аԥсҭазаара амҩала дцоит, хыхь ухазгало амҩала,
Иара анышәынҭрахь* узго амҩа дацәцоит.
25 Иегова зхы ҳаразкуа рыҩнқәа ирбгоит,
Аха аԥҳәысеиба лыдгьыл аҳәаақәа ихьчалоит.
26 Иегова ауаа цәгьақәа рыгәҭакқәа ицәымӷуп,
Ажәа хаақәа игәы иахәоит.
29 Иегова ауаа цәгьақәа дырцәыхароуп,
Ауаа иашақәа рыҳәара иаҳауеит.
30 Ауаҩы илақәа аныччо*, угәы ҭгәырӷьаауеит,
Ажәабжь бзиа убаҩқәа арӷәӷәоит.
31 Ауаҩы дандыриашо иарҳәо идикылозар, аԥсҭазаара иоуеит,
Уи ариашара дҟәышны дҟанаҵоит.
32 Амҩақәҵара здызымкыло аԥсҭазаара ицәымӷуп,
Дандыриашо иарҳәо здызкыло дҟәышхоит.
33 Иегова иҿаԥхьа аҳаҭырқәҵара зныԥшуа ашәара умазар, аҟәышра аарԥшышьа уҵоит,
Ахынраалара умазар, ахьӡ-аԥша уоуеит.