Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ажәамаанақәа 12
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ажәамаанақәа. Ахҳәаа

    • СОЛОМОН ИАЖӘАМААНАҚӘА (10:1—24:34)

Ажәамаанақәа 12:1

Албаагақәа

  • *

    Шәахәаԥш Ажәар.

Ажәамаанақәа 12:11

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «агәы имаӡам».

Ажәамаанақәа 12:16

Албаагақәа

  • *

    Ма «аҽныҵәҟьа».

Ажәамаанақәа 12:18

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 51

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    9/2018, ад. 12

    «Анцәа ибзиабара», ад. 134—135

    «Аҭаацәаратә насыԥ», ад. 147

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ажәамаанақәа 12:1–28

Ажәамаанақәа

12 Амҩақәҵара* бзиа избо адырра бзиа ибоит,

Дандыриашо зцәымӷу ахшыҩ имаӡам.

 2 Ауаҩ бзиа Иегова иразра ирҳауеит,

Аха Анцәа ацәгьара згәы иҭазкуа диқәыӡбоит.

 3 Ацәгьара ҟазҵо ауаҩы дымшәа-дмырҳа дзынхалаӡом,

Ауаҩ иаша иакәзар, здац ианкны иузыҵымхуа аҵла даҩызахоит.

 4 Аԥҳәыс бзиа лхаҵа изы дгәыргьынуп,

Зхаҵа дзырԥхашьо аԥҳәыс ибаҩқәа зырбаауа ачымазара даҩызоуп.

 5 Ауаа иашақәа ирхәыцуа ииашоу ауп изызку,

Ауаа цәгьақәа иуабжьарго уажьоит.

 6 Ауаа цәгьақәа ражәақәа узшьуа ацәҟьа иаҩызоуп,

Ауаа иашақәа ирҳәо уеиқәнархоит.

 7 Ацәгьаҟаҵаҩцәа анықәыргалак, иқәӡаауеит,

Ауаа иашақәа рыҩны иӷәӷәаӡа игылазаауеит.

 8 Зажәақәа ирыцклаԥшуа ддырҽхәалоит,

Згәы цқьам иакәзар, дырцәымӷзаауеит.

 9 Ууаҩ дуумзар, аха амаҵуҩы думазар еиҳа еиӷьуп,

Ухы урҽхәозар, арахь иуфо умамкәа уҟазар аасҭа.

10 Ауаҩ иаша ирахә деиҷаҳауеит,

Ауаҩы цәгьа арыцҳашьара анааирԥшуагьы дыџьбароуп.

11 Зыдгьыл иқәаарыхуа игәы ҭәызаауеит,

Акгьы иаԥсам иҩуа иашьҭоу ахшыҩ имаӡам*.

12 Ауаҩы цәгьа егьырҭ ацәгьаҟаҵаҩцәа иркыз даҵашьыцуеит,

Ауаҩ иаша ашәыр зҿало аҵла даҩызоуп.

13 Агәнаҳаҟаҵаҩ игәнаҳау иажәақәа рыцәҟьа даҿашәоит,

Ауаҩ иаша арыцҳарақәа дрыцәцоит.

14 Ауаҩы иажәақәа иаарго алҵшәа бзиақәа дрылагәырӷьоит,

Иџьабаа аҳамҭа инаҭоит.

15 Агаӡа амҩа иаша дықәу џьишьоит,

Аҟәыш алабжьара идикылоит.

16 Агаӡа иаразнак* игәыԥжәара ааирԥшуеит,

Аҟәыш — длазырҟәуа ажәақәа игәы иаирсӡом.

17 Зыгәра угартә иҟоу ашаҳаҭҩы аиаша иҳәоит,

Амцшаҳаҭҩы мцуп ииҳәо.

18 Аӡә дымхәыцӡакәа данцәажәо, а́ҳәа уахәызшәа уихәуеит,

Иҟәыӷоу рыбз уахәышәтәуеит.

19 Аиаша зҳәо аҿы наӡаӡа иаанхоит,

Амц зҳәо абз анҵыра амаӡам.

20 Ацәгьара згәы иҭазкуа ргәаҭа цқьаӡам,

Аҭынчра иашьҭоу агәырӷьара рымоуп.

21 Ауаҩ иаша арыцҳара дақәшәаӡом,

Ауаа цәгьақәа рыԥсҭазаара рыцҳарала иҭәуеит.

22 Иегова амц зҳәо дицәымӷуп,

Зыгәра угартә иҟоу ауаҩы игәы дахәоит.

23 Иҟәышу ауаҩы шаҟа идыруа ааирԥшӡом,

Агаӡа игаӡара иаразнак иааирԥшуеит.

24 Аџьабаа иацәымаашьо — напхгара рулоит,

Аашьаҩцәа — маҵуцәас иҟарҵоит.

25 Агәҭынчымра ауаҩы игәы канажьуеит,

Ажәа хаа игәы шьҭнахуеит.

26 Ауаҩ иаша ирахә рзы зегь иреиӷьу аҳәырҭақәа иԥшаауеит,

Ауаа цәгьақәа ракәзар, изну амҩа иарҟьалоит.

27 Аашьаҩ ашәарах изыкӡом,

Аџьабаа ацәымаашьара зыхә ҳараку мазароуп ауаҩы изы.

28 Аиашара амҩа аԥсҭазаарахь укылнагоит,

Уи амҩаҿы аԥсра ыҟаӡам.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра