Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ажәамаанақәа 14
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ажәамаанақәа. Ахҳәаа

    • СОЛОМОН ИАЖӘАМААНАҚӘА (10:1—24:34)

Ажәамаанақәа 14:2

Албаагақәа

  • *

    Ма «ҳаҭыр ду иқәиҵоит». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анцәа ицәшәара».

Ажәамаанақәа 14:8

Албаагақәа

  • *

    Мамзаргьы иҟалап «егьырҭ ржьоит».

Ажәамаанақәа 14:15

Албаагақәа

  • *

    Ма «игаӡоу».

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    2/2023, ад. 23

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 35

Ажәамаанақәа 14:16

Албаагақәа

  • *

    Ма «иԥсахы еибакуеит».

Ажәамаанақәа 14:20

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    8/2018, ад. 11—12

Ажәамаанақәа 14:26

Албаагақәа

  • *

    Ма «ҳаҭыр ду иқәызҵо». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анцәа ицәшәара».

Ажәамаанақәа 14:30

Албаагақәа

  • *

    Ма «агәабзиара».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
  • 33
  • 34
  • 35
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ажәамаанақәа 14:1–35

Ажәамаанақәа

14 Аԥҳәыс ҟәыш лнапала лыҩны еиҿылкаауеит,

Аԥҳәыс гаӡа лыҩны лнапала илырбгоит.

 2 Ииашоу ҟазҵо Иегова дицәшәоит*,

Амц зҳәо ауаҩы Анцәа хьаас димаӡам.

 3 Зхы ҳаразкуа агаӡақәа ражәақәа иуаахо алаба иаҩызоуп,

Иҟәышу ирҳәо иахьчоит.

 4 Арахә ахьыҟам ачыхәчара цқьоуп,

Ацә бзиа аҽаҩра беиа унаҭоит.

 5 Узықәгәыӷыртә иҟоу ашаҳаҭҩы амц иҳәаӡом,

Амцшаҳаҭҩы иааиҳәо зегь мцуп.

 6 Ахыччаҩ аҟәыӷара аԥшаара дашьҭоуп, аха изыԥшааӡом,

Аҟәыш адырра арҳара изымариоуп.

 7 Агаӡа имԥан уқәымлан,

Иара иҟынтә иҟәышу ажәакгьы уаҳаӡом.

 8 Аҟәыӷара иҟәышу дызну амҩа иеилнаркаауеит,

Агаӡақәа ргаӡара иажьоит*.

 9 Агаӡақәа рыгхақәа хьаас ирымаӡам,

Ауаа иашақәа аинышәара иазхиоуп.

10 Агәы иамоу агәырҩа иара иадыруеит,

Уи иамоу агәырӷьара аӡәгьы изеилкааӡом.

11 Ауаа цәгьақәа рыҩны ықәгахоит,

Ауаа иашақәа рыҩны шәҭыкакаҷлоит.

12 Иҟоуп ауаҩы ииашоуп ҳәа игәы иаанаго амҩа,

Аха аҵыхәтәаны уи аԥсрахьы днанагоит.

13 Ауаҩы дыччозаргьы, игәы ахьаа ҭазар алшоит,

Агәырӷьарагьы гәырҩала инҵәар ауеит.

14 Анцәа изымхәыцуа ауаҩы ихымҩаԥгашьа алҵшәақәа ддыргәаҟлоит,

Ауаҩ бзиа иусқәа рзы абзиарақәа изыԥшуп.

15 Аԥышәа змам* ауаҩы иаарҳәо зегь агәра игоит,

Иҟәышу ишьаҿақәа зегьы дрызхәыцуеит.

16 Аҟәыш игәиҽануп, ацәгьара амԥан дықәлаӡом,

Агаӡа дхәыцӡом*, ихы дақәгәыӷцәоит.

17 Аԥырқьҳәа еицрашәо дуаҩы гаӡоуп,

Зегь ибзианы иазхәыцуа дырцәымӷуп.

18 Аԥышәа змам ргаӡара аадырԥшлоит,

Иҟәышу рдырра агәыргьын еиԥш иарԥшӡалоит.

19 Ауаа цәгьақәа ауаа бзиақәа иреихырхәалоит,

Ацәгьаҟаҵаҩцәагьы ауаа иашақәа ргәашә аԥхьа ихырхәалоит.

20 Аӷар изааигәоугьы дырцәымӷуп,

Абеиа аҩызцәа рацәаны имоуп.

21 Ауаҩы изааигәоу дицәымӷзар, агәнаҳа ҟаиҵоит,

Арыцҳацәа рыцҳазшьо насыԥ имоуп.

22 Ацәгьара згәы иҭазкуа рымҩа иахымҟьаӡои?

Абзиара аҟаҵара иашьҭоу рахь гәыбылрала иҭәу абзиабареи азиашареи аадырԥшуеит.

23 Аџьабаа ду ахәарҭа аанагоит,

Ацәажәара мацарақәа ахьыҟоу ӷаррахоит.

24 Иҟәышу ргәыргьын — рмазара ауп,

Агаӡақәа ргаӡара заҵәык рзынхоит.

25 Узықәгәыӷыртә иҟоу ашаҳаҭҩы ауаа рыԥсқәа еиқәирхоит,

Амц зҳәо ашаҳаҭҩы иааиҳәо зегьы мцуп.

26 Иегова ицәшәо* зегь рыла уи игәра игоит,

Ихәыҷқәагьы зегь рыла ихьчазаауеит.

27 Иегова иҿаԥхьа аҳаҭырқәҵара зныԥшуа ашәара аарԥшра ԥсҭазаароуп,

Уи аԥсра акаҭа аҟынтә уахьчоит.

28 Знапаҵаҟа ажәлар ду ыҟоу аҳ ахьӡ-аԥша ду имоуп,

Инапаҵаҟа ажәлар ыҟамзар, имчра аҵыхәтәа ԥҵәоит.

29 Згәы иаразнак иԥымжәо аҭагылазаашьа ибзианы еиликаауеит,

Ачҳара змам игаӡара ааирԥшуеит.

30 Агә ҭынч уцәеижь аԥсҭазаара* анаҭоит,

Ашьыцра убаҩқәа арбаауеит.

31 Аӷар зхы дазырхәо Дызшаз длаирҟәуеит,

Арыцҳа дрыцҳазшьо Анцәа дҳареикуеит.

32 Ацәгьаҟаҵаҩ иус цәгьақәа дҭадырхоит,

Ауаҩ иаша ицқьара дахьчоит.

33 Ауаҩ ҟәыш иҟәыӷара дахыҽхәаӡом,

Агаӡақәа ирдыруа зегьы ирарҳәоит.

34 Ииашоу ҟазҵо ажәлар ҳаракхоит,

Агәнаҳа ахьымӡӷ днаргоит.

35 Аҳ ииашаны зхы мҩаԥызго имаҵуҩы игәы дахәоит,

Аха аԥхамшьа игәы изыԥжәоит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра