Ажәамаанақәа
13 Иҟәышу аҷкәын иаб имҩақәҵара* дазыӡырҩуеит,
Ахыччаҩ дандыриашо, иарҳәо идикылаӡом.
2 Ауаҩы иажәақәа иаарго алҵшәа бзиақәа дрылагәырӷьалоит,
Згәы цқьам ракәзар, ақәымчра иазгәышьуеит.
3 Зыбз иацклаԥшуа иԥсҭазаара ихьчоит,
Зыбз аанызымкыло ихы ҭаирхоит.
4 Аашьаҩ ииҭаху рацәоуп, аха акгьы имаӡам,
Аџьабаа збо игәаҳәарақәа зегь наӡоит.
5 Ауаҩ иаша амц ицәымӷуп,
Агәнаҳаҟаҵаҩцәа русқәа аԥхашьареи ахьымӡӷи рхылҿиаауеит.
6 Аиашара ауаҩы цқьа дахьчоит,
Ацәгьара агәнаҳаҟаҵаҩ дҭанархоит.
7 Аӡәы амал имоушәа ихы ааирԥшуеит, арахь акгьы имаӡам,
Егьи акгьы имамшәа ҟаиҵоит, арахь амал ду имоуп.
8 Амал змоу рыԥсы ҿырхырц азы ахә ахыршәаауеит,
Иӷару рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылаӡам.
9 Ауаа иашақәа рылашара каҷҷоит*,
Ауаа цәгьақәа ркәаҷабқәа ҿыцәаауеит.
10 Ахақәгәыӷцәара аимак-аиҿак ауп иарҿио,
Алабжьара иашьҭоу* аҟәыӷара рымоуп.
11 Имарианы* иурҳауа амал ниаӡаа ицоит,
Хәыҷы-хәыҷла еидызкыло еиҳагьы дбеиахоит.
12 Уззыԥшу* акыраамҭа ианыҟамло угәы ухьуеит,
Инаӡаз угәаҳәара аԥсҭазаара узҭо аҵла иаҩызоуп.
14 Иҟәышу рылабжьарақәа* — ԥсҭазаароуп,
Урҭ аԥсра акаҭа уацәырыхьчоит.
15 Аилкаара змоу ауаҩы ахьӡ бзиа ирҳауеит,
Амцҳәаҩцәа ракәзар, рыԥсҭазаара цәгьоуп.
16 Иҟәышу хшыҩла ихы мҩаԥигоит,
Агаӡа игаӡара зегьы идирбоит.
17 Амц зҳәо* ацҳаражәҳәаҩ арыцҳара дақәшәоит,
Зыгәра угартә иҟоу ацҳаражәҳәаҩ ииҳәо уахәышәтәуеит.
18 Амҩақәҵара хьаас измам аӷарреи ахьымӡӷи изыԥшуп,
Дандыриашо иарҳәо здызкыло ахьӡ-аԥша иоуеит.
19 Ауаҩы игәаҳәара анынаӡо игәы иахәоит,
Аха ахшыҩ змам ацәгьара иацәхьаҵыр рҭахӡам.
21 Агәнаҳаҟаҵаҩцәа арыцҳарақәа ирышьҭоуп,
Ауаа иашақәа ракәзар, абзиарақәа рацәаны ирзыԥшуп.
22 Ауаҩ бзиа имоҭацәа ирҭынхаша рзаанижьуеит,
Агәнаҳаҟаҵаҩ имал ауаҩ иаша изынхоит.
23 Аӷар имхы аҽаҩра беиа инаҭоит,
Аха аиашамра уи имнахыр* ауеит.
24 Зыҷкәын дзымбжьо* дицәымӷуп,
Бзиа дызбо ишақәнагоу еиԥш диааӡоит.
25 Ауаҩ иаша иԥсы ҭәаанӡа акрифоит,
Ауаа цәгьақәа рымгәа ҭацәуп.